Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аҳақьым еиҭеиҳәеит аимҳәа А азы Аҟәа аҭагылазаашьа зеиԥшроу

© Sputnik / Леон Адлейба Капельница
Капельница  - Sputnik Аҧсны, 1920, 13.02.2024
Анапаҵаҩра
Мчыбжьык аҩнуҵҟала Аԥсны 18-ҩык акоронавирус рыхьит.
АҞӘА, жәабран 13 – Sputnik. Аҟәатәи аҿкчымазаратә хәышәтәырҭаҿы есыҽны 70-ҩык рҟынӡа зшоура шьҭыҵны иҟоу ауаа адҵаалоит, абри атәы Sputnik иазеиҭеиҳәеит ахәшәтәырҭа аҳақьым Гәыдиса Шларба.
Урҭ реиҳараҩык ирыдбалоуп аимҳәа А, иҟоуп акоронавирус зыдбалоугьы. Иахьатәи аамҭазы ахәшәтәырҭа иҭоуп 20-ҩык ахәыҷқәеи быжьҩык адуцәеи.
Аҳақьымцәа ишазгәарҭо ала, ахәыҷқәа адуцәа раасҭа ари ачымазарахкы шьҭыркаауеит. Убри аан акоронавирус зыхьуа еиҳа еиҵоуп. Ачымазцәа 39-40 градус рҟынӡа ршоура халоит. Ахәшәқәа амыхәо ианалагалак ауаа аҳақьымцәа рахь инеиуеит.
Аимҳәа А ахҟьаԥҟьақәа амоуп – абронхити агәаҵәкреи. Усеиԥш аан ачымазара ахәшәтәырҭаҿы ихәшәтәтәуп. Шларба иҳәеит аимҳәа шаацәырҵлак аҳақьым иахь аамҭа мгакәа ишыдҵаалалатәу. Ахалаҽыхәшәтәра ачымазара ирласны алҵра иаԥырхагоуп.
Вакцинация от Covid-19 в Казани - Sputnik Аҧсны, 1920, 04.10.2023
Аԥсны
Аԥсны асезонтә еимҳәаҟынтә алаҵаҟаҵара иалагоит иааиуа амчыбжь инаркны
Ажәабжьқәа зегьы
0