https://sputnik-abkhazia.info/20240118/lavrov-ialsho-zeg-aoit-zhlarbzharati-aizyazaashaa-ademokratiat-azsha-rymazaarts-1049862476.html
Лавров: иҳалшо зегь ҟаҳҵоит жәларбжьаратәи аизыҟазаашьақәа адемократиатә ҟазшьа рымазаарц
Лавров: иҳалшо зегь ҟаҳҵоит жәларбжьаратәи аизыҟазаашьақәа адемократиатә ҟазшьа рымазаарц
Sputnik Аҧсны
АҞӘА, ажьырныҳәа 18 - Sputnik. Москва иалшо зегь ҟанаҵоит жәларбжьаратәи аизыҟазаашьақәа еиҳа адемократиатә ҟазшьа рымазаарц, Урыстәыла жәларбжьаратәи аренахь... 18.01.2024, Sputnik Аҧсны
2024-01-18T16:00+0300
2024-01-18T16:00+0300
2024-01-18T16:00+0300
урыстәыла
ажәабжьқәа
аполитика
сергеи лавров
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e7/06/1a/1046561260_0:0:2670:1503_1920x0_80_0_0_0b8ae8857a6450e732165877cf92503a.jpg
АҞӘА, ажьырныҳәа 18 - Sputnik. Москва иалшо зегь ҟанаҵоит жәларбжьаратәи аизыҟазаашьақәа еиҳа адемократиатә ҟазшьа рымазаарц, Урыстәыла жәларбжьаратәи аренахь аиашеи аҵабырги аидеалқәа рӡыргара иацнаҵоит, абри атәы иҳәоит УА АдәА рминистр Сергеи Лавров. Иара убасгьы иазгәеиҭеит Мраҭашәара абзиа агәҭакуп ҳәа иҟаз агәыӷрақәа шеиԥхьбаз, Мраҭашәара агәрагара шзалымшо. "Урыстәыла иаҿагыланы Мраҭашәара имҩаԥнаго агрессиа иадҳәалоу афакторқәа акыр ирацәоуп. Урҭ иаадырԥшит Мраҭашәара ахықәкыҵәҟьа, иаҳнарбеит ԥхьаҟа ишынхатәу. 1990-шықәсқәа раахыс иаанханы иҟаз – Мраҭашәара амҵәыжәҩа ҳаҵанакуеит, адемократиа зегь ҳаиднакылоит ҳәа агәыӷрақәарышьҭамҭа ныҵаба ицеит. Мраҭашәара агәрагара ҳцәыӡит", - иҳәеит аминистр. Лавров рыӡбахә далацәажәеит Урыстәыла иахьазы иарӷьажәҩаны ишыҟалаз - Иран, Ҭырқәтәыла, ЕАЕ, Саудтәи Аравиа.Аминистр хазы дырзааҭгылеит Урыстәылеи Китаии реизыҟазаашьақәа. Лавров иҳәеит Москва аинтерес шаанарԥшуа ҩ-ганктә еизыҟазаашьақәа рыҿиара адагьы арегионалтә структурақәа рыбжьара аиныррақәа рыҿиаразгьы.
https://sputnik-abkhazia.info/20240118/lavrov-urystyla-ukraina-imanago-arrat-operatsia-akhyka-nanagoit-1049861392.html
урыстәыла
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2024
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e7/06/1a/1046561260_0:0:2670:2003_1920x0_80_0_0_ab824aa54337f6318b531e601e2c9aaa.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа, аполитика, сергеи лавров
ажәабжьқәа, аполитика, сергеи лавров
Лавров: иҳалшо зегь ҟаҳҵоит жәларбжьаратәи аизыҟазаашьақәа адемократиатә ҟазшьа рымазаарц
АҞӘА, ажьырныҳәа 18 - Sputnik. Москва иалшо зегь ҟанаҵоит жәларбжьаратәи аизыҟазаашьақәа еиҳа адемократиатә ҟазшьа рымазаарц, Урыстәыла жәларбжьаратәи аренахь аиашеи аҵабырги аидеалқәа рӡыргара иацнаҵоит, абри атәы иҳәоит УА АдәА рминистр Сергеи Лавров.
"Ҳара жәларбжьаратәи аренахь икылаагалоит аиашеи аҵабырги ридеалқәа, иалшо зегь ҟаҳҵоит жәларбжьаратәи аизыҟазаашьақәа еиҳа адемократиатә ҟазшьа рымазаарц. Абри аганахь ала ҳминистрра активла адгылара анаҭоит "Иаку Урыстәыла" аԥшьгамҭа – ҳаамҭазтәи анеоколониализм аҿагылара адгылаҩцәа Жәларбжьаратәи рпартиатә форум Москва амҩаԥгара", - иҳәеит Лавров аихшьаалатә пресс-конференциаҿы.
Иара убасгьы иазгәеиҭеит Мраҭашәара абзиа агәҭакуп ҳәа иҟаз агәыӷрақәа шеиԥхьбаз, Мраҭашәара агәрагара шзалымшо.
"Урыстәыла иаҿагыланы Мраҭашәара имҩаԥнаго агрессиа иадҳәалоу афакторқәа акыр ирацәоуп. Урҭ иаадырԥшит Мраҭашәара ахықәкыҵәҟьа, иаҳнарбеит ԥхьаҟа ишынхатәу. 1990-шықәсқәа раахыс иаанханы иҟаз – Мраҭашәара амҵәыжәҩа ҳаҵанакуеит, адемократиа зегь ҳаиднакылоит ҳәа агәыӷрақәарышьҭамҭа ныҵаба ицеит. Мраҭашәара агәрагара ҳцәыӡит", - иҳәеит аминистр.
Лавров рыӡбахә далацәажәеит Урыстәыла иахьазы иарӷьажәҩаны ишыҟалаз - Иран, Ҭырқәтәыла, ЕАЕ, Саудтәи Аравиа.
Аминистр хазы дырзааҭгылеит Урыстәылеи Китаии реизыҟазаашьақәа. Лавров иҳәеит Москва аинтерес шаанарԥшуа ҩ-ганктә еизыҟазаашьақәа рыҿиара адагьы арегионалтә структурақәа рыбжьара аиныррақәа рыҿиаразгьы.