Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аҟәа астанциа маҷ "ИЕПиТ" аҟны жәамш рыҩнуҵҟа аҩбатәи атрансформатор аусура иаладыргоит

© Sputnik / Томас Тхайцук Бзыпская подстанция
Бзыпская подстанция - Sputnik Аҧсны, 1920, 06.12.2023
Анапаҵаҩра
Зымчхара 16 мегаватт иҟоу атрансформатор 2023 шықәса рашәарамзазы астанциа маҷ "ИЕПиТ" аҟны иҟалаз амцакра иахҟьаны иԥхасҭахеит.
АҞӘА, ԥхынҷкәын 6 - Sputnik. Аҟәа астанциа маҷ "ИЕПиТ" аҟны жәамш рыҩнуҵҟа аҩбатәи атрансформатор аусура иаладыргоит.
Ари атрансформатор 2023 шықәса рашәарамзазы астанциа маҷ "ИЕПиТ" аҟны иҟалаз амцакра иахҟьаны иԥхасҭахеит.
Аԥсуа телехәаԥшра арепортаж аҿы аенергетикцәа ишырҳәаз ала, астанциа маҷ амчхара иҵегьы еиҳахоит, ҩ-трансформаторк аусура иахьалаго азы.
Аҟазауаа уаанӡатәи ахархәага ықәганы аҿыц ықәдыргылоит. Ахархәага ҿыц атрансформатор ашәарҭадара еиҿнакаауеит. Аусурақәа зегьы мҩаԥнагоит "Амшынеиқәафымцамч" ахатәы мчқәа рыла.
Бзыпская подстанция - Sputnik Аҧсны, 1920, 30.06.2023
Аԥсны
"Амшынеиқәафымцамч" астанциа маҷ "ИЕПиТ" аҿы иҟалаз амцакра зыхҟьаз атәы рҳәеит
Астанциа маҷ "ИЕПиТ" лашарала еиқәнаршәоит Аҟәа агәы ахәҭак, ВИЕМ араион, Иашҭхәа ақыҭа.
Атрансформатор 2023 шықәса рашәарамзазы астанциа маҷ "ИЕПиТ" аҟны иҟалаз амцакра иахҟьаны иԥхасҭахеит. "Амшынеиқәафымцамч" абригадақәа 10 киловольт иҟаз ацәаҳәақәа рыла астанциа маҷқәа "ИЕПиТи" "Баслаҭеи" еимардеит Иашҭхәа ақыҭа лашарала еиқәыршәахарц азы.
Ажәабжьқәа зегьы
0