https://sputnik-abkhazia.info/20240206/akhya-rzy-aombudsmen-aara-aleit-amshyneiafymtsamchakh-alashara-aameikhsha-iakhashyrts-1050068488.html
Ахәыҷқәа рзы аомбудсмен аҳәара ҟалҵеит "Амшынеиқәафымцамчахь" алашара аамҭеихша иахәаԥшырц
Ахәыҷқәа рзы аомбудсмен аҳәара ҟалҵеит "Амшынеиқәафымцамчахь" алашара аамҭеихша иахәаԥшырц
Sputnik Аҧсны
"Амшынеиқәафымцамч" Аԥсны араионқәа рҿы аамҭа-аамҭала алашара арцәара аихшанҵа акьыԥхьуеит, аҵыхәтәантәи иаҵанакуеит жәабран 6-8 раамҭа. 06.02.2024, Sputnik Аҧсны
2024-02-06T17:20+0300
2024-02-06T17:20+0300
2024-02-06T18:25+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e7/03/1e/1044951087_0:23:3067:1748_1920x0_80_0_0_ba329495f7f2722b1fc9ebda14a9ae56.jpg
АҞӘА, жәабран 6 - Sputnik. Ахәыҷқәа рзинқәа рыхьчаразы аомбудсмени Аппарат аҟны иаԥу Ауаажәларратә хеилаки "Амшынеиқәафымцамч" ахь аҳәара ҟарҵеит алашара арцәара аихшанҵа рыԥсахырц. Арзаҳал аҿы иазгәаҭоуп алашара арцәареи ашколқәа рҿы аҵараамҭеи шеиқәшәо. 2023 шықәса абҵараахыс Аԥсны мраҭашәаратәи араионқәеи Аҟәеи алашара роуеит Урыстәылантәи, мрагыларатәи араионқәа – ЕгрыГЕС аҟынтәи. Ажьырныҳәа 25 рзы ирылаҳәан урыстәылатәи аган атехникатә мзызқәа ирыхҟьаны ажьырныҳәа 26 инаркны 31 рҟынӡа аамҭа-аамҭала алашара арцәара ишалагалаз: иззеиқәшаҳаҭхахьаз 300-340 МВт амчхара аҭыԥан 240 МВт аарышьҭлоит ҳәа. Ажьырныҳәа 30 рзы Аԥсны аамҭа-аамҭала алашара арцәара аҿҳәара шьақәмыргылакәа инахоуп,Урыстәылантәи алашара аашьҭра жәабран 5 рзы иаанкылахоит ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит "Амшынеиқәафымцамч" аиҳабы Ҭемыр Џьынџьал. "Амшынеиқәафымцамч" Аԥсны араионқәа рҿы аамҭа-аамҭала алашара арцәара аихшанҵа акьыԥхьуеит, аҵыхәтәантәи иаҵанакуеит жәабран 6-8 раамҭа.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2024
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e7/03/1e/1044951087_166:0:2895:2047_1920x0_80_0_0_68330f5760b46de9dcb869a70767473a.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа
Ахәыҷқәа рзы аомбудсмен аҳәара ҟалҵеит "Амшынеиқәафымцамчахь" алашара аамҭеихша иахәаԥшырц
17:20 06.02.2024 (ирҿыцуп: 18:25 06.02.2024) "Амшынеиқәафымцамч" Аԥсны араионқәа рҿы аамҭа-аамҭала алашара арцәара аихшанҵа акьыԥхьуеит, аҵыхәтәантәи иаҵанакуеит жәабран 6-8 раамҭа.
АҞӘА, жәабран 6 - Sputnik. Ахәыҷқәа рзинқәа рыхьчаразы аомбудсмени Аппарат аҟны иаԥу Ауаажәларратә хеилаки "Амшынеиқәафымцамч" ахь аҳәара ҟарҵеит алашара арцәара аихшанҵа рыԥсахырц.
Арзаҳал аҿы иазгәаҭоуп алашара арцәареи ашколқәа рҿы аҵараамҭеи шеиқәшәо.
"Ашколқәа рҿы усгьы иуадаҩу аепидемиологиатә ҭагылазаашьақәа аруадаҩуеит, ахәыҷқәа рчымазара иазнарҳауеит. Ашколқәа реиҳарак рыклассқәа дырԥхоит афымцамч ахархәарала", - аҳәоит атекст аҿы.
2023 шықәса абҵараахыс Аԥсны мраҭашәаратәи араионқәеи Аҟәеи алашара роуеит Урыстәылантәи, мрагыларатәи араионқәа – ЕгрыГЕС аҟынтәи.
Ажьырныҳәа 25 рзы ирылаҳәан урыстәылатәи аган атехникатә мзызқәа ирыхҟьаны ажьырныҳәа 26 инаркны 31 рҟынӡа аамҭа-аамҭала алашара арцәара ишалагалаз: иззеиқәшаҳаҭхахьаз 300-340 МВт амчхара аҭыԥан 240 МВт аарышьҭлоит ҳәа.
Ажьырныҳәа 30 рзы Аԥсны аамҭа-аамҭала алашара арцәара аҿҳәара шьақәмыргылакәа инахоуп,Урыстәылантәи алашара аашьҭра жәабран 5 рзы иаанкылахоит ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит "Амшынеиқәафымцамч" аиҳабы Ҭемыр Џьынџьал.
"Амшынеиқәафымцамч" Аԥсны араионқәа рҿы аамҭа-аамҭала алашара арцәара аихшанҵа акьыԥхьуеит, аҵыхәтәантәи иаҵанакуеит жәабран 6-8 раамҭа.