Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Авокал-инструменталтә ансамбль "Гәында" аконцерт мҩаԥысит Аҟәа

© Sputnik / Томас ТхайцукАнсамбль "Гунда" празднует свой юбилей
Ансамбль Гунда празднует свой юбилей  - Sputnik Аҧсны, 1920, 18.12.2023
Анапаҵаҩра
Авокал-инструменталтә ансамбль "Гәында" ԥхынҷкәын 18 2023 шықәса рзы 45 шықәса ахыҵит. Уи Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә филармониаҿы 1977 шықәсазы иаԥҵан.
АҞӘА, ԥхынҷкәын 18 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Авокал-инструменталтә ансамбль "Гәында" 45 шықәса ахыҵра аҳаҭыр азы Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә филармониаҿы иқәгылеит ашәахьа, ԥхынҷқәын 18 рзы.
Бзиа еицырбо аколлектив ирзыӡырҩырц азы аконцерт ахь инеит ауаа рацәаны. Ансамбль "Гәында" жәлар рмузыкатә арҳәагақәа рҿы ихәмарны инанагӡеит еицырдыруа ашәақәа реиԥш, ааигәа иаԥҵаз автортә композициақәагьы. Ашәақәа рҳәон аԥсышәала, урысшәала, Нхыҵ Кавказ ажәларқәа рбызшәақәа рыла.
Уи адагьы, ахәаԥшцәа раԥхьа иқәгылеит Аҳәынҭқарратә акультуратә ҵараиурҭа астудентцәагьы, урҭ инарыгӡеит "аԥсуа кәашара". Иара убас ансамбль "Гәында" асахьаркыратә напхгаҩы Роза Чамагәуаԥҳа лҵаҩцәа ашәақәа рҳәеит, жәлар рмузыкатә арҳәагақәа адырҳәеит.
Ансамбль риубилеи рыдызныҳәалаз дреиуоуп акультура аминистр инапынҵақәа назыгӡо, ансамбль раԥхьатәи аилазаара иалаз Динара Смырԥҳа. Лара иазгәалҭеит "Гәында" анаԥырҵаз инаркны амҩа ду ишанысыз аԥсуа милаҭтә культура ӡырго, ашәаҳәаратә традициеи жәлар рарҳәагақәеи еиқәырхо, еихаҳауа. Абри аус аҟны ллагала дуӡӡоуп уи асахьаркыратә напхгаҩы Роза Чамагәуаԥҳа.
Анаҩс Динара Смыр ансамбль алахәылацәа аҳаҭыртә шәҟәқәа раналшьеит амилаҭтә ҟазареи жәлар рмузыкатә арҳәарагақәа раларҵәареи рзы рџьабаазы.
Ансамбль ашьаҭаркҩы, Аԥсны Жәлар рартистка, "Ахьӡ-Аԥша" аорден III аҩаӡара занашьоу Роза Чамагәуаԥҳа иҭабуп ҳәа ралҳәеит риубилеитә рыцхә азлымҳара азҭаз зегьы. Лара иазгәалҭеит дара рырҿиара - жәлар рбаҩхатәра, ркультура, рдунеихәаԥшышьа ишахаҿырбагоу. Аԥхьаҟагьы рколлектив ахәаԥшцәа ашәа ҿыцқәеи амелодиақәеи рыла ишдыргәырӷьало.
Аҭыԥҳацәа шәаҳәоит: ансамбль Гәында иазкны - Sputnik Аҧсны, 1920, 15.12.2023
Аԥсны
Аҭыԥҳацәа шәаҳәоит: ансамбль "Гәында" иазкны
"Гәында" лассы-лассы аԥсуа культура аҳәаанырцә иӡырнагоит. Уи изныкымкәа Урыстәыла, Болгариа, Ҭырқәтәыла гастрольла ирҭаахьеит. Адунеизегьтәи афестиваль "World Folk" аҿы ахьтәы медал, "Ахьтәы Орфеи" аԥхьахә иаиааихьеит, асахьаркыратә напхгаҩы ахьӡ "Маэстро" даԥсахахьеит.
Ажәабжьқәа зегьы
0