Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Sputnik амчыбжь: раԥхьатәи аусуратә мшқәа, АЗХ аҿы амцакра ду

© Sputnik / Томас ТхайцукПожар в Национальной картинной галерее
Пожар в Национальной картинной галерее - Sputnik Аҧсны, 1920, 22.01.2024
Анапаҵаҩра
Аинформациатә маҵзура Sputnik Аԥсны иазнархиеит ажьырныҳәа 15 - 21 рыҩнуҵҟа Аԥсны еиҳа иналукааша ахҭықәа реиқәыԥхьаӡа.
Ари амчыбжь азы ареспублика ауааԥсыра аԥсшьарамшқәа рышьҭахь аусура иҭыҵит, еиҳа изҭаауаз атуробиектқәа аихшьаалақәа ҟарҵеит, Амилаҭтә сахьатә галереиа афонд аиҳара амца иалаблит.

Амилаҭтә рыцҳара

Аԥсны амилаҭтә сахьатә галереиа амца акит ҳәа АҶА аҷаԥшьаҩ иахь адырра ҟалеит асааҭ 03:38 рзы. Амца дырцәон Аҟәа, Гәдоуҭа, Гәылрыԥшь, Очамчыра рымцарцәаратә гәыԥқәа 11, аха амца аанкылара анрылша асааҭ 7 рзоуп.
Иццышәхаз аҟазара: Аԥсны Амилаҭтә сахьатә галереиа блит - Sputnik Аҧсны, 1920, 21.01.2024
Аԥсны
Иццышәхаз аҟазара: Аԥсны Амилаҭтә сахьатә галереиа блит
Аҩбатәи аихагылаҿы асахьақәа зегьы ахьыҵәахыз ишьҭан ԥшь-нызқь цыра рҟынӡа аԥсуа сахьаҭыхыҩцәа русумҭақәа, Александр Шервашиӡе-Чачба, Варвара Бубнова, Борис Петров, Владимир Контарев, Марина Ешԥҳа, Витали Лакрба, Валери Гамгьиа, Витали Џьениа, Амиран Адлеиба, Ольга Брендель уҳәа ӡәырҩы ртәқәагьы налаҵаны. Урҭ зегьы реиҳарак амца иалаблит.
Аԥсны Амилаҭтә сахьатә галереиа афонд иалаз 200 сахьа реиқәырхара алшеит.
Пожар в Национальной картинной галерее - Sputnik Аҧсны, 1920, 21.01.2024
Аԥсны
Ацәыргақәҵатә зал хадаҿы амца иацәынхеит 200 усумҭа
Еиқәхаз рыбжьара иҟоуп Виктор Шьеглов, Хәыта Аҩӡба, Сергеи Сангалов, Сергеи Габелиа, Виссарион Ҵәыџьба, Варвара Бубнова уҳәа русумҭақәа. Александр Шервашиӡе-Чачба ирҿиамҭақәа реиқәырхара алымшеит.
Аԥсны Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра Аҟәа Ацәыргақәҵатә зал хада амца закыз еилыркаауеит.
Уажәы ахҭыс ахьыҟалаз аҭыԥ аҿы раԥхьатәи аматериалқәа еидыркылоит, амцарцәара-техникатә експертиза азгәаҭоуп.
Амцакра иахҟьаны ааха аиуит ари ахыбраҿы иҟаз Абанк ЦМР аофисгьы, аха уи абанк аусура иаԥырхагахом. Ажьырныҳәа 22 инаркны абанк аклиентцәа аднакылалоит Леон имҩа, 17 аҿтәи ахыбраҿы.
Пожар в Национальной картинной галерее - Sputnik Аҧсны, 1920, 21.01.2024
Амца иахәхаз аҟазара: Амилаҭтә сахьатә галереиа шыблыз

Аусеицура аиҿкаара

Аԥсны аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистрра аделегациа Белоруссиаҟа амҩа иқәлеит амцарцәаҩцәа-аиқәырхаҩцәа рзы аицлабрақәа рыҽрыладырхәырц ҳәа аанацҳауеит аусбарҭа апресс-маҵзура.
Аделегациа напхгара аиҭон аминистр ихаҭыԥуаҩ, аинрал-маиор Тигран Делибалтиан.
Белоруссиа Аиқәырхаҩ имш азы есышықәса имҩаԥырго атурнир мҩаԥысуеит ажьырныҳәа 17-20 рзы Бобруиск ақалақь аҿы. Аицлабрақәа ирылахәын 14 команда – Аԥсны, Белоруссиа, Урыстәыла, Аахыҵ Уаԥстәыла рҟынтәи. Аицлабрақәа мҩаԥгахоит анапылампыл, ашьапылампыл маҷ, амцарцәаратә спорт рганахьала.
МЧС Абхазии тушат пожар  - Sputnik Аҧсны, 1920, 16.01.2024
Аԥсны
Аԥсны АҶА аусзуҩцәа алахәхоит Белоруссиа аиқәырхаҩцәа рзы имҩаԥысуа аицлабрақәа

