Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Хәытаба еиҭеиҳәеит Ливан инхо ҳџьынџьуаа ргәы иҵхо азҵаарақәа ртәы

Хәытаба еиҭеиҳәеит, Ливан инхо ҳџьынџьуаа ргәы иҵхо азҵаарақәа ртәы
Анапаҵаҩра
Аԥсадгьыл ахь ахынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы ҳџьынџьуаа рымадаразы аҟәша аиҳабы Инал Хәытаба арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит Ливанынтәи Аԥсны иҟоу аделегациа раара хықәкыс иамоу атәы.
Мышқәак ҵуеит Аԥсны иҟоуижьҭеи Ливанынтәи аделегациа. Урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп раԥхьаӡа акәны зџьынџь ахь иаазгьы. Даара ргәы хыҭхыҭуа иазыԥшын Аԥсныҟа раара ҳәа азгәеиҭеит аиҿцәажәараҿы Хәытаба.
Аԥсадгьыл ахь ахынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы аҿы имҩаԥысит аиԥылара. Уаҟа излацәажәаз азҵаара хадақәа ируакын Ливан иҟоу ҳдиаспора рхаҭарнакцәа Аԥсныҟа раара.
"Ливанынтә Аԥсныҟа раара азҵаара ауадаҩрақәа ацуп. Раԥхьа уа авиза ргароуп, уи ахәгьы мариам, анаҩс ҳаирла ишиашоу изааӡом, раԥхьа Ҭырқәтәыла ицароуп нас ауп Аԥсныҟа ианаауа. Аҭагылазаашьа еиӷьхарцаз иҟаҳҵараны иҟоу аусқәа ртәы ҳалацәажәеит. Аделегациа алахәылацәа ирҳәеит Аԥсныҟа аара зҭаху шырацәоу. Сгәы иаанагоит зны турист ҳасабала иааны иҟоу рбар, агәыбылра шроуа", - иҳәеит Хәытаба.
Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.
Ажәабжьқәа зегьы
0