Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Sputnik амчыбжь: атәыла ахада Москваҟа ицара, афымца азымхара, МГИМО ашкол ААУ аҟны

© Foto / Парламент Абхазии Сессия парламента
Сессия парламента  - Sputnik Аҧсны, 1920, 05.02.2024
Анапаҵаҩра
Аинформациатә маҵзура Sputnik иазнархиеит ажьырныҳәа 29 инаркны жәабран 4 рҟынӡа ареспублика аҩнуҵҟа аҭыԥ змаз иналукааша ахҭысқәа рыхҳәаа.
Атәыла анапхгара абылтәи аенергетикатә кризиси азҵаарақәа шырыӡбо, Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҟны МГИМО ашкол аартра, Амилаҭтә сахьатә галереиа ԥхьаҟатәи аԥеиԥш уҳәа Sputnik аматериал аҿы.

Абылтәы азҵаара

Ажьырныҳәа 29 рзы Аԥсны Апарламент Аҳәынҭқарратә думахь абылтәы ареспубликахь аашьҭра азҵаара ҭышәныртәалахарцаз ашәҟәы рышьҭит. Адокумент аҿы иарбоуп ҭиҩык иҿы мацара абылтәы аахәара аҭыԥантәи аилахәырақәа рзы еиҟарам аҭагылазаашьа аԥнаҵар, анефҭаалыҵқәа рдефицит цәырнагар шауа, аиҳаракгьы акурорттә аамҭазы.
Сессия Парламента  - Sputnik Аҧсны, 1920, 30.01.2024
Аԥсны
Апарламент Аҳәынҭдумахь абылтәы Аԥсныҟа аашьҭра азҵаара рыӡбарц азы ашәҟәы рышьҭит
Адепутатцәа аҳәара ҟарҵоит 2023 шықәса ԥхынҷкәын 16 рзы урыстәылатәи аиҳабыра ирыдыркылаз ақәҵара, – ареспубликахь абылтәы аашьҭра зылшо аилахәыра "Роснефть" заҵәык акәхоит ҳәа зҳәо аԥырхырц.

Алашара арцәареи адефицити

Ажьырныҳәа 30 рзы Аԥсны аамҭа-аамҭала алашара арцәара аҿҳәара шьақәмыргылакәа инахоуп ҳәа иҳәеит "Амшынеиқәафымцамч" аиҳабы Ҭемыр Џьынџьал.
Аԥшьаша, жәабран 1 азы Аԥсны зегьы иахьаҵанакуа алашара аамҭа-аамҭала идырцәалоит ҳәа аанацҳаит "Амшынеиқәафымцамч". Алашара аԥкрақәа ралагалара ахҟьоит урыстәылантәи иаарышьҭуа афымцалашара амҿхак ахьеиҵахаз.

МГИМО ашкол

Москватәи аҳәынҭқарратә жәларбжьаратәи аизыҟазаашьақәа ринститут (МГИМО) ашкол аадыртуеит Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҿы. Абри атәы аанацҳауеит АдәАР Амедиацентр ажьырныҳәа 29 рзы.
Здание Абхазского Государственного университета  - Sputnik Аҧсны, 1920, 29.01.2024
Аԥсны
МГИМО ашкол аадыртуеит Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҿы
ААУ асистемаҿы аус рулоит МГИМО апрофессор-рҵаҩратә еилазаара ахаҭарнакцәа, еицырдыруа аҵарауаа, аполитологцәа. Дара жәларбжьаратәи аизыҟазаашьақәа, аглобалтә економика, ҳаамҭазтәи аимакқәа рхыҵхырҭақәеи иҟалар зылшо рыхҟьаԥҟьақәеи ирылацәажәалоит, атехнологиатәи, аекономикатәи асуверенитет ҳазну адунеи аҿы ҭыԥс иааннакыло.
Ашкол аартразы еицәажәеит Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынбеи МГИМО аректор Анатоли Торкунови. Иара убас уи абзоуроуп Аԥсны АдәАРи ААУи русеицура.

Атәыла ахада Москваҟа ицара

Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа усутә ныҟәарыла Москваҟа дцеит, абри атәы аанацҳауеит атәыла ахада ипресс-маҵзура.
Бжьаниа Урыстәыла Аиҳабыра рхаҭарнакцәеи иареи реиԥылара азгәаҭоуп.

