Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аԥсны АҩАР: аԥсаӡқәа ԥызҟо аԥсқьарцәа аҭакԥхықәра иақәыршәахоит

© Sputnik / Томас ТхайцукПоездка в Кодорское ущелье
Поездка в Кодорское ущелье - Sputnik Аҧсны, 1920, 30.11.2023
Анапаҵаҩра
Амилициааи аекологцәеи уахи-ҽни Мамзышьха амҩаҿы игылоу ахылаԥшра-аушьҭырҭатә ҭыԥ аҿы иҷаԥшьоит.
АҞӘА, абҵара 30 - Sputnik. Аԥсны Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра адырра ҟанаҵоит закәаншьаҭада аԥсаӡқәа ԥызҟои изҭиуеи аԥсқьаруаа аҭакԥхықәра иақәыршәахоит ҳәа. Абри атәы аанацҳауеит аусбарҭа апресс-маҵзура.

"Агәырбӷьыҵлақәа рыԥҟареи рыҭиреи знапы алаку ауаа, уи азин ҟазҵо адокументқәа змам, аҭакԥхықәра рыдҵахоит", - ҳәа аҳәоит адырраҭараҿы.

Абҵара 29 рзы Мамзышьха абнараҿы иазгәаҭан закәаншьаҭада аԥсаӡқәа рыԥҟара. Гембер Чхеиӡе, Дамеи Цәеиба, Алхас Ҳалуашь рганахьала аус аҭҵаарахь инашьҭуп.
Иԥырҟаз 64 ҵла Гагратәи Аҩнуҵҟатәи аусқәа рыҟәшахьы инагоуп, автомашьынақәа аҭыԥ ҷыдаҿ иргылоуп.
Амилициааи аекологцәеи уахи-ҽни Мамзышьха амҩаҿы игылоу ахылаԥшра-аушьҭырҭатә ҭыԥ аҿы иҷаԥшьоит ҳәа рҳәеит Аԥсны Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра апресс-маҵзураҿы.
Ажәабжьқәа зегьы
0