Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

"Абазақьа духагылазаргьы, аиаша ҳәа": зхархәара ԥку ажәақәа злоу аԥсыуа жәаԥҟақәак ирызкны

© Sputnik / Алексей МальгавкоУничтожение неиспользованных бюллетеней на избирательном участке в ходе выборов губернатора Омской области в единый день голосования в России
Уничтожение неиспользованных бюллетеней на избирательном участке в ходе выборов губернатора Омской области в единый день голосования в России - Sputnik Аҧсны, 1920, 17.02.2024
Анапаҵаҩра
Иахьа шамаха хархәара змам ажәақәа знубаало жәаԥҟақәак ҳзеидылкылеит Аԥсуаҭҵааратә институт афольклортә лабораториа аусзуҩ Сусанна Ҭаниаԥҳа.
Ажәаԥҟақәа изырҿиаз ажәлар ирсаркьоуп, ирыхшыҩҭроуп. Ажәаԥҟақәа рыҵаулареи рыҩаӡареи шьақәырӷәӷәо, абызшәадырҩы Ева Ҭаниаԥҳа лусумҭақәа руак аҟны абас лыҩуеит:
"Ажәаԥҟа – иҭышәынтәалоу, ишәа-иза зҳәареи згәынкылареи мариоу, ихшыҩырҵагоу, иԥҟоу ажәоуп. Мрагыларатәи ажәларқәа жәпаҩык ажәаԥҟақәа "ирыԥхым абырлашқәа" ҳәа ирышьҭоуп. Абырзенцәа – "амчра змоу, аҳра зуа агәаанагарақәа" ҳәа рзырҳәоит".
Перьевая ручка - Sputnik Аҧсны, 1920, 04.12.2021
Аԥсны
"Асаашьа", "ахҟа", "алкьра": аԥсыуа ажәақәак рыхҳәаа
Ажәаԥҟақәа, хыхь ишаҳҳәахьоу еиԥш, ҳәоук ашәага-зага иҭаӡоит, изыхцәажәо рацәаӡоуп, рҵакы ҭбаауп, ибеиоуп, еиуеиԥшым. Ажәаԥҟақәа реилазаараҿы иуԥылар алшоит иахьа шамахамзар хархәара змам ажәақәагьы. Ҳарзааҭгылап ҿырԥштәқәак:
Абазақьа духагылазаргьы, аиаша ҳәа. Абаза́қьа – анкьа ауаҩы ихы ахҵәаразы иалхыз ауаҩы.
Узҭаху аҩыза ихаҳәгьы ԥылқуп. Изларҳәо ала аԥылқы́ ажәытәан ирҭиуаз шьақар хкуп.
Аӷа данхәасқьо – афырхацәа рацәоуп. А́хәасқьара – агәыҭҟьа-ԥсыҭҟьара, ишәаны абналара аанагоит.
Ауаҩы гьазар имардуан ҟьашьӡом. Агьаза́р – иааҟәымҵӡакәа усда-ҳәысда иныҟәо ауаҩы изку ажәоуп.
Аҵлаҳәыр зыхьчаз анырҳа изыԥшуп. Аҵлаҳәы́р – изызҳауа аҵла ҿарақәа роуп.
Аҽы аԥырҩа иазгәаан, аидара агон. Аԥырҩа́ – аидара гагас аҽы иахарҵо маҭәаруп.
Зҭиар иҭашуа ала уацәымшәан. Аҭиа́р – ала ахьҭатәо аҭра, алаҭра (азгә. "конура").
Акәымсаг абжьы алу ахы иалаӡомызт. Акәы́мсаг – алу иақәгылоу арыц ршәшәага иахьӡуп.
Ала ҭынч аблыц ҵаруп. Аблы́ц (а́блац) – аԥстәқәа рыцламҳәа иҵыҳәҳәо ахаԥыцқәа роуп.
Ибеиахаз аччиа асадаҟы уиҭаӡом. Асадаҟы́ – аԥара иаҳәо инапы ианырыԥсало (азгә. "милостыня").
Ачуқь ахәлара дазыԥшуп. Ачу́қь ҳәа изышьҭоу аԥсырҳәҩы иоуп, урысшәала иаҳҳәозар, "мародёр".
Рыцк ҳаҭыр ақәызҵо, ауеиба еиԥш дынхоит. Ауе́иба – ҳәа ишьҭоуп акгьы згымкәа еихачаԥа инхо-инҵуа.
∕Астатиа ашьақәыргылараҿы хархәара аҭан Олег Шамбеи Борис Гәыргәлиеи реизга "Аԥсуа жәаԥҟақәа".∕
Абхазская азбука. - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.05.2022
Аԥсны
"Афрахазаамҭа", "аԥагәалра", "аԥҟьаԥса": ажәытә ажәақәаки урҭ рҵакқәеи
Ажәабжьқәа зегьы
0