Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Иаҵәа махәыки, амандаринеи, ахысбыжьқәеи...

© Sputnik / Евгений Одиноков / Амедиаҵәахырҭахь аиасраЕлочные базары открылись в Москве
Елочные базары открылись в Москве - Sputnik Аҧсны, 1920, 09.01.2024
Анапаҵаҩра
Ҳаамҭазтәи Ашықәс ҿыц ишаԥыло азы згәаҭарақәак ҳадылгалоит Нарҭдырреи адәынтәи афольклорҭҵаареи рцентр аҭҵаарадырратә усзуҩ Есма Ҭодуаԥҳа.
Фольклористк иаҳасабала еснагь азҿлымҳара сзамоуп адәынтәи аматериал ("полевой материал" ҳәа изышьҭоу) аизгара. Ҳандуцәеи ҳабдуцәеи рхааназтәи Ашықәс ҿыц аныҳәа аԥылареи иахьатәи уи амҩаԥгашьеи еиҿурԥшуазар зны иаланагало, даҽазны иацыршәо аԥсахрақәа анумбаалар залшом.
Ҳандуцәа, ҳабдуцәа рхаан ҳәа зыӡбахә сымоу Асовет еидгыла (СССР) аамҭоуп. Ари аамҭа иахаану ибзианы иргәалашәоит Ашықәс ҿыц иацыз ахынҭа-ҩынҭарақәа. Ахҵәарақәа, арепрессиақәа зхызгаз ауааԥсыра (30-тәи ашықәсқәа), Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡа (1941-1945шш.) иалҵыз, аԥхьагылаҩ дуӡӡа Сталин иԥсра (1953ш.), Хрушьов, Брежнев, Андропов уҳәа, апролетариат, апионерцәа, акомсомол рхаан ирымаз амаҷ еигәырӷьоз уааԥсыран, иабаҟаз иахьатәи аҩыза ахақәиҭра. Ирымаз, ирзыԥшаауаз иаҵәа махәҭак аҩны иҩнаргалон. Аҳәса бжеиҳараҩык рхацәа ырӡын, џьоукы аибашьра адәаҿы иҭархан, хара изымцоз, рыҩны ааигәа игылаз иаҵәа махәык, ма адаԥабӷьы зҿало амахәҭа акәын идырхиоз. Ирымаз ашәырқәеи ахаа-мыхаақәеи, ача иалхыз анапылаҟаҵарақәеи рыла идырԥшӡон, "абамба-сы" ақәырҵон… Иахьатәи аамҭазы зыԥсы ҭам аԥсаӡ архиара еиҳа-еиҳа актуалра азҳауеит, аԥсаӡ анеҩсгьы еиуеиԥшым арԥшӡагақәа дырхиоит, асы аеффект аԥсаӡ иазҭогьы заҟахк уҭаху. Аха уиакәым ихадароу,.. аныҳәа аныҳәатә цәаҩа азҭо ауаа рхаҭа роуп.
