"Уи ԥхыӡуп, аха исхашҭуам!..": Валентин Кәаӷәаниа 65 шықәса ихыҵит

© Foto / Анатолиа ЛагәлааВалентин Кәаӷәаниа иҭаацәа рыгәҭа
Валентин Кәаӷәаниа  иҭаацәа рыгәҭа - Sputnik Аҧсны, 1920, 13.02.2024
Анапаҵаҩра
Академик, апоет, алитературатә критик Валентин Кәаӷәаниа февраль 13 рзы 65 шықәса ихыҵуеит. Ажурнал "Алашара" аредактор Анатоли Лагәлаа ишәыдигалоит уи иҿцәажәара.
– Бзиара умазааит 65 шықәса инарҭагылаз сҩыза, Валентин! Баграт ду гәадурала дзыхлафаауаз ашықәс хәышықәса уахысит! Иугәаламшәои уи ицәаҳәақәа?!
О, аф зысша, хынҩажәа,
Ирацәамзаргь, мап, егьмаҷым!
Уажәа бџьарҵас еиқәыршәа,
Уаршлаӡаргьы, уаҳа егьамчым!..
- Уареи сареи ҩышықәса шҳабжьоугьы, абиԥарак ҳатәуп, алитератураҿы ҳаиццәырҵит ҳҳәаргьы егьамаӡам. Ҵабыргуп, ҳара Аҟәа ҳанааи, Виачеслав Чыҭанааи уареи еиҳа "ԥшәымара" шәухьан, ишышәҭахыз аредакциақәа рҿы шәыԥхамшьаӡакәа шәнеиуан, акьыԥхьрагьы шәалагахьан, апоезиатә хәылԥазқәеи алитературатә семинарқәеи шәыҽрылашәырхәуан… Иаҳгәалаҳаршәап урҭ ашықәсқәа, раԥхьа Аҟәа уанааз, мышьҭабзиала иуԥылаз ашәҟәыҩҩцәа рыхьӡқәа.
– Анатоли ухаҵкы-уԥсаҵкы! Уареи сареи "ашыла анырхәуаз", "алыхәҭа иаанашьҭыз" агәӡа ҳаҩызоуп, асовет аамҭа ҳааӡеит – апионеррагь аабеит, акомҿаррагь ҳахысит. Асовет ҳәынҭқарра иадыруан ауаҩы иааӡашьа. Сыхәҭаахь ала, сазыразуп уи аамҭа. Ҳара, уареи сареи, ара уажә зыӡбахә угәалауршәаз ҳҩыза гәакьа Славик ԥсаҭа лаша, ҳаидызкылаз алитература агәыбылроуп, иара аҳаракыра – ажәа сахьарк ауп. Алитература ахаҭагьы ҳаԥшааит, ҳаимдон азы, амҩа иқәу, иԥшаауа – ԥыхьашәа иоуеит, ихәы ҭахом.

Ақәра, 65 атәы анугәалауршәа… ауаҩытәыҩса иԥсҭазаара кәытҿырҳасымҭак ауп иҟоу, блеихаҟәысрак ирҭаӡоит, – абри дырны исымоуп. Ицаз цагәышьеит хьарҳәшьа ақәымкәа, аха саԥхьаҟа ишьҭоу амшқәа ирыхӡыӡаалатәуп. Сара ақыҭаҿ сиит, аха сзааӡаз Аҟәоуп, ара ашкол-интернат сҭан аԥхьанатәаахыс. Ашәҟәыҩҩцәа рахьынтә раԥхьаӡа аԥсшәа сазҳәаз, зыԥхаррагь снырыз иреиуоуп Мушьни Аҳашбеи Шалуа Ҵәыџьбеи. Ҽнак, аҩра иаҿыз аинтернат ахәыҷқәа – Славик Ҷыҭанааи сареи даҽа ҩыџьа-хҩы назлоу, ҳамҩахыргеит "Амцабз" аредакциахь. Уажәшьҭа уи ԥхыӡуп, аха исхашҭуам: ҳажәеинраалақәа ҳанрыԥхьоз, Ш. Ҵәыџьба иблақәа аркны, изнапык ицламҳәа иаҵаргәаны, абрахь адгьыл аҵахь џьара ҩ-шышкамск хәыҭхәыҭла рцәажәабжь иаҳарц иҭахызшәа дшаҳзыӡырҩуаз…

Алитературахь амҩахәасҭа сзылызхыз Денис Чачхалиа иоуп. Аинтернат аҟны аамҭаказ Алитературатә кружок мҩаԥигон, апоезиа ҳагәылеихалон, ажәеинраала аԥсы ахьҭоу – "агәы-агәаҵәа" ҳзааиртуан, аиҭагара аусгьы ҳазикуан.