Аклассик имшира

Ҳаамҭазтәи аԥсуа литература аклассик, Аԥсны Жәлар рпоет Мушьни Лашәриа ажьырныҳәа 16 рзы 86 шықәса ихыҵит.
Аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рызтәи иусура далацәажәо автор иазгәеиҭоит иреиҳаны иибо Ауасиаҭ Ҿыци Апсалтыри аԥсуа бызшәахьы реиҭагара аус шакәу.
Ԥхьаҟатәи иусқәа ртәы ҳәо иазгәеиҭеит дызлагахьо хыркәшаны аҿыцқәа напрылакра шиҭаху.
Мушни Ласуриа - Sputnik Аҧсны, 1920, 16.01.2024
Аԥсны
Жәлар ирылҵыз - жәлар ирзышәаҳәо: апоет Мушьни Лашәриа алитература аҳаракырахь имҩа

Аныҳәамшқәа реихшьаалақәа

Риҵатәи апарки Афонтәи аҳаԥи аԥсшьарамшқәа раантәи русура аихшьаалақәа арҭеит.
Аныҳәамшқәа раан Риҵатәи амилаҭтә парк иаҭааит жәа-нызқьҩык рҟынӡа ауаа ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит апарк адиректор Адамыр Багаҭелиа.
2024-тәи ашықәс раԥхьатәи 15 мшы рыҩнуҵҟа апарк иаҭааит 10 831-ҩык, абиуџьет иаланагалеит 6,9 миллион мааҭ.
Афонтәи аҳаԥы иаҭааит 7 832-ҩык ауааԥсыра, ԥарала - хә-миллионк инацны иаланагалеит.
Заснеженные пейзажи озера Рица  - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.01.2024
Аԥсны
Атуризм аминистрраҿы еиҭарҳәеит аныҳәамшқәа рзы Риҵеи Афонҿыцтәи аҳаԥи шаҟаҩы аҭааз
2024 шықәса ажьырныҳәа 1 аахыс Отаԥ иҟоу Абраскьыл иҳаԥы иаҭааит 200-ҩык рҟынӡа ауааԥсыра. Атуристцәа рхатә транспорт алоуп изланеиуаз, еиҿкааз аекскурсиақәа ыҟамызт.

Аԥсыҭбара зцыз амҩатә машәыри ауаажәларратә зинеиҿкаара аилагареи

Гәдоуҭа араион иахьаҵанакуа ареспубликатә мҩаду аҿы амашәыр ҟалеит ашәахьа, ажьырныҳәа 15 рзы.
Гәдоуҭа араион аҿы иҟалаз амҩатә машәыр аан ааха зауз арныҟәцаҩ ахәшәтәырҭаҿы дышнаргазгьы, иԥсҭазаара далҵит.
Смертельное ДТП произошло на Бзыбском мосту  - Sputnik Аҧсны, 1920, 20.01.2024
Аԥсны
Бзыԥҭа ацҳаҟны аԥсҭбара зцу амашәыр ҟалеит
Бзыԥҭатәи ацҳаҟны иҟалаз амҩатә машәыр аҟны акәзаргьы хаҵак дҭахеит, аԥҳәыс ахәышәтәырҭахь днаргеит.
2024 шықәсазы Аԥсны амҩақәа рыҟны 5 машәырк ашәҟәы иҭаргалеит ҳәа азгәарҭеит АҩАР аҳасабырбатә еилацәажәараҟны. Ари аамҭазы ҩыџьа ҭахеит, ааха роуит ԥшьҩык. Арыжәтә ыжәны аԥсҟы ркын ҳәа ишьақәыргылоуп 86-ҩык.
Ажьырныҳәа 14-15 руыха иҭахаз рбаҟа машьынала дакәшон еилкаамыз ахаҿы ҳәа адырра ҟаҵан.
Анаҩс Ахьӡ-аԥша апарк машьынала иқәлаз амилициа алеитенант еиҳабы Назар Карданов иоуп ҳәа ишьақәыргылахеит. Иара иусура дамырхит.
Мемориал в Парке Славы - Sputnik Аҧсны, 1920, 17.01.2024
Аԥсны
Ахьӡ-аԥша апарк машьынала иқәлаз Аԥсны АҩА рминистрра аусзуҩ иусура дамхуп
Гәдоуҭа араион Аацы ақыҭа инхо Адамыр Ԥачалиа иԥшаара рылаҳәоуп, абри атәы аанацҳауеит Апрокуратура хада апресс-маҵзура.
Аусҭҵаара адыррақәа рыла, Ԥачалиа ԥхынҷкәын 25 рзы Гал араион Хьацха ақыҭан иҟоу агәаҭара-аушьҭырҭатә ҭыԥ "Егры" аҿы амилициа аусзуҩцәа аҿагылара риҭеит.
Ԥачалиа амилициа аҟәшахьы анеира мап ацәикит, Очамчыра араион ашьаусԥшаара аҟәша аиҳабы и.н. Захариан дишьклахысит. Абри ашьҭахь аҭыԥ аҟынтәи аҳәынҭномерқәа змамыз автомашьына Мерседес ала дыбналеит.
Машины милиции Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 18.01.2024
Аԥсны
Гәдоуҭа араион инхо ахаҵа амилициаа аҿагылара ахьриҭаз азы ишьҭазаара рылаҳәоуп

