Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Занҭариа аетнографиатә парк "Аԥсны" аԥсҭазаашьа иазкны

Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Занҭариа аетнографиатә парк "Аԥсны" аԥсҭазаашьа иазкны
Анапаҵаҩра
Аԥсуа инхашьа-инҵышьа, иԥсҭазаашьа аарԥшра иазку Мгәыӡырхәа иҟоу амилаҭтә етнографиатә парк "Аԥсны" аиҳабы Рашь Занҭариа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит апарк аиҿкаара аус ахьынӡанагоу, иҳаҩсыз ашықәс азы иҟаҵаз, ӷәҭакқәас ирымоу.
"Апарк иаҭаауа амузеи рбар рылшоит, ауасҭацәа рашҭа, ахысырҭа, еиуеиԥшым егьырҭ аҭыԥқәа. Ауаа рхыԥхьаӡара ацлоит, аԥсшьаҩцәа рхыԥхьаӡара рацәаҩхо иалагеит. Угәы иаахәоит ахәыҷқәа ахьаарго. Иҟоуп араҟа уԥсы ахьушьо аҭыԥқәа. Ауасҭацәа рашҭа аҟны акәзар, дыҟоуп ажьи, убасгьы амҿы, анышәаԥшь аус адызуло. Насгьы аҷкәынцәа аԥсуа ҭаҭын ырҵәины, ихыхны иҟарҵоит",- иҳәеит Занҭариа.
Иара иажәақәа рыла, иахьазы апарк аҟны аус руеит 30-ҩык инарзынаԥшуа. Аиҳараҩык уи ааигәасигәа инхо роуп.
Апарк аԥхьа амҩа инахыкны адгьыл рыцқьаны, ицәаӷәаны алаванда шәҭқәа еиҭарҳаит. Убасгьы апарк аҩадахьала аԥхьаҟа аԥстәқәа аԥсаатәқәеи рҭыԥ еиҿыркаарц гәҭакыс ирымоуп, иҳәеит Занҭариа.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.
Ажәабжьқәа зегьы
0