Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Апарламент Аҳәынҭдумахь абылтәы Аԥсныҟа аашьҭра азҵаара рыӡбарц азы ашәҟәы рышьҭит

© Foto / Парламент АбхазииСессия Парламента
Сессия Парламента  - Sputnik Аҧсны, 1920, 30.01.2024
Анапаҵаҩра
Адепутатцәа аҳәара ҟарҵоит 2023 шықәса ԥхынҷкәын 16 рзы урыстәылатәи аиҳабыра ирыдыркылаз ақәҵара, – ареспубликахь експартиорс иҟалар зылшо аилахәыра "Роснефть" заҵәык акәхоит ҳәа зҳәо аԥырхырц.
АҞӘА, ажьырныҳәа 30 - Sputnik. Аԥсны Апарламент Аҳәынҭқарратә думахь абылтәы ареспубликахь аашьҭра азҵаара ҭышәныртәалахарц азы ашәҟәы рышьҭит.
Адокумент аҿы иарбоуп ҭиҩык иҿы мацара абылтәы аахәара аҭыԥантәи аилахәырақәа рзы еиҟарам аҭагылазаашьа аԥнаҵар, анефҭаалыҵқәа рдефицит цәырнагар шауа, аиҳаракгьы акурорттә аамҭазы.
"Аԥышәа иаҳнарбоит еилахәыра-експортиор заҵәык иҟазаараан ҳтәылаҿы анефҭаалыҵқәа рыла аиқәыршәара ауадаҩрақәа шаҵоу. Есышықәса атуристцәа рхыԥхьаӡара аизҳараан аԥхын абылтәы азы акризис аҭыԥ аиур алшоит, уи ахҟьаԥҟьақәа аҭыԥантәиқәа реиԥш асасцәагьы ирныруа иҟалоит", - ҳәа аҳәоит атекст аҿы.
Ԥхынҷкәын 16 2023 шықәсазы Урыстәыла аиҳабыра аилахәыра "Роснефть" амацара Урыстәылантә Аԥсныҟа анефҭ аалыҵқәа рекспорт азин азҭо ақәҵара аднакылеит. Абри ашьҭахь, ажьырныҳәа 1 аахыс Аԥсны абылтәыҭаҭәарҭақәа "Подорожники" "Роснефть-Абхазиеи" рҿы ада аусурақәа аангылеит.
Аԥснытәи аилахәырақәа ирымаз абылтәы нҵәеит.
Аслан Бжания  - Sputnik Аҧсны, 1920, 25.01.2024
Аԥсны
Аԥсны ахада абылтәы азҵаара аӡбразы Москваҟа амҩа дықәлоит
Ажьырныҳәа 23 рзы Урыстәылатәи ҳколлегацәа рҟынтәи иҳауз адыррақәа рыла, Урыстәыла Афедерациа Аиҳабыра уаанӡа ирыдыркылахьаз аӡбамҭа рыԥсахит иҳәеит аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩ, аенергетикеи атранспорти рминистр Џьансыхә Нанба. Уи инақәыршәаны аҳәаа иахысратәы алшара роуит уаанӡа аҳазалхратә документқәа зегьы еиқәзыршәахьаз, аҳәааҿы игылаз абылтәы.
Ажьырныҳәа 25 рзы аилахәыра "АЗиД" аусура хацнаркит, уаанӡа иаахәаз абылтәы ареспубликахь ианаарга ашьҭахь. Иара убасгьы иҳәеит, атәыла ахада Аслан Бжьаниеи иареи ари азҵаара аҭыԥ ақәҵаразы Москваҟа ицараны ишыҟоу.
Ажәабжьқәа зегьы
0