Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аҳауагәаҭаҩ еиҭалҳәеит Аԥсны ажьырныҳәа аҩбатәи ахәҭазы амш зеиԥшрахо

© Sputnik / Томас ТхайцукВид с Анакопийской крепости
Вид с Анакопийской крепости  - Sputnik Аҧсны, 1920, 17.01.2024
Анапаҵаҩра
АҞӘА, ажьырныҳәа 17 – Sputnik. Аԥсны ажьырныҳәа аҩбатәи ахәҭазы аҳауа хьшәашәахоит, амшын аԥшаҳәаҿи ашьхара иахьаԥнуи асы леир алшоит, абри атәы арадио Sputnik иазеиҭалҳәеит аекологиаз Аҳәынҭеилакы аҳауагәаҭаҩ Диана Ҭраԥшьԥҳа.
Ҭраԥшьԥҳа лажәақәа рыла, атмосфератә қәыӷәӷәара иахҟьаны аҳауа аҽеиҭанаклоит, аԥшасра секундк ала 12-17 метра инаӡар ауеит.
Ҭраԥшьԥҳа лажәақәа рыла, аамҭа-аамҭала ақәа леилоит, амш анеихыккогьы ҟалалоит.
Ажьырныҳәа 22, 23, 24 рзы амш цәгьахаӡом, аҳауаԥхарра +13℃ рҟынӡа ишьҭыҵуеит.
Ажьырныҳәа 29 -31 рзы Атлантикантәи иаауа аҳауа хьшәашәа иахҟьаны амшынԥшаҳәа иахьаҵанакуа ақәабаасабаа леиуеит. Ҽынла +8℃ – +13℃ иԥхаррахоит, егьырҭ амшқәа рзы–+1℃ – +6℃, ашьхарахь асы леиуеит.
Амшынӡы аҟәандара +9℃-10℃, аисра 2-4 балл инаӡоит, аҳауатә цәаакыра 60 - 90%, атмосфератә қәыӷәӷәара шьақәтәам.
Ажәабжьқәа зегьы
0