Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Ахәыҷқәа рзы аомбудсмен лаппарат аҿы иаԥҵоуп Ауаажәларратә хеилак

© Foto / Аппарата Уполномоченного по правам ребенкаОбщественный совет при аппарате Уполномоченного по правам Детей
Общественный совет при аппарате Уполномоченного по правам Детей   - Sputnik Аҧсны, 1920, 02.02.2024
Анапаҵаҩра
Ауаажәларратә хеилак – ари иколлегиалтәу, иконсультативтәу еилацәажәаратә усбарҭоуп. Иара иахықәкуп ахәыҷқәа рзинқәа реиҿкаареи рыхьчареи рызҵаарақәа рҟны аомбудсмен ацхыраара лыҭара.
АҞӘА, жәабран 2 - Sputnik. Ахәыҷқәа рзинқәа рыхьчаразы Аппарат аҿы иаԥҵоуп Ауаажәларратә хеилак. Аусбарҭа ҿыц аомбудсмен аконсультациақәа лынаҭалоит, ажәадгалақәа ҟанаҵалоит ахәыҷқәа рзинқәа реиҿкаареи рыхьчареи рызҵаарақәа рзы ҳәа аалыцҳауеит ахәыҷқәа рзинқәа рыхьчаразы Аппарат анапхгаҩы.
Ауаажәларратә хеилак иалахәуп:
Аҵара аминистр актәи ихаҭыԥуаҩ Ада Кәарҷелиаԥҳа;
Агуманитартә прогаммақәа Рцентр анагӡаратә директор Арда Инал-иԥа;
Агуманитартә прогаммақәа Рцентр аексперт-зиндырыҩ Саид Гьезердаа;
АГЕ БОО "Кьараз" ацшьаҭаркыҩ Кама Кәыҵниаԥҳа;
Ахәыҷтәы фонд "Росток" анапхгаҩы Анна Подолианко;
Агәабзиарахьчара аминистр иабжьгаҩ Алиса Матуаԥҳа;
Ацентр “Аԥсны аҵараҵараҿы Аинновациақәа” ацшьаҭаркҩы Ронеза Пациаԥҳа.
Ахеилак ахантәаҩыс далхуп Москва иҟоу аԥсуа диаспора рнапхгараҭара алахәыла Инна Барчанԥҳа.
Ахеилак актәи аилатәара мҩаԥысит жәабран 1 азы. Алахәылацәа иазгәарҭеит аԥыжәара зҭатәу аусқәа, ишьақәдыргылеит русура аплан ахырхарҭа хадақәа.
Ажәабжьқәа зегьы
0