00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
Новости 14.00
Главные темы
14:05
10 мин
Новости 14.30
Главные темы
14:36
10 мин
18:00
30 мин
18:30
30 мин
21:00
30 мин
21:30
30 мин
08:00
30 мин
08:30
31 мин
13:00
30 мин
On air
13:30
31 мин
On air
18:00
30 мин
On air
18:30
30 мин
On air
21:00
30 мин
On air
21:30
30 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7
Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Афестиваль "Хьыбла Гьерзмааԥҳа шәаалыԥхьоит..." ахыркәшаратә концерт мҩаԥгахоит Москва

© Sputnik / Кирилл Каллиников / Амедиаҵәахырҭахь аиасраОткрытие I Международного конкурса вокалистов и концертмейстеров Хиблы Герзмава
Открытие I Международного конкурса вокалистов и концертмейстеров Хиблы Герзмава - Sputnik Аҧсны, 1920, 13.01.2024
Анапаҵаҩра
АҞӘА, ажьырныҳәа 13 - Sputnik. Афестиваль "Хьыбла Гьерзмааԥҳа шәаалыԥхьоит..." ахыркәшаратә концерт мҩаԥгахоит ажьырныҳәа 13, Станиславскии Немирович-Данченкои рыхьӡ зху Москватәи академиатә Амузыкатә театр асценаҟны.
Аконцерт иалахәхоит аиндаҭлара иалахәызи аԥхьахәқәа занашьази: Хьыбла Гьерзмааԥҳа еиҿылкааз ашәаҳәаҩцәеи-аконцертмеистерцәеи Жәларбжьаратәи реицлабра актәи апремиа иаԥсахаз Ольга Маслова, апианинорҳәаҩы, аконцертмеистерцәа рыбжьара Гьерзмааԥха леицлабра аҟны аиааира згаг Марк Ваза, аоператә шәаҳәаҩы, аҩбатәи апремиа занашьаз Ливеи Хоу, иара убас афестиваль ахыркәшаратә концерт ахь Алада Кореиантәи иааз асас ҷыда Сон Чи Хун.
Уи адагьы, ажьырныҳәа 22 рзы Казан, Салих Саидашев ихьӡ зху аконцерттә зал ду аҿы имҩаԥгахоит Хьыбла Гьерзмааԥҳаи аицлабра алауреатцәеи рконцерт.

"Ҳмузыкатә хықәкы - ҳахәаԥшцәеи амузыкеи рахь иҳамоу абзиабара ауп. Станиславскии Немирович-Данченкои рыхьӡ зху Москватәи академиатә Амузыкатә театр асценаҟны иахьатәи ҳконцерт иаҭаауа ирбарц сҭахәуп ҭаацәак еиԥш ҳшыҟоу", - лҳәеит аоператә шәаҳәаҩы, Аԥсни Урыстәылеи жәлар рартистка Хьыбла Гьерзмааԥҳа Москва имҩаԥылгаз апресс-конференциаҿы.

Гьерзмааԥҳа иргәалалыршәеит афестиваль "Хьыбла Гьерзмааԥҳа шәаалыԥхьоит..." Аԥсны шакәуи иахьииз, лани-лаби ргәалашәара ишазкәу, уи аҟнытә лара лзы ишхадаро аицлабра иалахәуи лареи ҭаацәак реиԥш ишыҟоу аарԥшра. Гьерзмааԥҳа илҳәеит, егьырҭ афестивальқәа ирылахәыз зегьы рҟазара дшазҿлымҳау, урҭ реихьӡарақәа дшаргәырӷьо.
Афестиваль "Хьыбла Гьерзмааԥҳа шәаалыԥхьоит..." 2001 шықәсазы Аԥсны иаԥылҵеит адунеи зегь аҿы еицырдыруа аоператә шәаҳәаҩы, Аԥсни Урыстәылеи жәлар рартистка Хьыбла Гьерзмааԥҳа. 2014 шықәса инаркны афестиваль агеографиа аҽарҭбааит. Уи аконцертқәа мҩаԥысуан Москва Чаиковски ихьӡ зху Аконцерттә зал аҿы, К. С. Станиславскии В. И. Немирович-Данченкои рыхьӡ зху Амузыкатә театр аҿы, Австриа, Швеицариа, Латвиа, Британиа Ду, Италиа, Еиду Америкатәи аштатқәа рыҟны.
Ажәабжьқәа зегьы
0