Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

"Аиҳабра-аиҵыбра ҳагымзааит": аԥсуаа рхымҩаԥгашьа акәамаҵамақәак

© Sputnik / Юрий Сомов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАбхазская АССР. 100-летние жители села Лыхны Гудаутского района за игрой в шахматы.
Абхазская АССР. 100-летние жители села Лыхны Гудаутского района за игрой в шахматы. - Sputnik Аҧсны, 1920, 11.02.2024
Анапаҵаҩра
Аԥсуаа рхымҩаԥгашьа акәама-ҵамақәа дрылацәажәоит Аԥсуаҭҵааратә институт афольклортә лабораториа аусзуҩ Сусанна Ҭаниаԥҳа.
Амилаҭқәа рыԥсҭазааратә хымҩаԥгашьа зегь рыла еиԥшхарц залшом, ирымоуп рхатәы традициақәа, даҽаӡәы иламҩашьо рхатәы ҟазшьақәа.
Аԥсуаа рҿы еснагь аиҳаби аиҵби пату рықәын. Ражәаҳәа иалаҵаны "аиҳабра-аиҵыбра ҳагымзааит" рҳәон. Дарбанзаалак, абырг, аиҳабы, дыԥҳәыс-дхаҵа, аԥсуаа рҿы ҷыдала пату рықәын. Абыргцәа рҳәатәы иазыӡырҩуан, ацәгьеи-абзиеи ирызку аусқәа еилдыргон, аԥсҭазаара урҭ ирнаҭаз аԥышәа ахә ҳаракны иршьон.
Аиҳабы иҭаацәагьы драԥшәыман, ихшара иҳәатәы харҵон, иажәа гәцараркуан. Ҩнаҭацыԥхьаӡа иҟан аиҳабацәа рхала ирызкыз ачысмаҭәа. Аиҳабацәа ирыман ахәшҭаараҿы рхатә ҭыԥ. Дара рхаҭа аҩны ианыҟамызгьы рҭыԥ даҽаӡәы иаанкылара азин имаӡамызт.
Зықәрахь инеихьоу игәы нзырхаз ажәлар лахь ирҭон, иусгьы рыӡбон, иҟаиҵаз ацәгьара ахәшьара аҭаны.
Аиҳаб пату иқәҵара еиуеиԥшым ахцәыргашьақәа аман, ҳарзааҭгылап урҭ акәамаҵамақәа.
Абхазская АССР. Село Ачандара в Гудаутском районе. Старейшина села с правнуком. - Sputnik Аҧсны, 1920, 06.02.2024
Аԥсны
"Уԥа дҳәынҭқархарц уҭахызар, Аԥсныҟа дышьҭы..." - аихаҵгылара аҵас аԥсуаа рҿы
Аиҵбы аиҳабы даниацәажәоз иажәа аԥыҩлара хьымӡӷ дуун, аԥсуаа ишырҳәо еиԥш, "иц хьыржәомызт". Аиҵбы аиҳабацәа рҿаԥхьа дгыланы ихҭысқәа дрылацәажәомызт, аиҳабацәа ырӡырҩны дыҽхәомызт. Аказы ианиазҵаалакгьы, иажәа мроуцәакәа инҭкааны, дыԥхашьа-ԥхаҵо акәын аҭак шиҳәоз. Аиҳабы иҿаԥхьа рԥаҵа рсомызт, аҭаҭын иахомызт, ашәҵатәы еибамыркыкәа, мамзаргьы хыхьтәи амаҭәа ршәымкәа ишҟа ицәырҵуамызт. Аиҳабы ишибо ршьапы еилыхны ирыӡәӡәомызт.
