Урыстәыла

Шургалин: "майдан" Украина аҭоурых ҿыц аҿы ишәытаны иаанхеит

© AFP 2023 / BULENT KILICОбщий вид показывает площадь Независимости и горизонт Киева
Общий вид показывает площадь Независимости и горизонт Киева - Sputnik Аҧсны, 1920, 21.11.2023
Анапаҵаҩра
Киев ашҭа хада – "майдан Незалежности" евроидҵара адгылаҩцәа иныркылеит 2013 шықәса абҵара 21 рзы, аиҳабыра Евроеидгылеи Украинеи рыбжьара ассоциациа ашьақәыргыларазы ашәҟәы анапаҵаҩра шааныркыло азы алаҳәара аныҟарҵа ашьҭахь.
АҞӘА, абҵара 21 - Sputnik. Жәашықәса раԥхьа аҭыԥ змаз "майдан" Украина аҭоурых ҿыц аҿы ишәытаны иаанхеит ҳәа иҩуеит Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин истатиа "Украинатәи ахҭысқәа рзы" аҟны.
Ацҳаражәҳәаҩ иажәақәа рыла Украина жәашықәса раԥхьа зхы цәырызгаз аилаҩеиласрақәа иаартны амилаҭеилыхратә ҟазшьа рыман, аҳәынҭқарра азинмчра ахҳәара иазырхан. Арҭ ақәгыларақәа амца рыҵарҵон, иагьрыдгылон ЕАА заԥхьа игылаз мраҭашәаратәи атәылақәа. Америка амаҵзура ҷыдақәа ракәзар, иаартны ахҭысқәа рхы рыларгалон ҳәа иҳәоит Шургалин.
"Иахьа уажәраанӡагьы аҳәынҭқарратә мчра аарҳәра шыҟалази егьырҭ "майдан" ахҭысқәеи иахьа уажәраанӡагьы имаӡоуп, аусҭҵаара аанкылоуп, иҟаҵәҟьаз акәзаргьы инарҳәы-аарҳәны ауп ишалацәажәо. "Майдан" ашьҭахь иара алахәылацәа рышьҭазаара азин ҟазымҵоз азакәан акәзаргьы иахьа уажәраанӡа амчра амоуп ЕАР уи ишаҿагылогьы", - ҳәа аҳәоит астатиа аҟны.
Шургалин иҳәеит "майдан" 2014 шықәсазы Ҟрым Украина алҵреи, Донбасстәи аимаки, 2022 шықәсазы арратә операциа ҷыда алагареи ҵаҵӷәыс ишырзыҟоу.
"2014 шықәса лаҵарамзазы Одессеи Мариуполи аҭыԥ змаз ахҭысқәа, егьырҭ аҭыԥқәа рҿы ауаҩшьрақәеи ашьҭазаарақәеи ихацдыркит аанкылашьа змамыз ахынҭаҩынҭарақәа, анеонацизм, абандитизм, агеноцид, мчыла зегьы рукраинатәра, адинхаҵаҩцәа рыкҿацалара", - ҳәа иҳәеит ацҳаражәҳәаҩ.
Иара иазгәеиҭеит украинатәи анапхгара иахьагьы урҭ аметодқәа мап шырцәырымкуа, рхы ишадырхәо, аҽа гәаанагарак, аҽа хәыцшьак змоу ртәылауаа шкыдырцало.
Жәашықәса рыҩнуҵҟа Украина, еизҳазыӷьаз ҳәынҭқаррак аҟынтәи Европа зегь раасҭа иӷару акәны иҟалеит, асуверенитет ацәыӡит, иацәыӡит аполитикатәи аекономикатәи хьыԥшымра ҳәа иҳәеит Шургалин.
Ажәабжьқәа зегьы
0