Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

"Уԥа дҳәынҭқархарц уҭахызар, Аԥсныҟа дышьҭы..." - аихаҵгылара аҵас аԥсуаа рҿы

© Sputnik / А. Бочинин / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАбхазская АССР. Село Ачандара в Гудаутском районе. Старейшина села с правнуком.
Абхазская АССР. Село Ачандара в Гудаутском районе. Старейшина села с правнуком. - Sputnik Аҧсны, 1920, 06.02.2024
Анапаҵаҩра
Аԥсуаа рмилаҭ леишәа, рҟазшьа, рҵас-рқьабз, реихаҵгылара, рчеиџьыка уҳәа ирацәаӡаны аганқәа змоу Аԥсуара азы фактқәак ҳлырдыруеит Нарҭдырреи адәынтәи афольклорҭҵаареи рцентр аҭҵаарадырратә усзуҩ Есма Ҭодуаԥҳа иахьатәи ланҵамҭаҿы.
Аԥсуара азҵаарақәа иҭамбаӡо ӡыхьуп, етикатә культуроуп. "Аԥсуара – уаҩроуп" рҳәоит. Аԥсуара дааӡоит ауаҩы, нбан дула Ауаҩы ҳәа ззуҳәаша, зыламыс ҳараку, здоуҳа ҳараку.
Аԥсуара иазкны ифундаменталтәу аусумҭа аԥызҵаз ашәҟәыҩҩы Никәала Ҳашыг иҩуеит: "Мысра (Египет) иҟоуп нҵамҭак: аҳкәажә лԥа изылыҩуеит, уԥа дҳәынҭқархарц уҭахызар, Аԥсныҟа дышьҭны, аԥсуа ҵасқәа илааӡа" ҳәа. Ари шьақәзырӷәӷәо афактқәа маҷым.
Ҿырԥштәыс иаагозар, Ҭырқәтәыла, Иорданиа инхоз аԥсуаа рҟынтәи иҟан зыхьӡ адунеи иахыҵәоз ар рԥызацәа, аибашьцәа, аҭыԥҳацәа рганахьала акәзар – аԥшӡара аеталонқәа рнаҩсангьы, аҳәынҭқарра анапхгараҿы иҟаз адинастиагьы – аԥашьацәа. Урҭ ирхылҵуазгьы ишыхәыҷқәаз Аԥсныҟа ааӡара иаарышьҭуан, жәаф шықәса рхыҵаанӡа. Аԥсуара ашьаҭақәа рыла иааӡоу аиашара, ақьиара, арыцҳашьара, иара убриаангьы ахаҵара рыланы – аҟазшьа ҷыдақәа рылааӡахон.
Дуаҩуп, даамысҭашәоуп: аԥсуара азҵаарақәак ирызкны - Sputnik Аҧсны, 1920, 27.06.2020
"Дуаҩуп, даамысҭашәоуп": аԥсуара азҵаарақәак ирызкны
Аихаҵгылара – аԥсуара иахәҭаку ҟазшьоуп. Аихаҵгылара иаанарԥшуеит ауаҩи ауаҩи рыпатуеиқәҵара, реицхыраара, ррыцҳаибашьара. Ҳаамҭазы аихаҵгылара аҵас аҽаԥсахуа, иӡуа иалагеит, макьанагьы џьара-џьара еиқәханы ишубогьы. Зыӡбахә ааҳгаз Никәала Ҳашыг ишәҟәаҿы аихаҵгылара аҵас иазкны иҩуеит абри аҩыза еиҭаҳәамҭак:
"Саныхәыҷыз, ҳгәылара хәмарра сцалон… Снеицыԥхьаӡа, сҩыза ианду дысхаҵгылон. Дгылангьы акәым, ус маҷк аҟәардә лҽыҩаҟәыҭханы дсеихырхәон. Ари – зны, ари – ҩынтә, ари – есымша. Ҽнак санду слазҵааит, ани аҭакәажә снеицыԥхьаӡа абас ҟалҵоит, избан ус зыҟалҵо ҳәа. "Схәыҷы, уи аҭакәажә даԥсыуоуп, - лҳәеит санду, - ԥсыуаҵас духаҵгылоит. Урҭ ус ҵасс ирымоуп, аӡәи-аӡәи еихаҵгылоит, уи патуқәҵароуп, - лҳәеит. Убриаахыс аԥсуаа здыруеит, излаздыруагьы убри шәҵас хазына аихаҵгыларалоуп", - ҳәа ҳаԥхьоит уаҟа.
Абхазский фестиваль Апсны - Sputnik Аҧсны, 1920, 27.11.2021
Аԥсны
Аламыс, апату, аԥсуара: аԥсуаа имҩаԥырго аҵас-қьабзқәа рзы ажәақәак
Ас маҷк иҽаашьҭыхны аиҳабы аиҵбы даныҩнало дихаҵгылозар, аиҵбы дыштәоу аиҳабы дыҩналар, ахьышәҭҳәа дҩагылар ахәҭоуп, макәымзар уи ипатударахоит аԥсыуа ааӡарала.
Анкьа аихаҵгылара аҵас убас иҳаракын, аиҳабы дахьынӡацәажәоз аиҵбы дихаҵгылан, аишәа ианадтәалазгьы – аиҳабацәа ахьтәаз аиҵбы дхаҵгылан амаҵ иуан акәымзар, еишәак ицахатәомызт, зынӡа ианырмуӡоз, аҵыхәахьшәа дтәон.

