Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Sputnik амчыбжь: амаҵураҭыԥ ҿыцқәа, апарламент аӡбрақәа

© Sputnik / Томас Тхайцук Здание Парламента Абхазии
Здание Парламента Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 06.11.2023
Анапаҵаҩра
Ииасыз амчыбжь азы Аԥсны жәабыжь ҿыцқәаны иалкаахеит амаҵураҭыԥ ҿыцқәа риура, Апарламент асессиа аилатәара, закәаншьаҭада гәыԥҩык палистинаа Аԥсны ралалара аҽазышәара.
Sputnik

Закәаншьаҭада атәыла алалара аҽазышәара

Агәаҭара аушьҭырҭатә-ҭыԥ "Егры" ала Аԥсныҟа иҭалар зҭахыз Палестинатәи ахҵәацәа ргәыԥ аҳәаа рахысра аԥдырҟәҟәааит Урыстәылатәи аҳәаахьчаҩцәа ҳәа арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит Аԥсны Ашәарҭадаратә хеилак амаӡаныҟәгаҩ Сергеи Шамба.
Иара иажәақәа рыла, ахәыҷқәа назлаз жәахаҩык ауаа Аԥсны аҳәаа иахысны Урыстәылаҟа ацара ргәы иҭаркит. Ахҵәацәа урыстәылатәи аҳәаахьчаҩцәа иааныркылеит, анаҩс аԥснытәи азинхьчаҩцәа ирырҭеит.
"Аԥсны иалсны Урыстәылаҟа ацара рыгәҭакын. Қырҭтәыла ирарҳәеит Егры нырцә ала Урыстәылаҟа шәцар шәылшоит ҳәа", - иҳәеит Шамба.
Шамба ишиҳәаз ала, азакәан инақәыршәаны закәаншьаҭада аҳәаа иахысуаз ауаа аҭакԥхықәра иақәыршәатәын, аха иҟоу аҭагылазаашьа азгәаҭаны ахҵәацәа Қырҭтәылаҟа ирхынҳәын.

Амаҵураҭыԥқәа аҿыцқәа рахаргылара

Жьҭаара 30 рзы Даур Ақаҩба Гал араион ахада Константин Ԥлиа ихаҭыԥуаҩс дҟаҵоуп ҳәа аанацҳаит "ГалМедиа".
Уаанӡа Даур Ақаҩба и-Telegram-канал аҿы иҳәахьан, Аԥсны акультура аминистр имаҵура шаанижьуа даҽа усурҭаҭыԥк ахь дахьиасуа инамаданы. Иара уа аус иуан 2022 шықәса мшаԥы 6 инаркны.
Зураб Џьапуа Аԥсны аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа ахадас деиҭалхуп.
Жьҭаара 30 рзы Академиаҿ имҩаԥысыз маӡалатәи абжьыҭарала Зураб Џьапуа даҽа хәышықәса Аԥсны аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа ахадас дыҟазаауеит.
Шьамтәыла иҟоу Аԥсны ацҳаражәҳәаҩ ихаҭыԥуаҩ Муҳаммад Али Шьамтәылатәи Арабтә Респуликаҟны Аԥсны ацҳаражәҳәаҩс дҟаҵоуп.
Аусԥҟа инапы аҵаиҩит атәыла ахада Аслан Бжьаниа жьҭаара 31 рзы.
Флаги Сирии и Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 01.11.2023
Аԥсны
Арӡынба: Шьамтәыла ацҳаражәҳәарҭа жәларбжьаратәи аимадарақәа рзы акраҵанакуаны иҟоуп
Атәыла ахада Иусбарҭеи АИХ-қәеи реимадараз аусбарҭа аамҭала аиҳабы инапынҵақәа рынагӡара лыдҵоуп Ҭеолина Арышԥҳа.
Атәыла ахада Аслан Бжьаниа идҵала Ахра Смыр имаҵура аҟынтә ихы дақәиҭтәуп даҽа усурак ахь дахьиасуа инамаданы.
Абҵара 1 азы Беслан Џьопуа Аԥсны аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩ имаҵура аҟынтәи ихы дақәиҭтәын. Ари аҭыԥ аҟны днагоуп Атәыла ахада иусбарҭа анапхгаҩыс иҟаз Џьансыхә Нанба.
Абҵара 3 рзы Аԥсны аҳәынҭшәарҭадара амаҵзура ҷыда ахада ихаҭыԥуаҩс даҭоуп Саид Зыхәба.

