Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Аветеран Шьакаииаԥҳа: уажәраанӡа сеиԥхыӡуеит аибашьра, иахьагьы сгәы ҭынчӡам

Аветеран Шьакаииаԥҳа: иахьагьы сеиԥхыӡуеит аибашьра, сгәы ҭынчӡам
Анапаҵаҩра
Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра аветеран, "Агәымшәараз" амедал занашьоу Суликәа Шьакаииаԥҳа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭалҳәеит аибашьра иадҳәалоу илхамшҭуа ахҭысқәа ртәы, илгәалалыршәеит ҳаибашьцәа рџьаԥҳаны нҵәаны ианыҟаз, аӷацәа ираҳауа ашәа шылҳәоз, уи аамҭа иалагӡаны аџьаԥҳаны рхьыгӡара шалыршахаз.
"Иахьа уажәраанӡагьы аибашьра сыԥхыӡ иалоуп. Сгәы иахьагьы иҭынчӡам. Аибашьра ашьҭахь иџьашьаны акәын аԥсҭазаара сшахәаԥшуаз", - лҳәеит Шьакаииаԥҳа.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.
"Дцон аԥҳәызба еибашьра" ахьӡуп Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраҟны игаз Аиааира 30 шықәса ахыҵра аҳаҭыраз арадио Sputnik апроект. Уи аҟны аибашьра амҩа ианысыз аҭыԥҳацәа рҭоурыхқәа еиҭарҳәоит.
Ажәабжьқәа зегьы
0