Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аҟәа имҩаԥысит Аџьынџьтәылатә еибашьраҟны иҭахаз ранацәеи рыҳәсеи рзы агәыҳалалратә уаххьа

© Sputnik / Леон Адлейба Благотворительный ужин для вдов и матерей погибших в Отечественной войне народа Абхазии 1992-1993 годов
Благотворительный ужин для вдов и матерей погибших в Отечественной войне народа Абхазии 1992-1993 годов - Sputnik Аҧсны, 1920, 19.02.2024
Анапаҵаҩра
Ауснагӡатә ахь инаԥхьан 2023 шықәсазы афонд "Кьараз" еиҿнакааз апроект "Аԥсшьараз азин" иалахәыз аҳәса.
АҞӘА, жәабран 19 - Sputnik, Бадрак Аҩӡба. Аҟәа имҩаԥысит 1992-1993 шықәсқәа рызтәи Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраҟны иҭахаз ранацәеи рыҳәсеи рзы агәыҳалалратә уаххьа.
2023 шықәсазы афонд "Кьараз" еиҿнакааз апроект "Аԥсшьараз азин" иалахәыз ҩынҩажәи жәаҩык аҳәса наԥхьан Аԥсны иҟоу асанаториақәа иреиӷьу "Самшитовая Роща" ахь. Иҭахаз ргәакьацәа ироуит алшара ара азҩыдатәратә процедурақәа ирхысырц, аӡиа Риҵеи Афон ҿыц аҳаԥи ирҭаарц.
Афонд "Кьараз" ацшьаҭаркҩы, апроект автор Наталиа Милованова еизаз рҿаԥхьа дықәгыло иазгәалҭеит апроект ԥхьаҟагьы ишацҵахо.
"Шәеиҳараҩык шамахамзар аҵыхәтәантәи 30 шықәса рыҩнуҵҟа ԥсшьара шәымцацт. Ари аԥсҭазаара еиҭанакуеит, ауаа ҿыцқәа шәрабадыруеит. Ҳгәанала ари шьахәуп. Апроект ԥхьаҟагьы имҩаԥгахаларцаз иалшо зегьы ҟаҳҵоит", - ҳәа лҳәеит лара.
Еизаз рҿаԥхьа иқәгылеит Оҭар Хәынҵариа ихьӡ зху жәлар рмузыкатә рҳәагақәа рансамбль, аҿар-фольклортә ансамбль "Ахьышьҭра", адует "Анатрио". Александр Коӷониа аскрипка аирҳәеит, Шьаҳан Сиргьинаа – асаксофон.
1992-1993 шықәсқәа рызтәи Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраҟны иҭахаз ранацәеи рыҳәсеи рзы агәыҳалалратә проект аҳәынҭқарра афинанстә цхыраара анаҭеит.
Ажәабжьқәа зегьы
0