© Foto / Анатолиа ЛагәлааВалентин Кәаӷәаниа
Валентин Когония - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.02.2024
Валентин Кәаӷәаниа
М. Лермонтов иажәеинраала "Аԥҭақәа" шеиҭазгаз игәаԥхеит, еиҳарак актәи ацәаҳәа: "Аԥҭақәа ажәҩанаҿ иқәхаз иҟьаланы!" ("Тучки небесные, вечные странники!"). "Аԥҭақәа" аиҭагара уашьҭымҵын, акаҿы икылугоит ҳәа сабжьигеит усҟан… Еиҭаҳгеит "Мцыри" ацыԥҵәахагьы – афырхаҵеи абжьаси реидыслара. Сеиҭагамҭа цәаҳәақәак сгәалашәоит:
Ахеиԥш исгәыдԥалеит абжьас,
Аха игәаӷьны аҟырҟы сныбжьаст,
Сахьӡан ҩаԥхьа ахыҵәҟьа снаст
Сабџьар ала. Ихәааит иара…
Денис Кьыршьал-иԥа ҷыдала иаликааит ацыԥҵәаха аҵыхәтәантәи ацәаҳәа "Бой продолжался на земле" шеиҭазгаз: "Бла иамбац, ҟәыҵшьа змам қәԥаран"… Убарҭ ашықәсқәа раан Д. Чачхалиа ибзоураны Аԥсны Ашәҟәыҩҩцәа ҿарацәа рсеминар салахәхеит, акьыԥхь ашҟагь сымҩа аатит. Уброуп, Толик, раԥхьаӡа уаргьы уахьызбаз.
– Валентин, уара Аҟәа аҵара уаналга, Москва А.М. Горки ихьӡ зху Адунеизегьтәи алитературатә институт иатәу аспирантура уҭалеит, қәҿиаралагьы уалгеит. Убасҟан иааԥшит уара апоезиа мацара "уҽшузҭамыгӡоз", анаукахь ишухоз. Уижьҭеи инеиԥынкыланы алитература иазку ашәҟәқәа маҷымкәа иҭужьхьеит, еиҳаракгьы афольклорҭҵаара иадҳәалоу. Уара агьама бзиа змоу литературҭҵааҩуп, даара акраанагоит еиқәуршәахьоу ашәҟәқәа рҭыҵра, урҭ ҳлитератураҿы ахааназ ҳаҭыр ду рықәны иаанхоит… Абаҟа ургылеит ҳҳәар ҳалшоит Таиф Аџьба ҩ-томкны иҭужьыз ишәҟәқәа рзы. Уи ирҿиамҭақәа акьыԥхь зымбац уаҳа акыр умԥыхьашәахьоума?
- Згәыхәтәы иахьырмыгӡаз Т. Аџьба иԥсҭазаареи ирҿиареи сышрызҿлымҳац срызҿлымҳауп. Акы-ҩба усумҭа изыскхьеит, аԥхьаҟагьы уи иацҵахоит Анцәа исынаиргӡар. Зыӡбахә уҳәаз ҩ-томк анҭыҵ аамышьҭахьгьы, аԥхьаҩ изымдыруа инапҩымҭақәак сԥыхьашәеит, еиҳарак аиҭагамҭақәеи астатиақәеи ирыҵаркуа. Аԥшаарақәа ирыцҵатәуп, агазеҭқәеи ажурналқәеи рдаҟьақәа еихыршәшәатәуп. Ишәҟәқәа реиҭаҭыжьраан, ҳәараҭахума, ҿыц иаарԥшу аматериалқәа уахь иагәылаҵахоит. Апоет ихатә архив аҿы ишьҭоу инапҩымҭақәа ракәзар, хымԥада, икьыԥхьуи дареи атекстологиатә анализ иахыжьны, аканонтә текст ҳәа ззырҳәо шьақәыргылатәуп. Абраҟа иҳәатәны исыԥхьаӡоит, инапҩымҭақәа рыԥхьараан игәасҭаз: ҽакы иузадкылом апоет иҳәоуртәашьа, ипоезиатә цәаҳәа ашьақәыргылашьа, дыҩуан иара нагарҭа змам ала ихыркыз аԥсуа литературатә бызшәала. Т. Аџьба дреиуоуп аԥсуа литературатә бызшәа зырҿиаз ашәҟәыҩҩцәа дуқәа.
