https://sputnik-abkhazia.info/20240120/uarti-aeizakyray-avideorbagaa-aus-zyrymuo-aty-reit-1049892512.html
Џьуартәи аӡеизакырҭаҿы авидеорбагақәа аус зырымуо атәы рҳәеит
Џьуартәи аӡеизакырҭаҿы авидеорбагақәа аус зырымуо атәы рҳәеит
Sputnik Аҧсны
Акамерақәа, ареспублика лашарала еиқәзыршәо Џьуартәи аӡеизакырҭа аҟны аӡы аҩаӡара унарбон. 20.01.2024, Sputnik Аҧсны
2024-01-20T17:40+0300
2024-01-20T17:40+0300
2024-01-20T17:40+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
аԥсны
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e5/01/14/1031662912_0:86:1501:930_1920x0_80_0_0_ae3de7fe3a9105fc7962bf7ec9fd4b13.jpg
АҞӘА, ажьырныҳәа 20 - Sputnik. Џьуартәи аӡеизакырҭаҿы иқәгылоу авидеорбагақәа атехникатә еиԥҟьарақәа ирыхҟьаны аус руӡом ҳәа рҳәеит "Система" апроваидерцәа.ЕгрыГЕС аусура иаларган 1978 шықәсазы. Аӡкыра 272 метра зыҩаӡара Қырҭтәыла аҵакыраҿы игылоуп, атурбинақәеи агенераторқәеи – Аԥсны аҵакыраҿы. Бжьаратәла шықәсык ЕгрыГЕС алашара 3 миллиардки 700 миллион киловатт-сааҭ аунашьҭуеит.Аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы Аԥсны аенергетика ахырхарҭаҿы ауадаҩрақәа ыҟоуп. Изакәанымкәан афымцалашара ахархәара рацәа ахьыҟоу, афымцацәаҳәақәа ахьажәыз, амчхара ахьмаҷхаз ирыхҟьоит иҟоу акризис.Абарҭқәа зегьы ирыхҟьаны, ахьшәашәарақәа аныҟалалак атәылаҟны иаларгалоит аамҭа-аамҭала алашара арцәара. Раионқәак рыҟны уахыки-ҽнаки аа-сааҭк лашарада иаанхар алшоит. Иара убас, ҭагалани аӡыни Аԥсны Урыстәылантәи алашара иаҳәоит. Ҵыԥх, абҵарамза инаркы ареспублика мраҭашәареи агәҭантәи ахәҭеи урыстәылани алашара аиуеит.
https://sputnik-abkhazia.info/20240120/2024-shysazy-asny-afymtsamchagaa-30-nyz-yyrgylakhoit-1049888703.html
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2024
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e5/01/14/1031662912_24:0:1357:1000_1920x0_80_0_0_a977ecab6f007327cc9598be727fbbb5.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа, аԥсны
Џьуартәи аӡеизакырҭаҿы авидеорбагақәа аус зырымуо атәы рҳәеит
Акамерақәа, ареспублика лашарала еиқәзыршәо Џьуартәи аӡеизакырҭа аҟны аӡы аҩаӡара унарбон.
АҞӘА, ажьырныҳәа 20 - Sputnik. Џьуартәи аӡеизакырҭаҿы иқәгылоу авидеорбагақәа атехникатә еиԥҟьарақәа ирыхҟьаны аус руӡом ҳәа рҳәеит "Система" апроваидерцәа.
"Акамерақәа реиԥҟьара - атехникатә зҵаароуп. Ҳҟазауаа иҟоу ауадаҩрақәа раԥыхразы аусурақәа ирҿуп, иаарласны урҭ русура шьақәыргылахоит", - ҳәа аҳәоит акьыԥхь аҟны.
ЕгрыГЕС аусура иаларган 1978 шықәсазы. Аӡкыра 272 метра зыҩаӡара Қырҭтәыла аҵакыраҿы игылоуп, атурбинақәеи агенераторқәеи – Аԥсны аҵакыраҿы. Бжьаратәла шықәсык ЕгрыГЕС алашара 3 миллиардки 700 миллион киловатт-сааҭ аунашьҭуеит.
Аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы Аԥсны аенергетика ахырхарҭаҿы ауадаҩрақәа ыҟоуп. Изакәанымкәан афымцалашара ахархәара рацәа ахьыҟоу, афымцацәаҳәақәа ахьажәыз, амчхара ахьмаҷхаз ирыхҟьоит иҟоу акризис.
Абарҭқәа зегьы ирыхҟьаны, ахьшәашәарақәа аныҟалалак атәылаҟны иаларгалоит аамҭа-аамҭала алашара арцәара. Раионқәак рыҟны уахыки-ҽнаки аа-сааҭк лашарада иаанхар алшоит. Иара убас, ҭагалани аӡыни Аԥсны Урыстәылантәи алашара иаҳәоит. Ҵыԥх, абҵарамза инаркы ареспублика мраҭашәареи агәҭантәи ахәҭеи урыстәылани алашара аиуеит.