Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Кәарҷелиаԥҳа еиҭалҳәеит аҵарадырра ахырхарҭала 2023 шықәсазы Урыстәыла аусацура атәы

© SputnikАда Кварчелия
Ада Кварчелия - Sputnik Аҧсны, 1920, 07.01.2024
Анапаҵаҩра
Ҳазҭоу амзаз Аԥсны аҵара аминистрра иазгәанаҭоит Жәларбжьаратәи ахәыҷтәы центр "Артек" аусацуразы аиқәшаҳаҭра анапаҵҩра.
АҞӘА, ажьырныҳәа 7 - Sputnik. Аԥсны аҵара аминистр ихаҭыԥуаҩ Ада Кәарҷелиаԥҳа арадио Sputnik иазеиҭалҳәеит урыстәылатәи рколлегацәеи дареи еицырзеиԥшу аҵарадырратә проектқәа ртәы.

"Урыстәылазегьтәи ахәыҷтәы центр "Сменеи" ҳареи аиқәшаҳаҭра ҳабжьаҳҵеит. Ари ацентр Урыстәыла ихадоу ахәыҷтәы ҵарадырра анаҩсгьы, азанааҭ хырхарҭатә центрны иҟоуп, араҟа ахәыҷқәа иалырхуа азанааҭ апрактикаҿ аус ахьадыруло ҭыԥуп. Ҳхәыҷқәа гәыԥк уи иаҭаахьеит", - лҳәеит лара.

Кәарҷелиаԥҳа иазгәалҭеит, ахәыҷтәы арҵаратә центр "Смена" ашҟа аамҭа-аамҭала аԥснынтәи ахәыҷқәа рдәықәҵара шазгәаҭоу, раԥхьа инаргылан урҭ алицеи- интернатқәа рҵаҩцәа шракәу.
Минпрос Абхазии и Всероссийский центр Смена подписали меморандум о сотрудничестве - Sputnik Аҧсны, 1920, 22.12.2023
Аԥсны
Аԥсны Аҵара аминистрреи ахәыҷтәы центр "Сменеи" аусеицуазы аиқәшаҳаҭра рнапы аҵарҩит
Кәарҷелиаԥҳа иазгәалҭеит, 2024 шықәса ажьырныҳәамзазы ргәы ишҭоу Жәларбжьаратәи ахәыҷтәы центр "Артек" аусацуразы аиқәшаҳаҭра анапаҵҩра. Ари Аԥсны азы ишқәҿиара духо. Уи иалнаршоит аԥснытәи ахәыҷқәа "Артек" аҭаара анаҩсгьы, еицырзеиԥшу арҵаратә проектқәа рынагӡара, астол гьежьқәеи аконференциақәеи рымҩаԥгара.
Аҵара аминистр ихаҭыԥуаҩ илҳәеит, ареспубликаҿ ишырҭбаатәу аԥхынтәи ахәыҷтәы аԥсшьарҭақәа.
Аԥсны аҵара аминистрра аусура ихадоу акы акәны иҟоуп - арҵаҩцәа рзанааҭдырра аизырҳара. Уи аганахь ала, аԥсуа ган аус ацнауеит Аҩада-Кавказтәи Афедералтә университет ҳәа азгәалҭеит аминистр ихаҭыԥуаҩ. Иара убас, аминистрра имҩаԥнагоит "Аӡынтәи ашкол", "Аԥхынтәи ашкол" апроектқәа, уи аҳәаақәа ирҭагӡаны Урыстәыла иреиӷьу арҵаҩцәа аԥснытәи рколлегацәа рзын амастер-классқәа мҩаԥыргоит.
Ажәабжьқәа зегьы
0