Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

2024 шықәса ажьырныҳәа 1 инаркны Аҟәа асоциалтә цхыраагӡақәа шьҭырхуеит

© SputnikСухумское городское собрание
Сухумское городское собрание - Sputnik Аҧсны, 1920, 29.11.2023
Анапаҵаҩра
2024 шықәсазы Аҟәа абиуџьет иазԥхьагәанаҭоит асоциалтә цхыраагӡақәа рышьҭыхра.
АҞӘА, абҵара 29 - Sputnik. Аҟәатәи ақалақьтә еизара адепутатцәа ишьақәдыргылеит 2024 шықәса ажьырныҳәа 1 инаркны ишьҭырхраны иҟоу асоциалтә цхыраагӡақәа рыҩаӡара.
Аҳҭнықалақь абиуџьет аҟынтәи аԥара рызшәалахоит:
зхала ахәыҷқәа зааӡо анацәа (ахәыҷқәа аӡәы изы) – 2000 мааҭ, ⠀
хҩык ахәыҷқәа змоу аҭаацәа – хәыҷыцыԥхьаӡа 1000 - 1000 мааҭ,
ԥшьҩык ахәыҷқәа змоу – хәыҷыцыԥхьаӡа 1500 - 1500 мааҭ,
хәҩык ахәыҷқәа змоу рзы – хәыҷыцыԥхьаӡа 2000 - 2000 мааҭ,
аеҭымцәа – 3000 мааҭ; ⠀
16 шықәса рҟынӡа ахәыҷы-аинвалид дызбо –3000 мааҭ,
ихәыҷаахыс ихымхәоу, актәи агәыԥ иаҵанакуа рбаразы–3000 мааҭ рҟынӡа,
ахәыҷы ииразы – 10000 мааҭ.
2023 шықәсазгьы асоциалтә цхыраагӡақәа 50% ишьҭырххьан.
Ажәабжьқәа зегьы
0