Таиф Аджба - Sputnik Аҧсны, 1920, 09.10.2022
Аԥсны
"Саџьал ааигәазаргьы - сгәыӷра хароуп": 30 шықәса Таиф Аџьба ихабар ыҟамкәа
– Сара иахьынӡаздыруа, ҳаԥсуа критик ду, апоет, аиҭагаҩ Владимир Аҵнариагьы ирҿиамҭақәа еидкыланы рҭыжьра напы ауркит. Иабанӡаноугахьоу уи аус?
– Аԥсҭынха анапалакра еснагь игәаӷьыуацәоуп, аха иҳақуп. Иҳақуп, избанда, иҳацәцаз, иахьа уажәшьҭа иҳалагылам арҿиаҩы, иара изҳәом игәҭыха, аха ҳара иаҳдырыр ами, дзыԥсаз ала ҳрызныҟәар ами иажәеи ихшыҩи еибарганы ажәлар ирзынижьыз арҿиамҭа хьыршәыгәқәа. В. Л. Аҵнариа дзыԥсам ҳәа иҟои?! Уи иеиԥш зеиԥшу аҵарауаа жәаҩыла иҳамамызт, длыԥшаахын, аԥсуа ҭҵаарадырра гәашьаҵас даҵагылан, ижәлари иԥсадгьыли дырпатриот дуун, дырхаҵгылаҩ дуун. Аҵаҳәарҭахь ицаз ауаҩы, данҳацәгәыгәҭахо ыҟоуп, насгьы аԥсуаа ҳаҩнуҵҟа еснагь иҟан "аҽыхара", "сара стәы" абӷа иҭара… Изыхҟьазаалакгьы, ҳҵарауаҩ ду ирҿиамҭақәеи (ипоезиа, иеиҭагамҭақәа) иклассикатәуп ззаҳҳәара иҭҵаарадырратә усумҭақәеи (амонографиақәа, арҿиаратә очеркқәа, аимак-аиҿак ҟазшьа змоу астатиақәа уҳәа) иааизакны қәнагала аԥхьаҩ изнагара иахьа уажәраанӡагьы изалымшагәышьацт. Абри аус хьарҳәшьак аҭаразы иҟаҵоуп ашьаҿа: Аԥсны ашәҟәҭыжьырҭа анапхгаҩы Д. К. Наҷҟьебиа иажәала, иахьазы еиқәсыршәеит аҭыжьрада ус амамкәа апоезиеи аиҭагареи русхкқәа рҿы В. Л. Аҵнариа илшамҭақәа еидызкыло ашәҟәы наӡааӡа.
© Foto / Анатолиа ЛагәлааВалентин Кәаӷәаниа ипшәмаԥҳәыси иареи
Валентин Когония - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.02.2024
Валентин Кәаӷәаниа ипшәмаԥҳәыси иареи
– Уара урҿиараҿы сара даара пату ақәсҵоит ухәыҷтәы поезиа! Иҭужьхьеит аҿар ирызку ажәеинраалақәа, ашәҟәқәа. Ахәыҷқәа ирызку уажәеинраалақәа реизга азы шықәсқәак раԥхьа иуанашьан Таиф Аџьба ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа. Уи насыԥ дууп апоет изы, избанзар, ахәыҷқәа ирзааигәоу апоезиа зегьы ирымпыҵаманшәалахаӡом, ааигәа урҭ злаургәырӷьо акыр ҭужьуама?!