Асахьаҭыхымҭақәа ргалереиа алахьынҵа

1999 шықәсазы Аԥсны раԥхьатәи ахада Владислав Арӡынба Аҟәа, Пушкин имҩаҿ игылоу ахыбра Амилаҭтә сахьаҭыхымҭақәа ргалереиа иазалихыз, аҩбатәи аихагыла ҳазҭоу ашықәсазы еиҭашьақәыргылахоит ҳәа адырра ҟанаҵеит акультура Аминистрра.
Аԥсны аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб идҵала аҟазауаа ахыбра аҭагылазаашьа ҭырҵааит.
Второй этаж Национальной картинной галереи по улице Пушкина будет восстановлен в этом году - Sputnik Аҧсны, 1920, 03.02.2024
Аԥсны
2024 шықәсазы Амилаҭтә галереиа ахыбра хәҭа-хәҭала ишьақәыргылахоит
Уажәазын иазгәаҭоу ҩба-хԥа уада реиҭашьақәаргылараз апроект-харџьынҵатә шәҟәқәа реиқәыршәара иаҿуп, аекспертиза мҩаԥгахоит.
иара убаз иазгәаҭоуп ажьырныҳәа 21 рзы иблыз Асахьаҭыхыҩцәа реидгыла ахыбрагьы аиҭашьақәыргылара. Аԥыза-министр адҵа ҟаиҵеит апроект-харџьынҵатә шәҟәқәа шьақәырӷәӷәазарц.
Ажьырныҳәа 21 рзы Аԥсны Асахьаҭыхыҩцәа реидгыла ахыбра амцакраан иблит Амилаҭтә сахьаҭыхымҭақәа ргалереиа афонд. 4000 сахьаҭыхымҭақәа рҟынтәи иаанхеит 200.

Асахьақәа реиқәырхара

Урыстәылатәи ареставраторцәа Асахьаҭыхыҩцәа реидгыла ахыбра амца анакыз зеиқәырхара алшаз аусумҭақәа аус рыдулара хдыркәшеит.
Абри аамҭала арестовраторцәа ирылшеит 80% сахьа аконсервациа рзура. Раԥхьатәи аусурахь иаҵанакуеит ашәыгақәа, ақәнышқәа уаҳа иԥхасҭамхарц азы аконсервациа рзура. Арестовраторцәа ахьынҭәаашьҭу аусбарҭақәа рнапхгаҩцәа аусумҭақәа еиҳа инарҵауыланы аус рыдуыларазы рыдкылара иақәшаҳаҭхар, уахь ишьҭтәны ишьахо асахьақәа алкаахоит.
Ареставрациатә усурақәа Аԥсынгьы имҩаԥысуеит, аԥхасҭа зауыз асахьақәа еиҭашьақәдыргыларц аусурақәа мҩаԥыргоит хҩык аҟазауаа. Уи азы ирзыманшәалоу аҭагылазаашьақәа аԥҵатәуп ҳәа иҳәеит Амилаҭтә галереиа адиректор.

Алхрақәа рзы азакәан ахь ариашарақәа ралагалара

Аԥсны Алхратә комиссиа хада Апарламент ахь ажәадгала нанашьҭит "Ахада иалхразы" азакәан аиҭакрақәа алагалазарц.
Актәи атур аан абиуллитен аҿы "зегьы рҿагылара" абжьқәа еиҳаны иаиур, алхрақәа ҿыц имҩаԥгатәуп;
акандидатцәеи атәыла ауааԥсыреи АКХ аӡбра иазашшырц рҭахызар ахада ҿыц иҭоубашьҭаҵара мҩаԥыргаанӡа мызк шагу уи иахашшаароуп;
Абжьыҭара инеиз рыԥхьаӡараан иԥхасҭоу абиуллитенқәа разгәамҭара.
Аҳәатәи аҳәашьеи: Аԥсны ахада иалхрақәа рзы азакәан аԥсахразы ажәалагалақәа ртәы - Sputnik Аҧсны, 1920, 02.02.2024
Арадио
Аҳәатәи аҳәашьеи: Аԥсны ахада иалхрақәа рзы азакәан аԥсахразы ажәалагалақәа ртәы
Ажәабжьқәа зегьы
0