Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Кәарҷиа: Аԥсни Урыстәылеи реизыҟазаашьақәа мраҭашәаратәи ИеА анырра рызрыҭом

© Sputnik / Томас Тхайцук Администрация Президента РА
Администрация Президента РА  - Sputnik Аҧсны, 1920, 29.12.2023
Анапаҵаҩра
"Аколлективтә Мраҭашәареи" Қырҭтәылеи рстратегиа "Зхаҵарада алагалара" ҳәа хьӡыс измоу Аԥсны илҵшәадоуп ҳәа аҳәамҭа ҟаиҵеит Аԥсны ахада Иусбарҭа анапхгаҩы.
АҞӘА, ԥхынҷкәын 29 - Sputnik. Аԥсни Урыстәылеи реизыҟазаашьақәа шьаҭаны ирымоуп аҳаҭыреиқәҵаратә аҳәынҭқаррабжьаратә диалог, акыршықәса ажәларқәа рыбжьара аиҩызара, уи иеиҳабыратәым аиҿкаарақәа рревизиа иаҵанакӡом, абас аҳәамҭа ҟаиҵеит Аԥсны ахада Иусбарҭа анапхгаҩы Абесалом Кәарҷиа.
Кәарҷиа ахҳәаа аиҭеит ЕАА Аҳәынҭдепартаменти қырҭтәылатәи амчрақәеи аҳәынҭқарратә дача "Пицунда" аҵакыраҿы иҟоу аргыларақәа Урыстәыла аҭаразы иҟарҵаз аҳәамҭақәа.
ЕАА Аҳәынҭдепартамент ахаҭарнак иҳәеит "Еиду аштатқәа ақәыӡбоит Қырҭтәыла аоккупациа зызуу Аԥсны аҵакыраҿы адгьылқәа Урыстәыла закәаншьаҭада аҭара. Қырҭтәыла 20% иҟоу аҵакыра аоккупациа Қырҭтәыла асуверенитети аҵакыратә акзаареи ҵнашәаауеит" ҳәа. Қырҭтәыла ахада Саломе Зурабишьвили аҳәамҭа ҟалҵеит аурысқәа аҽазныкгьы ақырҭуа дгьылқәа ахьрымпыҵархало иақәыӡбоит ҳәа.
Кәарҷиа иажәақәа рыла 2022 шықәса раахыс ЕАА USAID-и UNDP-и рыцхыраарала Аԥсны аԥара шырзоурыжьуа Аԥсны аилахәырақәа, урҭ хықәкны ишрымоу ауаажәларратә еилаҩеиласраз аҭагылазаашьақәа раԥҵара.
"ҳара "аколлективтә Мраҭашәара" исуверентәу ҳҳәынҭқарра аусқәа рхы ахьрыларгало ҳзақәшаҳаҭхаӡом, ҳзақәшаҳаҭхаӡом урҭ ҳаҩныҵҟатәии ҳадәныҟатәии политика аӡбрақәа анырра рырҭарц ахьырҭаху" ҳәа иҳәеит Кәарҷиа.
Иара убасгьы иазгәеиеҭит Аԥснытәи аиҿкаарақәа русура амилаҭтә интересқәа ирышьашәаланы иҟалар шакәу. Иарбанызаалак ареволиуциақәа рзы аҭагылазаашьақәа раԥҵара Аԥсны азакәанқәа инарықәыршәаны иаԥырҟәҟәаахоит ҳәа иҳәеит ахада Иусбарҭа анапхгаҩы.
"Аԥсни Урыстәылеи реизыҟазаашьа аԥыргара алшоит ҳәа иҟоу ираҳҳәоит – ишәылшараны иҟам ҳәа" иҳәеит Кәарҷиа.
Здание Парламента Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 27.12.2023
Аԥсны
Аҳәынҭдача "Пицунда" аҵакыраҿ иҟоу аргыларақәа Урыстәыла аҭараз Аиқәшаҳаҭра шьақәырӷәӷәоуп
Ажәабжьқәа зегьы
0