Новогодняя елка в городе Ткуарчал  - Sputnik Аҧсны, 1920, 02.01.2023
Ашықәс ҿыц аҭоурыхи иара иацу ахаҿсахьақәеи
Уаанӡа Ашықәс ҿыц ауха, асааҭ 24:00 ианазааигәахоз зегьы ирымаз ателербага рыла ҭхаха иазыԥшын, ателербага змамызгьы измоу иҟны агәылара ицон, "авождь" иҳаиҳәарызеишь ҳәа рлымҳақәа кыдҵан иӡырҩуан. Усҟантәи аамҭазы аҭаацәа зегь еизаны, ирымаз ала аишәа рхианы иахьадтәалаз, ателербага аҟынтәи иҭыҩуаз аҳәынҭқарра ду анапхгаҩы иажәақәа, рлахьынҵа зыӡбоз акеиԥш, ҽырҵысы ҟамҵакәа, амҵ ԥыруазар иуаҳаратәы, убас иазыӡырҩуан. Аиҳабгьы иажәа дуун, уажәеиԥш ҩба-хԥа минуҭ рыла далгомызт (уажәы иазыӡырҩуагьы маҷуп), жәохә-ҩажәа минуҭ данцәажәоз убарын, ииҳәозгьы аҳәынҭқарра аԥеиԥш, ажәлар рԥеиҧш иадҳәалан, иӡырҩуазгьы разыҟазаашьа уантәи ицон, нцәак еиԥш ихәаԥшуаз дубарын, ицәшәоз дубарын…
Асовет аамҭа анхыбгала ашьҭахь акәзар, атәыла маҷқәа рхақәиҭра ахьчаразы игылар акәхеит. Усҟан нцәак еиԥш аԥсуаа зыбжьы аҳара иазыԥшыз, Аԥсны раԥхьатәи Ахада - Владислав Арӡынба иакәын. Уинахыс иҟан ахысрақәа, агәырӷьаратә хысрақәа. Ашықәс ҿыц аԥылара Аԥсны аџьынџьтәылатә еибашьра ашьҭахь гәырӷьара дула иҭәын, агәырӷьаратә хысыбжьқәа рҟынтәи аҩнқәа рԥенџьырқәа хыџхыџуан. Ус иҟан акраамҭа. Нас аныҳәатә хысыбжьқәа есааира иҭышәынтәало иалагеит, уимоу ашықәс ҿыцазтәи артҟәацгақәа зынӡа аҟәыхра аҟынӡа анагара ианалацәажәогьы убап (уи зыхҟьогьы урҭ ирхылҿиаауа амашәырқәа роуп, аха уи мацарагь акәу, мамзаргьы ҳазҭагылоу аамҭа иацу еиҭакроу макьана зҵааран иаанхоит).
Новогодние игрушки - Sputnik Аҧсны, 1920, 30.12.2017
Ашәҭқәа, акакаҷқәа: аԥсуаа Ашықәс Ҿыц ишаԥылоз
Ҳаамҭа ицәырнагаз аиҭакрақәа иреиуоуп, иара убас Ашықәс ҿыц аухазы аигәылацәа реиҭанеиааирақәа рмаҷхара, иҟалап ари атенденциа шықәсқәак раԥхьа аҿкы чымазара иахҟьаны иҟаз аԥкрақәа ирылҵшәахазаргьы. Досу рыҩнқәа рҿы итәаны ҭынч иаԥылоит иааиуа ашықәс, уимоу аҩнқәа рашҭақәа рҟны адәы иқәны иубо ауаа маҷуп. Ҳәарада зехьынџьара еиԥшым, зегь хаҭа-хаҭалоуп, аха ари аҩыза "аҭынчхара" атәы зҳәо рацәаҩуп.
Алкаа маҷ ҟауҵозар, иубоит аџьамыӷәа цәгьа иҭагылаз, "иҳаҳарызеишь" ҳәа иԥшыз ажәлар шықәсқәак рнеҩс зхақәиҭра иазгәырӷьо ракәны ишыҟалаз, уиаамышьҭахь реиҳа ишҭышәынтәалахаз. Иахьа ирымоу ахақәиҭра акәзар, азин рынаҭоит дара ишырҭаху аныҳәа аԥылара – аҿыц наплых хәмаргақәа, мамзаргьы ажәытә рԥшӡагақәа-рхаагақәа, ҭаацәашәала аҩны, мамзаргьы ҭаацәаныла даҽа ҭыԥк аҿы (Аԥсны анҭыҵгьы налаҵаны). Амала уахьыҟазаалакгьы ари аныҳәа еснагь ухәыҷрахьы узыргьежьуа акоуп. Аныҳәатә гәалаҟара аԥызҵо хәыҷи дуи ззыԥшу ассир агәрагароуп…
Ажәабжьқәа зегьы
0