Аӡӡаахраантәи аӡҽыҭшьрақәа

Иоанн Ахьҿы ихьӡ зху Камантәи аберҭыԥ ахылаԥшҩы аб Игнати (Кьиут) ажьырныҳәа 19 ауха аӡӡаахрақәа мҩаԥигеит.
Анцәа имҵаматанеира ашьҭахь аӡы иԥшьеит, Анцәа дхазҵоз аӡы хынтә рыҽӡааршьит.

Абылтәы азҵаара

Аекономикатә политикеи, ареформақәеи, аинформациатә технологиақәеи рзы апарламенттә еилакы аилатәара мҩаԥысит ажьырныҳәа 18 рзы.
Аилатәара иалахәыз аекономика аминистр лхаҭыԥуаҩ Ҭеимураз Амқәаб,
Аԥсны аиҳабыреи урыстәылатәи рколлегацәеи аилацәажәарақәа мҩаԥыргоит аилахәыра "Роснефть" амацара Урыстәылантә Аԥсныҟа анефҭ аалыҵқәа рекспорт азин ҟазҵо ақәҵара аганахь ала ҳәа иҳәеит.
Жәлар Реизара адепутатцәа Аҳәынҭдумахь азыҳәа ҟарҵар ҟалоит Аԥсныҟа абылтәы аагаразы иҟоу ауадаҩрақәа рыӡбараз.
Хра злоу ахҭысқәа: Ԥлиа абылтәы азҵааразы аилатәара иазкны  - Sputnik Аҧсны, 1920, 19.01.2024
Арадио
Хра злоу ахҭысқәа: Ԥлиа абылтәы азҵааразы аилатәара иазкны

Ауаажәларратә Палата ааԥхьара

Аԥсны Ауаажәларратә Палата Аԥсны АШәМ ахь ааԥхьара ҟанаҵеит асоциалтә ҳақәа рҿы ирыларҵәо Қырҭтәыла ауааԥсыра зыҟны иарбо афотои авидеои риашара шьақәырӷәӷәазарц.
Гал араион ахада Константин Ԥлиа иажәақәа рыла ареспубликахь визала дааит Қырҭтәыла атәылауаҩ, аблогер. Иара дымҩаԥыргон Гал ауааԥсыра ԥышьҩыуаак.

Ацәыӡ ду

Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аветеран, Аԥснытәи АССР зҽаԥсазтәыз арҵаҩы, аџьа аветеран Екатерина Синиавскаиа лыԥсҭазаара далҵит 102-шықәса дшырҭагылаз.
18 шықәса анылхыҵуаз аибашьра ицаз Екатерина Синиавскаиа иланашьоуп Аџьынџьтәылатә еибашьразы аорден II аҩаӡара, амедалқәа "Аибашьратә лшамҭақәа рзы", " Кавказ ахьчараз", " Германиа аиааираз", " Иапониа аиааираз".
Синявская Екатерина Васильевна - Sputnik Аҧсны, 1920, 19.01.2024
Аԥсны
Лыԥсҭазаара далҵит Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аветеран Синиавскаиа

