Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Бжьаниа Путин дидышшылеит Украина Арбџьармчқәа Лисичанск ианалахыс ауаа ахьҭахаз инамаданы

© Sputnik / Томас Тхайцук Администрация Президента РА
Администрация Президента РА  - Sputnik Аҧсны, 1920, 04.02.2024
Анапаҵаҩра
АҞӘА, жәабран 4– Sputnik. Аслан Бжьаниа Владимир Путин дидышшылеит Украина Арбџьармчқәа Лисичанск ианалахыс ауаа ахьҭахаз инамаданы.
"Гәалсра дула сшәыдышшылоит Лисичинск аҭынч уааԥсыра 28-ҩык ахьҭахаз. Аԥсуа жәлар рылахь еиқәуп, иҭахаз рыуацәеи рҭахцәеи ргәырҩа рыцеиҩыршоит", - ҳәа аҳәоит адышшыларатә шәҟәаҿы.
Бжьаниа иара убас дидышшылеит ЛЖәР ахада Леонид Пасечник.
Жәабран 3 рзы Украина Арбџьармчқәа Лисичансктәи ачаӡырҭа иаеихсит. ЛЖәР ахадара адыррақәа рыла, 28-ҩык ҭахеит, жәаҩык ахәрақәа роуит. Урыстәыла АҶА аиқәырхаҩцәа ахҟьаԥҟьақәа рықәгара иаҿуп.
Ажәабжьқәа зегьы
0