Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Пицунда амшынцәқәырԥара ду ашьҭахь жәабала аԥсақәа ааха роуит

© Foto / Пицундо-Мюссерский заповедникПоследствия шторма в Пицундо-Мюссерском заповеднике
Последствия шторма в Пицундо-Мюссерском заповеднике - Sputnik Аҧсны, 1920, 29.11.2023
Анапаҵаҩра
Абҵара 26-27 руха Гагра араиони Аҟәеи иахьрыҵаркуаз амшынцәқәырԥара ӷәӷәала иҟан.
АҞӘА, абҵара 29– Sputnik, Бадри Есиава. Пицунда амшынцәқәырԥара ду ашьҭахь 30 рҟынӡа аԥсақәа ааха роуит ҳәа Sputnik акорреспондент изеиҭалҳәеит Пицунда-Мысратәи аҳәырԥсарра аҭҵаарадырразы адиректор ихаҭыԥуаҩ Сабина Лобода.
"Аԥсабаратә рыцҳара аиҳарак иаҵанакит амшын аԥшаҳәа. Ароуп иахьрызҳауа пицундатәи аԥсақәа. Бжьаратәла, ҳдыррақәа рыла, 80-100 шықәса зхыҵуаз аҵлақәа хәба каҳаит, даҽа хә-ҵлак рдацқәа аӡы иҵнаӡәӡәааит. 20 ԥсаҵла, зықәра маҷқәаз, еизҳап ҳәагьы ҳзықәгәыӷуаз, зынӡа иҭахеит", - лҳәеит лара.
Лобода лажәақәа рыла, ааха аиуит Ашәҟәы ҟаԥшь иану, панкрациа захьӡу ашәҭхкы. Зеиԥш маҷу ари аҵиаа абжак аӡы иагеит, иаанхаз ашьаҭақәа адгьыл иалаԥсны иркуп. Пицунда-Мысратәи аҳәырԥсарра аусзуҩцәа ари аҵиаа ашьаҭахқәа даҽа ҭыԥк ахь аиҭагашьа, аиқәырхашьа азҵаара иазхәыцуеит лҳәеит Лобода. Здацқәа аӡы иаанарԥшыз аԥсақәа рызҵаара еиҳа иуадаҩуп.
"Аԥсақәа реиқәырхаразы ауснагӡатәқәа хазы иҟаҳамҵацызт, комплекслатәи азнеишьа акәын имҩаԥаагоз. Иҟалап, агабионқәа ҳәа изышьҭоу акәыршақәа рыла иаҳзеиқәырхар. Аҭагылазаашьа аҟазауаа роуп аӡбашьа здыруа", - лҳәеит лара.
Лобода ишылҳәаз ала, аԥсақәа адгьыл бзианы идырӷәӷәоит. Урҭ иахьазы реиқәырхаразы аҳәырԥсарра аҵакыра иахьаҵанакуа аҟәара рӷәӷәатәуп.
Абҵара 26-27 рухазтәи амшынцәқәырԥақәа аԥсара 15-20 метра иҵалеит, аԥслымӡ ықәрыжьит, еиҳа еиҵоуп Пицунда уахьалало ашыцра иаиуз ааха, "Кипарисоваиа аллеиа" ҳәа иахьашьҭоу араион аҿы аҿыбгаррақәа ҟалеит.
Последствия после потопа в Гагре  - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.11.2023
Аԥсны
Гагра иҟаз аԥшасра ахҟьаԥҟьақәа раԥыхраз аусурақәа 200-ҩык рҟынӡа ауааԥсыра алахәуп
Ажәабжьқәа зегьы
0