Имцхаз ашәарҭара

Аҟәа аҩбатәи ашкол артҟәацга аҵоуп ҳәа Аԥсны АҶА ашҟа адырра ҟарҵеит ажьырныҳәа 19 рзы. Аҵаҩцәеи арҵаҩцәеи ашкол идәылҵит. Аҭыԥ аҟны аус руан иҷыдоу аусбарҭақәеи АҶА аусзуҩцәеи.
Артҟәацга рымбаӡеит.
Машина МВД Абхазии  - Sputnik Аҧсны, 1920, 19.01.2024
Аԥсны
Аҟәа аҩбатәи ашкол артҟәацга аҵоуп ҳәа адырра иҟаҵаз иашамхеит
Иара убри аҽны, Гәдоуҭа иҟоу ахәҳаахәҭратә центр "Вавилон" артҟәацга аҵоуп ҳәа Аԥсны АҶА ашҟа адырра ҟарҵеит ажьырныҳәа 19 асааҭ 16:00 рзы.
АҶА апресс-маҵзураҿы ишазгәарҭаз ала, аҭыԥахь амҩа иқәлеит Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистр Лев Кәыҵниеи асапиорцәеи. Ахыбра артҟәацга аҵоуп ҳәа шьақәзырӷәӷәо ҳәа макьана акагьы ыҟаӡамызт.
АҶА аминистр иҳәеит, асеиԥш иҟоу аумҭақәа рзы ахарадҵара дырӷәӷәаразы Апарламент ахь ашәҟәы нарышьҭырц ргәы ишҭоу.
МЧС Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 19.01.2024
Аԥсны
Гәдоуҭа ахәҳаахәҭратә центр артҟәацга аҵоуп ҳәа Аԥсны АҶА ашҟа адырра ҟарҵеит
"Ас еиԥш иҟоу ахҭыскәа рзы лассы-лассы аҭел ианаҳзасуа ҳәарада иаҳгәаԥхом. Амаҵзура ҷыдақәа ари аус напаларкыроуп. Урыстәыла ари аҩыза аумҭа атеракт иаваҟәалоны иршьоит. Ҳаргьы Апарламент ахь асеиԥш иҟоу аумҭақәа рзы ахарадҵара дырӷәӷәаразы ашәҟәы анашьҭра ҳагәы иҭоуп", - ҳәа иҳәеит аминистр Лев Кәыҵниа.

Ашәарҭара ӷәӷәа

Дамаск ажьырныҳәа 20 азы ракетала иалахысит. Изеихсыз ԥшьеихагыларак змоу ахыбра, Шьамтәыла, Меззе иҟоу Аԥсны ацҳаражәҳәарҭа 150 метра иазааигәоуп.
"Ракетала ианхысуаз аамҭазы сареи аусзуцәа аӡәырҩи Ацҳаражәҳәарҭа ахыбраҿ ҳаҟан, ари ахысра ҳазҭанаргылаз ҳаӷеимшхаратәи цәанырроуп", - ҳәа иҳәеит Шьамтәыла иҟоу Аԥсны ацҳаражәҳәаҩ Муҳаммад Али, иагьазгәеиҭеит ацҳаражәҳәарҭа аусзуҩцәа аӡәгьы ааха шимоуз.
Инал Ардзинба - Sputnik Аҧсны, 1920, 20.01.2024
Аԥсны
Инал Арӡынба Дамаск анхарҭа ҩны иахьеихсыз дақәыӡбеит
Шьамтәылатәи амаҵзура SANA излаанацҳауа ала, ааха ҟазҵаз израильтәи архәҭақәа роуп. Иҟалаз ахысра иахҟьаны аӡәы дҭахеит, иҟоуп ахәрақәа зоуз.

Алашара арцәара иазыгьежьит

Аԥсны зехьынџьара ҩаха аамҭа-аамҭала алашара арцәара алагалоуп, абри атәы аанацҳаит "Амшынеиқәафымцамч" апресс-маҵзура.
Афымцалашараҟны иҟоу адефицит иахҟьаны алашара аамҭа-аамҭала идырцәалоит ажьырныҳәа 21 ҵхагәы инаркны ажьырныҳәа 23 ҵхыгәынӡа.
Астанциа маҷқәа рҟны хазы-хазны алашара дырцәалоит: асааҭ 01:00 -03:00; асааҭ 11:00 - 13:00, иара убасгьыасааҭ 03:00- 05:00; 13:00 - 15:00 рзы.
Свеча и книга  - Sputnik Аҧсны, 1920, 20.01.2024
Аԥсны
Аԥсны ҩаха аамҭа-аамҭала алашара арцәара алагалоуп
Ажәабжьқәа зегьы
0