Апарламент аилатәара

Абҵара 2 рзы имҩаԥысыз Жәлар Реизара аилатәараҟны амшхәаԥштә аҟны иқәгылан 17 зҵаара.
Апарламент аҳазалхратә закәанеидкыла аусура алагаразы азин ҟанаҵеит. Зынӡа адокумент шьақәгылоуп 10 ҟәшаки 488 хәҭаҷи рыла. Иара иазԥхьагәанаҭоит аҳазалхратә операциақәа раан аинформациатә технологиақәа реишьашәалара, уи иабзоураны имаҷхоит адәныҟаекономикатә ус знапы алакәу раамҭеи рныхрақәеи.
Аԥсны Жәлар Реизара аҳәынҭқарра-зинтә политиказы аилак аилатәараҿы иахәаԥшит "Аԥсны Аҳәынҭқарраҿы аҳәаанырцәуаа рзинтә ҭагылазаашьазы" азакәан аԥсахрақәа ралагалара азҵаара. Азакәан апроект рыдыркылеит актәи аԥхьарала.
Азакәан апроект аҿы ирыдгалоуп азакәан ахәҭаҷқәа 10, 34 рҟны анхараз азин аҿҳәара хәышықәса аҟынтәи жәашықәса ҳәа ашьақәыргылара, Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра аҳәаанырцәуаа ирнаҭо адокументқәа реиқәыԥхьаӡа шьақәыргылазарц.
Здание Парламента Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 02.11.2023
Аԥсны
Урыстәылеи Аԥсни рыбжьара атауарқәа рыла ахәаахәҭразы аиқәшаҳаҭра аԥсахрақәа алагалоуп
Аԥсны Апарламент аҩбатәи аҵыхәтәантәи аԥхьарала ишьақәнырӷәӷәеит Аԥсни Урыстәылеи ирыбжьоу атауарқәа рыла ахәҳаахәҭразы аиҳабырабжьаратә еиқәшаҳаҭра иалагалаз аԥсахрақәа. Аԥкаанҵаҟны Урыстәылантәи Аԥсныҟа баџьда иаарго атауарқәа рсиа иарбоуп иӡшьартәу агаз.

Ахада агәаҭарақәа мҩаԥигеит

Абҵара 2 рзы Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Аҟәа имҩаԥысуа арҽеира-аиҭашьақәыргыларатә усурақәа шцо гәеиҭеит.
Атәыла ахада изеиҭарҳәеит Арӡынба имҩаҿы арҽеиратә усурақәа шымҩаԥысуа, Агәмаа имҩа инаркны Титов имҩаҟынӡа 550 метра адгьылаҵатә цәаҳәақәа шыԥсаху, акаҭран ақәҵара ишалаго.
Аҟәа ақалақь ахада Беслан Ешба Бжьаниа изеиҭеиҳәеит аӡиас Басла ихырҵаз ацҳа ҿыц аҿы аныҟәара зцәыуадаҩу ауаа рзы алифт шықәыргылахо 2024 шықәсазы.
Анаҩс Аслан Бжьаниа днеит Тарас Шамба ихьӡ зху апарк ахь. Уа аусурақәа абҵара 17 рзы ихыркәшахароуп.
Аслан Бжания проинспектировал ремонтные работы в Сухуме - Sputnik Аҧсны, 1920, 02.11.2023
Аԥсны араионқәеи ақалақьқәеи реиҿкаара
Аслан Бжьаниа Аҟәа имҩаԥысуа аремонттә усурақәа шцо гәеиҭеит
Иара убас, Аслан Бжьаниа даҭааит Ацҳа ҟаԥшь, Ҷанба имҩа, Аҳабла ҿыц рҿы имҩаԥырго арҽеирақәа, ахәшьара аиҭеит Аҟәатәи ашьхаҿы аӡыршәи анаԥшааԥшырҭатә ҭыԥи реиҭашьақәыргыларазы ицо аусурақәа.

Ахәԥса агырхара

Аԥсны анефтаалыҵқәа рыхәԥса иагырхоуп абҵара 1 инаркны, хаҭала абензин АИ-92 — 4,5 мааҭ рҟынӡа, ҳәа лҳәеит атәыла ахада имҩаԥигаз аилатәараҟны аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озган.
Атәыла ахада "Аԥсны Аҳәынҭқарра 2022-2025 шш. асоциал-економикатә ҿиара" Аҳәынҭқарратә Программа анагӡара амҩаԥысшьа иазкны аилацәажәара мҩаԥигеит.
Аслан Бжания провел совещание  - Sputnik Аҧсны, 1920, 02.11.2023
Аԥсны
Бжьаниа Аԥсны асоциал-економикатә ҿиара апрограммаз аилацәажәара мҩаԥигеит

