Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Гал араионтә еизарахь алхырҭатә ҭыԥ №3 аҿы аиҭалхрақәа заанаҵтәи рылҵшәақәа рыларҳәеит

© Sputnik / Томас Тхайцук Выборы во второй тур в Народное Собрание Абхазии
Выборы во второй тур в Народное Собрание Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 19.11.2023
Анапаҵаҩра
Гал араионтә еизарахь аиҭалхрақәа мҩаԥгатәхеит аус зуа адепутат Алик Бигәаа иԥсҭазаара дахьалҵыз инамаданы. Аиҭалхрақәа абҵара 19 рзы имҩаԥгазааит ҳәа еицҿакрыла иаӡбеит Гал алхратә комиссиа жьҭаара 9 рзы.
АҞӘА, абҵара - Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Гал Алхратә комиссиа хада Араионтә еизарахь алхырҭатә ҭыԥ №3 аҿы аиҭалхрақәа заанаҵтәи рылҵшәақәа рыларҳәеит. Абри атәы еиҭеиҳәеит Гал Алхратә комиссиа хада ахантәаҩы Џьон Гәлариа.

"Алхрақәа ҭынчны имҩаԥысит, еилагарак ыҟамызт, актқәа шьақәыргылоуп, акандидатцәа рҟынтәи анаԥшыҩцәа рнапқәа аҵаҩуп. Рыбжьы рҭиит алхыҩцәа рзеиԥш хыԥхьаӡараҟынтәи 66%. Зынӡа иҭаҩын 195-ҩык, ихарҭәаау асиала - 205-ҩык", - иҳәеит Гәлариа.

Алхырҭатә ҭыԥ №3 аҿы зынӡа рыбжьы арҭеит 123-ҩык. Урҭ рахьтә 76-ҩык ибжьы ирҭеит Инал Аршба, 31 - Сурам Џьынџьал, ф-бжьык иоуит Ахра Кәакәасқьыр, ҩ-бжьык Роберт Гацерелиа.
Гәлариа иажәа иацҵо, иҳәеит арегламент ала аихшьаалатә лҵшәақәа хәымш ирылагӡаны ишӡыргатәу, аха ашәахьа, абҵарамза 20 рзы ирҳәар ҟалап ҳәа.
Ажәабжьқәа зегьы
0