Аиҵбы аиҳабацәа рҿаԥхьа дангылаз, инапқәа иџьыба иҭеикуамызт, ибӷа реиаирхомызт, иҽхырнааны, иҽырхәаны дгыломызт. Рҿаԥхьа атәара иқәшәар, иҽеиҵҳәаны дтәомызт, ишьамхқәа еиқәиршәуамызт.Акрыфара ианаҿу аамҭазы акәзар, аиҳабы аиҵбы акы диазҵаар, иара дҿамҟәо аҭак ҟаиҵар ԥхашьаран, раԥхьа иҿаҵа лбааидон, нас акәын аҭак аныҟаиҵоз. Аиҳабы иҿаԥхьа аиҵбы инапқәа ихы-иҿы иаҵаргәаны дтәомызт, инапқәа игәыҵаԥсангьы диҿагыломызт.
Аиҳабы данцәажәоз, иагьа ҟаларгьы, иажәа даҟәырхуамызт, иԥыҩломызт, ихьӡ ҳәаны, изҿыҭны дхьадырԥшуамызт, уажәгьы ус иҟоуп, иҩны ихьӡаны иааидгыланы рҿынархон, аиҳабы ихала игәеиҭаанӡа, нас акәын ианиацәажәоз. Уи азоуп аԥсуаа изырҳәо "Аиҳабы изҿырҭӡом, уи ихьӡоит" ҳәа. Аишәа ахалараан еснагь аиҵбацәа рҽааныркылон, аиҳабы ихәҭоу аҭыԥ аҿы дара атәара рықәшәар, ԥхашьароуп ҳәа иԥхьаӡаны. Аиҳабы иҭыԥ, ма асас иҭыԥ еснагь иалхуп. Убри азы акәхап аԥсуаа изырҳәо: "Аҭыԥ бзиа уазымҭрысын, уи уара иухәҭазар ахала иузаауеит", мамзаргьы "Аҭыԥ бзиа аиҳабы итәуп", "Дасу иҭыԥ идыруазароуп" ҳәа. Аиҵбацәа аиҳабы дахьтәаз иаԥхьа имҩасуамызт, аиҳабы дбыргзар, рнапы рхханы инапы имаҳхуеит ҳәа иалагомызт.
Абхазская деревня - Sputnik Аҧсны, 1920, 20.06.2020
"Счеиџьыка уаӷрамгылан": аишәаҿы ахымҩаԥгашьа аетикет
Аҵарауаҩ-аетнолог Омар Владимир-иԥа Маан ишәҟәы "Проблемы этнического развития и традиционно-бытовой культуры абхазов" аҟны иазгәеиҭоит:
"Шәышықәсалатәи атрадициа-бзазаратә етикет ианыԥшуан зегьы - ацәажәашьа, ахымҩаԥгашьа. Урҭқәа зызкыз аиҳабы еснагь аԥхьа иргылара, еснагь пату иқәҵара акәын. Абыргцәа рус хадақәа ируакны иҟан ажәлар рҿы иҟалалоз аимак-аиҿакқәа рыӡбара, реилыргара. Абыргцәа еиҿыркаауан аиҳабацәа рхеидкыла. Уи усбарҭак аҳасабала ахԥша дуӡӡа аман ақыҭаҿы, аҭыԥантәи аиҳабырагьы азыӡырыҩлар ахәҭан. Аиҳабацәа рхеилак алахәылаҩцәа ажәлар рҵасқәеи рқьабзқәеи еиқәдырхалар, идырҿиалар акәын. Урҭ ацхырааразы, абжьгаразы, абжьаҟазаразы ауаа рызнеиуан. Иара убас аиҳабацәа иалкааз ароль ҷыда рыман еиҵагылаз абиԥара ҿыц рааӡараҿы, атрадициатә дыррақәа аҿар рылааӡараҿы. Урҭ дара рхатә ԥсҭазааратә ԥышәа рхы иархәаны аҿар адрыԥхьалон аџьа, ажәлар рҿаԥыцтә ҳәамҭақәа, ретикет уҳәа".
/Астатиа аиқәыршәараҿы хархәара аҭан Н.Хә. Аргәын лыстатиа "Аԥсуаа рхымҩаԥгашьа аҷыдарақәак"/.
Ажәабжьқәа зегьы
0