Урыстәыла

Израильтәи ари ХАМАСи рыбжьара аамҭалатәи аинышәара амчра аиуит

© AP Photo /Fatima ShbairПалестинцы проходят среди разрушений в результате израильской бомбардировки в городе Газа
Палестинцы проходят среди разрушений в результате израильской бомбардировки в городе Газа - Sputnik Аҧсны, 1920, 24.11.2023
Анапаҵаҩра
Ҩымш раԥхьа Катар абжьаҟазарала Израили ХАМАСи рыбжьара аамҭалатәи аинышәара алыршахеит.
АҞӘА, абҵара 24 - Sputnik. Израильтәи ари палестинатәи аиҿкаара ХАМАСи рыбжьара аамҭалатәи аинышәара амчра аиуит абҵара 24 асааҭ 7:00 инаркны.

Аганқәа еиқәшаҳаҭхеит ԥшьымш амч рхы иадмырхәарц, атҟәацәеи абаандаҩцәеи еиҭнырыԥсахларц. Еиқәшаҳаҭхеит аформула "аӡәы хҩык рзы" ала: 50 израильтәи атҟәацәеи 150 палестинатәи абаандаҩцәеи, зеиҳараҩык аҳәсеи ахәыҷқәеи ракәуу.

Аамҭалатәи аинышәара аҳәаақәа ирҭагӡаны есыҽны асектор Газа ахь инашьҭхоит 200-200 еидарамҩангага агуманитартә цхыраара рыманы, ԥшьба-ԥшьба машьына абылтәы наргалоит. ХАМАС аҳәамҭа ҟанаҵеит арҭ амшқәа рзы Израиль анклав аладатәи ахәҭа ажәҩантә ҵакыраҿы авиациа ԥшьымш рхы иадмырхәарц, аҩадатәи ахәҭаҿы – ф-сааҭк (10:00 -16:00) рхы иадмырхәарц ҳаилацәажәеит ҳәа.
Убри аан ХАМАС азгәаҭара ҟанаҵеит аамҭалатәи аинышәара иахьмырԥшыкәа палестинатәи ажәлар рыхьчара ишазыхио азы.
Израиль атәылахьчара аминистр Иоав Галант иажәақәа рыла, ахымца аанкылара аамҭалатә ҭагылазаашьоуп, анаҩс, ианеиҵаха, ҩымз аибашьра арежим иазыхынҳәуеит.
Аҵыхәтәантәи адыррақәа рыла, Асектор Газа иҭахаз рхыԥхьаӡара 14,8 нызқьҩык рҟынӡа инеихьеит, урҭ рҟынтәи 6 нызқьҩык хәыҷқәоуп, ахәрақәа змоу рхыԥхьаӡара 36 нызқьҩык иреиҳауп. Израиль иҭахахьеит 1,2 нызқьҩык, еиуеиԥшым ахәрақәеи аахақәеи роуит 5 нызқьҩык. Иҭахаз рҟынтәи 20-ҩык урыстәылауаауп. ХАМАС 200-250–ҩык ауаа тҟәаны ирымоуп ҳәа ишьоуп.
Сектор Газа - Sputnik Аҧсны, 1920, 21.11.2023
Урыстәыла
Газа иҭахаз рхыԥхьаӡара 13,3 нызқьҩык рҟынӡа инаӡахьеит
Ажәабжьқәа зегьы
0