Аиҳабы убраанӡа пату иман, аб дахьтәаз аҭыԥ аҿы, аиҳаракгьы асасцәа ыҟазар, ма џьара еизарак иалахәызар, аԥа аҽнынтәарак иаб иахьибоз дтәомызт, дхаҵгылан. Аб ишибо аԥа аҭаҭын дшамыхо атәы аҳәара аҭахума(!). Иара усгьы аиҳабацәа ахьыҟаз аҿар тәомызт, ихаҵгылан еснагь, аиҳабы "утәа" ҳәа иҳәозаргьы, уеизгьы уи аҩыза ҟалашьа амамызт.

Аха аамҭа аҽеиҭанакыцыԥхьаӡа, ацивилизациахь ҳахо ҳаналага, џьоукы ари жәытәроуп ҳәа хыччараҵас ишьҭырхуа иҟалеит, иацәыԥхашьо иалагеит, хәыҷ-хәыҷы икаҳажьит. Мап, иахьагьы аиҳабы пату иқәаҳҵоит, аха аиҳабы дахьцәажәо аиҵыбгьы ажәа имоуп, диԥыҩларгьы, иажәа имихыргьы ауеит, аиҳабы аишәа дзыдтәалоу аҟны аиҵыбгьы дидтәало далагеит, нас абри акәымхаӡеи иахьа лассы иҳаҳауа "аиҟарауаара" зырҿиаз?! Изцәыԥхашьатәу иахьа ҳаззааиз алҵшәа акәу, ажәытәра иаго ҳҵасқәа ракәу?!
"Сара агәра зго салагеит, Аԥсуара нхарҭәааны ианыҟаз аиԥш иҟаны, миллионла зхыԥхьаӡара рацәоу жәларык иртәызар, адунеи ажәларқәа зегьы еталонс иԥхьаӡаны ирыдыркылон ҳәа", - абри аҩыза агәаанагара дазааиуеит ашәҟәыҩҩы Никәала Ҳашыг.
Ҵабыргынгьы, иахьанӡагьы ҳаиқәырханы ҳаазго абри ҳаԥсуара ашьаҭақәа роуп! Анцәа иаҳцәумырӡын!
Николай Хашиг - Sputnik Аҧсны, 1920, 11.02.2023
Заԥсуара иазгәдууз ашәҟәыҩҩы: Никәала Ҳашыг диижьҭеи 91 шықәса ҵит
Ажәабжьқәа зегьы
0