– Иуҳәан еиԥш, ахәыҷтәы поезиа арҿиаҩцәа зегьы ирқәашьым, зегьы ирыцааиуам. Ахәыҷы – уи дмаҟаҿамҳәаз, дыхбыџыз, ашколқәраҿ дыҟаз – сахьажәала иацәажәара, ихьарԥшра уамакала иуадаҩуп. Амала ари аус аҟны знапкымҭа лыԥшааху иагьҿырԥшыгоу арҿиаҩцәа ҳамоуп – Д. Гәлиа, Б. Шьынқәба, Т. Аџьба... Ахәыҷқәа ирызку ажәеинраалақәа, алакәқәа рыҩраҿы сара исыхәо, насгьы зегьы ирыцкны избо ак ыҟоуп – аԥсуа фольклор сахьамадоу, агәыбылра ахьсымоу, уи аҭҵаарагьы снапы ахьалаку. Афольклор – ахәыҷтәы литература иагәҭылсоуп. Сиқәшаҳаҭуп К. Чуковски "народная поэзия в высших своих проявлениях часто бывает поэзиеи детской" ҳәа аназгәеиҭо. Изхысҳәаауа, ахәыҷқәа ирызкны ԥыҭчыҭқәак изыҩхьоу рахьынтә, исықәҿиеит ҳәа исԥхьаӡо, еиҳа сгәы зызҭоу ахаҿсахьақәа – ажәлар рсахьаркыратә ажәа иагәылызбааз роуп. Ҵыԥх еиқәыршәаны Аԥсуа бызшәа арҿиара афонд иадызгалеит ахәыҷқәа ирызку, ажәеинраалақәеи алакә хәыҷқәеи еидызкыло аизга ҿыц – "Ҵис аԥхыӡқәа".
Валентин Когония - Sputnik Аҧсны, 1920, 16.08.2020
Уи харантәи даауеит: академик Валентин Кәаӷәаниа диҿцәажәоит Анатоли Лагәлаа
– Валентин, уара анаукаҿы иулуршахьоу акрыҟоуп, убри азоуп, аҭҵаарадырраҿы иаԥҵоу Гь. А. Ӡиӡариа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиагьы зуанаршьаз. Ҳара даара ҳаҭыр ҳазрықәуп уара усахьаркыратә рҿиамҭақәа, аха акы иаҳзалаҵом афольклореизгареи, уи аҭҵаареи рҿы иубахьоу аџьабаа. Шаҟаҵанакуазеи уажәы ааигәа уареи сареи ҳазлацәажәоз, аҵарауаҩ Арда Ашәбеи уареи еиқәыршәаны, акьыԥхь иазырхианы иҭшәыжьыз "Аԥсуа жәлар рҿаԥыцтә рҿиамҭақәа" 11-тәи атом. Ааигәа уаҳа акыр ҭыҵраны иҟоума уфольклортә ҭҵаамҭақәа?
– Сара сыхандеирҭа хада – Аԥсуаҭҵааратә институт ауп, снапы злакугьы иахьазы аԥсуа фольклори алитературеи рыпроблемақәа рыҭҵаароуп. Сынтәатәи ашықәс азы сҿаԥхьа иқәгылоуп иҭҵаатәны, уснагӡала исыдуп "Афольклор Даур Занҭариа ипрозаҟны" ҳәа хыс измоу атема ҿыц. Уи аус адулара саҿуп. Егьыс, аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рхы-рҵыхәала сыхабыхацрақәа рылҵшәақәак ыҟоуп. Дук хара имгакәа аԥхьаҩ иоуеит сусумҭақәа – алитератураҭҵааратә статиақәеи арҿиаратә очеркқәеи – еидызкыло ашәҟәқәа ҩба: "Аԥсуа фольклори алитературеи рзы ажәа", "Абиԥарақәа рдоуҳаибаркыра".
–Уара Аԥсуа ҳәынҭқарратә университет аҿгьы алекциақәа урыԥхьоит, урҵаҩуп. Ишԥаҟоу иахьа уа аҭагылазаашьа, апоетцәа ҿарацәеи, аҵарауаа ҿарацәеи ааӡаны иҳанаҭома?! Уареи сареи уа аҵара анаҳҵоз иҭҳажьуаз анапылаҩыратә журнал "Арҩаш" "аҽҽаҳәа илеиуама?!" Иҟоума алитературатә кружок?
