Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Амацәаз иҭакыз Тҟәарчал ақалақь иазку ашәҟәы ӡырган Аҟәа

© SputnikПрезентация книги газета "Ткварчельский горняк"
Презентация книги газета Ткварчельский горняк - Sputnik Аҧсны, 1920, 15.12.2023
Анапаҵаҩра
Ашәҟәы иагәылалеит агазеҭ "Ткварчельский горняк" аҭыжьымҭақәа. Аизга ахыԥхьаӡара 500 цыра ыҟоуп. Уи аиқәыршәаҩцәа - аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа рдоктор Аслан Аҩӡбеи агазеҭ аусзуҩы Мадона Кәыҵниаԥҳаи.
АҞӘА, ԥхынҷкәын 15 - Sputnik, Сариа Кәарцхьиаԥҳа. Амацәаз иҭакыз Тҟәарчал ақалақь иазку ашәҟәы “Ткварчельский горняк” ӡырган Аҟәа ахәаша, ԥхынҷкәын 15 рзы.
Ашәҟәы иагәылалеит 1992-1993 шықәсқәа рызтәи Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраангьы аҭыҵра иаҟәымҵыз агазеҭ "Ткварчельский горняк" аҭыжьымҭақәа.
Аизга аиқәыршәаҩцәа иреиуоу Мадона Кәыҵниаԥҳа лажәақәа рыла, агазеҭ ҭыҵуан ақалақь аншьаҭаркыз 1942 шықәса инаркны, 1992 шықәса цәыббрамзазы уи 50 шықәса ахыҵра азгәарҭарц ргәы иҭан.

“Аха, рыцҳарас иҟалаз, уи залмыршахеит. Ҳагәҭакқәа зегьы еиԥҟьеит аибашьра иахьалагаз иахҟьаны. Агазеҭ аибашьра ҟалаанӡа дахагылан Сократ Џьынџьал, аха аибашьра ианалага иара инапы зынӡа даҽа усқәак анылеит. Сократ Раҷа-иԥа иҭыԥан агазеҭ дахагылеит ихаҭыԥуаҩ Ольга Каисмова. Алашара лассы-лассы ишдырцәозгьы, 1993 шықәсанӡа ҳара 26 номер рҭыжьра ҳалшеит. 1993 шықәсазы иҭҳажьыз 14 номер заҵәык роуп, избанзар алашара еиҳараӡак иҳамамызт. Алашара аныҟаз акәын ианҭҳажьуаз. Номерқәак напышьашәалоуп ишеидаҳкылаз, еиҳарак аҳәсақәа ракәын аус зуаз, ҳнапала иҟаҳҵеит", - лҳәеит Кәыҵниаԥҳа.

Аибашьра ашьҭахь лара илҵәахит аибашьраантәи агазеҭ аҭыжьымҭақәа реидӡахыла. Аамҭақәак рышьҭахь аҭоурыхҭҵааҩ Аслан Аҩӡба агәҭакы иоуит урҭ рышьаҭала амацәаз иҭакыз ақалақь аҭоурых зҳәо ашәҟәы аҭыжьра.
Аслан Аҩӡба иажәақәа рыла, “Ткварчельский горняк” - амацәаз иҭакыз аԥсҭазаара иаҿахәҳәагоуп, ихарҭәаамзаргьы, 413 мшы рыла иҭыжьыз 40 номер заҵәык ахьракәыз.
“Уи инхарҭәааны иазаарԥшӡом, избанзар даара иуадаҩыз аҭагылазаашьақәа раан агазеҭ ҭрыжьуан, алашара ыҟамызт, амлакра, ахьҭакра уҳәа ирацәаӡаны ауадаҩрақәа рыман уи еиқәзыршәоз", - инаҵишьит Аҩӡба.
Убри аангьы, агазеҭ аусзуҩцәа-аҭыԥҳацәа рыбзоурала аԥсуа ҭоурыхҭҵаара иаиуит 1992-1993 шықәсқәа рызтәи Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра иазку аинформациа ахыҵхырҭа ду иҳәеит Аслан Аҩӡба.
Ажәабжьқәа зегьы
0