Ашьаус

Абҵара 1 азы Аҟәа ақалақь апрокуратура ашьаус хацнаркит амилициауаа рганахь ала амч зхы иазырхәаз атәылауаа рзы.
Жьҭаара 23 рзы амилициа аусзуҩцәа административтә хьырхәра иаҵаркыз Асҭамыр Сабекиа изыԥҵәаз аҿҳәара ахьынҵәаз азы иаанкылара рҽазыршәеит. Асҭамыр Сабекиеи Павел Теребови еицын, анаҩс урҭ ирыцлеит гәыԥҩык ауаа. Дара зегьы еидгыланы азинхьчаҩцәа иреисит.
Иара убри аҽны ахәылбыҽха Аҟәа, Чалмаз имҩаҿы игылоу аҩнеихагыла ашҭаҿы азинеилагаҩцәа раанкылара рҽазыршәеит. Амилициауаа аҿагылара рырҭеит 50-ҩык рҟынӡа ауаа.
Аамҭақәак рышьҭахь Нестор Џьопуа дааныркылоит. Атәылауаа Киркинаӡе И.В., Џьынџьал Д.Д., Лабжаниа Л.Р., Сабекиа А.Д. амилициа аусзуҩцәа иааныркылаз игараҿы ирԥырхагахеит, аматериалтә ԥхасҭа рырҭеит.
Прокуратура Сухума  - Sputnik Аҧсны, 1920, 01.11.2023
Аԥсны
Амилициауаа рганахь ала амч зхы иазырхәаз атәылауаа рзы ашьаус хацыркуп

Амчыбжь аиааирақәа

Аԥсны Абанк иҭнажьыз агәаларшәагатә ԥараҿырпы "Афон ҿыц" ахԥатәи аҭыԥ ннакылеит аԥараҿырпқәа рзы XVII жәларбжьаратәи аицлабра "Аԥараҿырпқәа реҵәаџьаа" аҟны "Аоригиналтә технологиа" аноминациала.
Аицлабра иалахәын 18 тәыла рҟынтәи 23-ҩык.
Аԥараҿырп "Афон ҿыц" – "Аԥсны Аҳәынҭқарра аҭыԥ ԥшӡаррақәа" рсериа иаҵанакуа хә-ԥараҿырпык ируакуп. Аҩнуҵҟатәи аган акомпозиттә материал "Пламет" иалхуп, аԥшшәы змоу аполиграфиатә сахьала иҩычоуп, адәныҟатә кәыршара алиумин иалху кәылџьуп.

Арҵаратә цәыргақәҵа

Аҩбатәи Жәларбжьаратәи арҵаратә цәыргақәҵа аатит Аҟәа, абҵара 1 азы. Ауснагӡатә еиҿнакааит Россотрудничество ахаҭарнакра, имҩаԥысуан Аҟәа иҟоу "Москва аҩны" аҟны.
Аԥсны иҟоу Россотрудничество Ахаҭарнакра анапхгаҩы Дмитри Федотов иажәақәа рыла, ауснагӡатә иалахәын Аԥсны араионқәа зегь рҟынтәи ашколхәыҷқәа. Иара иазгәеиҭеит ацәыргақәҵа шыцхыраагӡоу аԥсуа школхәыҷқәа рзы, дара аҵараусбарҭақәа ирнаҭо алшарақәа лабҿаба ирбарц шрылшо.
Аԥсны аҵара аминистр ихаҭыԥуаҩ Ада Кәарҷелиаԥҳа ҭабуп ҳәа ахылҳәааит Россотрудничество имҩаԥнагаз ауснагӡатә.
Кәарҷелиаԥҳа арҵаратә цәыргақәҵазы: ашколхәыҷқәа рацәаны иаднаԥхьалеит - Sputnik Аҧсны, 1920, 03.11.2023
Арадио
Кәарҷелиаԥҳа арҵаратә цәыргақәҵазы: ашколхәыҷқәа рацәаҩны иаднаԥхьалеит
Аусҳәарҭабжьаратә ҵаратә цәыргақәҵа рҽаладырхәырц Аԥсныҟа иааит Державин ихьӡ зху Тамбовтәи ауниверситет, Ҟәбантәи аҳәынҭқарартә университет, Пирогов ихьӡ зху амедицинатә Университет, Санкт-Петербургтәи атехнологиақәеи адизаини руниверситет назлоу 12 ҵараиурҭа. Ацәыргақәҵа хақәкыс иаман иреиҳау аҵарадырра аусхк аҿы аихьӡарақәа раарԥшреи урыстәылатәи арҵаратә программақәа ауаажәларра радԥхьалареи.

Анапынҵадатә хшәаарақәа

Аԥсны абанк анапынҵадатә хшәаарақәеи аелектронтә коммерциеи аланагаларан иҟоуп. Абри атәы арадио Sputnik аефир аҟны иҳәеит Абанк ахаҭарнак.
"Аԥра" ахсаалагақәа змоу ахсаалага МИР ашҟа ашықәс нҵәаанӡа ашәарақәа рхархәарада аԥара ииаргартә еиԥш алшара роуеит. Аԥсны Абанк аинформациатә системақәа рымҩаԥгара аҟәша аиҳабы Ҭемыр Маланӡиа иажәақәа рыла "Аԥра" ахсаалагақәа змоу ашәарақәа рхархәарада аԥара ииаргар рылшалоит ахсаалага МИР ашҟа.
Ажәабжьқәа зегьы
0