– Ҳуниверситет – Аԥсынра уаҵәтәи аԥеиш, уаҵәтәи аразҟы зчаԥо абиԥара ҿа ирыӡрыжәырҭоуп, арҿиара знапы алаку аҿаргьы ааӡоит хымԥада. Аҿар аус рыдырулоит зԥышәеи здырреи ҵаулоу аҵарауаа, апедагогцәа, ашәҟәыҩҩцәа. Аиаша сҳәарами, аҿар рылагылара сара сзы акыр иаԥсоуп, алекциақәа рыԥхьареи акурстә, адипломтә усумҭақәа напгхара рыҭареи иага иџьабаазаргьы, сгәы ақәҿыӷьӡом. Сахыҽхәаны иазгәасҭоит, ауниверситет ахадареи Аԥсуа литература акафедреи рымч-рылшарала аус шауа Алитературатә хеидкыла. Уи напхгара азиуеит акафедра арҵаҩы Ахра Анқәаб. Иҭыҵуеит астудентцәа рҩымҭақәа зныло альманах "Аԥсынгьери". Ажәакала, Анатоли, уареи сареи ҳхаан Владимир Анқәаб иҿазҵәылхны дыззаԥсоз аус ԥшьа хьшәашәаны иҟам, уимоу, иахьа алшарақәа еиҳагьы иҭбаахеит аҿар Аԥсны анҭыҵ рцара-раара, рҩымҭақәа ркьыԥхьра аганахьала. "Аԥсынгьери" иану аҩымҭақәа рахьынтә имаҷым, ишудыруа еиԥш, ажурнал "Алашара" адаҟьақәа рҟны зҭыԥ ылызххьоугьы.
– Валентин, иахьа уара усакьаҳәымҭа уҭагылоуп! Анцәа иҟынтә ухшара ухьӡеит, уҷкәынцәеи уӡӷаби анасыԥ бзиақәа роухьеит, уҭыԥ-уҭышә уеиқәшәоуп, унапы злаку аҭҵаарадырреи арҿиареи рыда хьаа дук умаӡам… Ус анакәха, "аҭагалатә" рацәаны иумоуп, иарбан шәҟәқәоу ҳаԥхьаҟа уаԥхьаҩцәа ирԥугаларан иҟоу?
– Иуҳәо ҵабыргуп, сахьынӡааихьо убоит, схы сахашшаауам, Анцәа дсырҵәыуом, исыбаргәузеи, сҳәоит. Ауаҩы бзиа даныҟоу идыруазароуп, аԥсҭазаараҿы дманшәалахазар, ирҵаҩцәеи иҩызцәеи инарҷыданы, уи зыбзоуроу еиликаауазароуп... Арҿиарауаҩ ишьҭахьҟа – аҩнра, аҭаацәара рныҟәгара иацу ахьанҭарақәа рӷьырак изышьҭызхуа арӷьажәҩа димазароуп… Ҳаԥхьаҟа аԥхьаҩцәа ирԥызгалои ҳәа уҵаауеит? Ианиашьа ихаҵашьоуп, уара иуҳәо, Анцәагьы иуциҳәароуп. Сыԥсҭазаара иалсыршарц исҭаху хәыҷмыҷқәак ыҟоуп. Амала иуцәызӡом акы: Таиф Аџьба ирҿиамҭақәа монографиа ҳасабла рыҭҵаара – абри гәҭакыс исымоуп, абри сыгәҭыхақәа зегь раԥхьа игылоуп иахьазы.
© Foto / Анатолиа ЛагәлааВалентин Когония
Валентин Когония - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.02.2024
Валентин Когония
– Сҩыза, уареи сареи ҳарҵаҩ ду, Аԥсуа ду, апоет Владимир Платон-иԥа Анқәаб ныҳәаԥхьыӡла ихыхәхәо иҭәу ицәаҳәақәа рыла ихсыркәшоит ҳаицәажәара: Уацәцахә гәырӷьо иԥхеиԥхеилааит, Ҽааныбзеила угәырӷьо унеилааит!
– Иахьатәи амшаз сызгәалашәаз сҩыза гәакьа, ауаҩаамсҭашәа, агәыбылҩы Анатоли! Ҳшамкәа ҳазшаз Анцәа ду илԥха умазааит! "Ҽаанбзиала" рҳәонаҵы Аԥсны, аԥсуа жәлар урыгымзааит!
Ажәабжьқәа зегьы
0