Урыстәыла

2023 шықәсазы "Золотой глобус" иалауреатцәахаз рыхьӡқәа ҳәоуп

© AP Photo /Chris PizzelloПремия "Золотой глобус"
Премия Золотой глобус - Sputnik Аҧсны, 1920, 08.01.2024
Анапаҵаҩра
Ажьырныҳәа 7, 2024 шықәсазы Калифорниа, Беверли-Хиллз асасааирҭа The Beverly Hilton аҟны имҩаԥысит "Золотой глобус" ранашьаразы 81-тәи аусмҩаԥгатә.
АҞӘА, ажьырныҳәа 8 - Sputnik. Акинематографиеи ателехәаԥшреи рыҟны 2023 шықәсатәи рылшамҭақәа рзы "Золотой глобус" иалауреатцәахаз рыхьӡқәа еилкаахеит. Аҳамҭақәа ранашьара ишиашоу ицо аефир ала имҩаԥысуан аканал CBS аҟны.
Кристофер Нолан иҭыхымҭа "Оппергеймер" иреиӷьу адраматә фильм ҳәа ахьӡ ҳәан, уаҟа иаарԥшуп аиадертә бомба аԥызҵаз, афизика-теоретик Роберт Оппенгеим иԥзҭазаара аҭоурых. Нолан ихаҭа аҳамҭа иоуит иреиӷьу арежиссиор, ароль хада анагӡаҩ - аирландуаҩ Киллиан Мерфи иреиӷьу актиор ҳәа далыркааит.
Ари афильм даҽа ҩ-ҳамҭак аиуит, иреиӷьу асаундтреки аҩбатәи аплан аҟны ихәмаруа иреиӷьу актиор - Роберт Дауни- аиҵбы.
"Акинематографиатәи апрокаттә ҩаӡареи" ахьыӡҳәаҟны аиааира агеит афильм "Барби" Марго Роббии Раиан Гослинги ароль хадақәа ахьынарыгӡо, иреиӷьу адраматә сериал ҳәа иалкаахеит "Наследники".
Адраматә сериал аҟны иреиӷьу актиорцәа ҳәа иалыркааит "Наследники" аҟынтәи Киран Калкини "Убийцах цветочной луны" асериал аҟынтәи Лили Гладстоуни.
Иапониатәи аниматор Хаиао Миаӡаки ифильм "Мальчик и птица" иреиӷьу анимациатә фильм ҳәа ахьӡ иаԥсахеит.
"Золотой глобус" 1944 шықәса раахыс есышықәса акинематографиеи ателехәаԥшреи рыҟны зылшамҭақәа алкаахаз иранаршьоит. Иара мҩаԥысуеит ажьарныҳәа аламҭалазы, апремиа "Оскар" анаҩс иреиҳау акәны иԥхьаӡоуп.
Ажәабжьқәа зегьы
0