Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

"Заб дхьаԥарчу, зыԥҳа дҷаԥшьу": аԥсуа цуфарақәак ирыхҳәааны

© Sputnik / Томас ТхайцукСухумский рынок
Сухумский рынок - Sputnik Аҧсны, 1920, 03.12.2023
Анапаҵаҩра
Ацуфарақәа ирызку аматериал ҳадылгалоит Аԥсуаҭҵааратә институт афольклортә лабораториа аусзуҩ Сусанна Ҭаниаԥҳа.
Ҳаамҭазы ацуфарақәа ахәыҷқәа рырлахҿыхра, рырхәыцразы хархәара змоу фольклортә жанруп, аха ажәытәан уи адуцәа рыхшыҩҵарра, ргәеилыххара, рҟәышра алаԥыршәон.
Дхәыҷы аахыс иибахьаз, иаҳахьаз, ихаҭа дызлахәыз, ихыҭхәыцаам аԥсҭазаара ицәырнагаз аҭагылазаашьақәа ргәалашәарала ишьақәгылоу Мушьни Миқаиа ироман "Ашацәа ртәарҭа" аҟны автор иҩуеит: "Аҭаацәа анааилатәоз, абжьааԥны еиԥш, ҳаиашьара ҭыԥҳа-лԥа дагымкәа зегьы еизеит. Зегьы ирдыруан уаха ацуфара ишаҵхыз. Уаха алакә рҳәозар уаҵәуха ацу рфон. Уаҵәуха ацуфара иаҵхзар, уаҵәашьҭахь ауха ажәабжьқәа иртәын. Абас еиҩыргон, нҵәара зықәӡамыз ажәлар рҿаԥыц хәамҭақәа реиҭаҳәара."
Снимок в библиотеке Колледжа Иисуса в Кембридже фотографа Sara Rawlinson, попавший в шортлист конкурса Historic Photographer of The Year 2018 - Sputnik Аҧсны, 1920, 20.06.2020
Ирхәыцгоу, ихшыҩԥышәагоу: аԥсуа жәлар рцуфарақәак ирызкны

Хьыӡла ацуфарақәа

Ацуфарақәа рҿы ахьӡ мҳәакәа, иамоу ҟазшьа ҷыдақәак рыла аҭак уаҩы идырыртә асахьа ҭырхуеит. Дара инарылукаар алшоит ахьыӡқәа ирыдҳәалоу ацуфарақәа. Иаҳҳәозар:
Хакәыцә иҩны ақәцә амцабз алҟьеит. (Агәмыркатыл)
Гьеџьаа рыҵла лаба қәмацәыс. (Алапҟьа)
Нықәс-аақәс Сагьаса, Џьамфер-иԥа ҵыхәаршәшәа. (Ахьажь)
Ауаа зегьы анҽыжәҵуаз Кәымрыжә-иԥа дҽыжәымҵит. (Аҵларкәыкә)
Сыԥшҳардыдын Ҳаҷмаф ибӷа. (Ашьхымза)
Нықәԥала-аақәԥала Ӡагәадар-иԥа ҵыхәаршәшәа. (Ахьажь)
Старейшая жительница абхазского села Кутол Хьфаф Кутол во время встречи с школьниками. - Sputnik Аҧсны, 1920, 29.02.2020
Ацу ҳфеит, ацу ҳфеит, ахьаҭра ахьаҩ ааҭҳаргеит: аԥсуа цуфарақәа рҵаки рхархәашьеи

Ауаҩы иҿырԥшу ацуфарақәа

Ацуфара ауаҩы дахәаԥшыр алшоит ирмаӡаны иҳәоу метафорак аҳасабала, иара иаҵоу амаӡа аҵухроуп, иудырроуп. Ацуфарақәа рыбжеиҳан ауаҩы иҿырԥшрала ишьақәгылоуп. Иаагозар:
Аҳ иашҭа цахеиқәаҵәак ҭаршәуп. (Ардәына)
Аҳ иашҭа асы ауеит. (Ашылахәра)
Аҳ иашҭа ҩ-ҟәбарк ҭажуп. (Аблақәа)
Аҳ иеимсы шьҭихуеит – иҭаацәа иеигәырӷьоит. (Ашьтәа ацәа ахыхра)
Ауаҩ кьаҿ гәашәхьча. (Ацаԥха)
Ан ишьҭалҵо, аб изышьҭымхуа. (Ахәышҭаара)
Ԥшьҩы-еишьцәа хылԥак еицырхоуп. (Аишәа ашьапқәа)
Ҩыџьа аишьцәа рыхқәа еилаҵаны ицәоуп. (Аџьымшьқәа)
Ӡыла еимхәыц Анцәа иҟаиҵеит, ауаҩы ирбгеит. (Ажь)
Заб дхьаԥарчу, зыԥҳа дҷаԥшьу. (Ахьа)
Уаҩаԥшь дук дааҩналан, иҩназ зегьы дәылицеит. (Аҩымсаг)
Долгожители из абхазского села Джерда - Sputnik Аҧсны, 1920, 14.11.2021
Аԥсны
"Цу ҳфеит": аԥсуа ҵасқәа зныԥшуа ажәаԥҟақәеи ацуфарақәеи
∕Астатиа ашьақәыргылараҿы хархәара азун афольклорҭҵааҩы, академик Валентин Кәаӷәаниа ишәҟәы "Аԥсуа фольклор".∕
Ажәабжьқәа зегьы
0