Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

АТОР аӡәгьы ирабжьеимгацт Аԥсныҟа атурқәа рымҭиларц азы

© Sputnik / Томас ТхайцукСухумский порт
Сухумский порт  - Sputnik Аҧсны, 1920, 19.02.2024
Анапаҵаҩра
АҞӘА, жәабран 19 - Sputnik. Урыстәылатәи атуроператорцәа аӡәгьы макьана ирабжьеимгацт Аԥсныҟа атурқәа рымҭиларц азы ҳәа адырра ҟанаҵеит АТОР.
Ахәаша Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра а-Telegram-канал аҿы ахҳәаа анаҭеит Аԥсны атәылауаҩ Едгар Абыхәба иҭакра аҿҳәаразы иҟоу аҭагылазаашьа. Аусбарҭаҿы ауаа ргәы рҽанырҵеит аԥснытәи акурортқәа ирҭаауа аҳәаанырцәтәи асасцәа ашәарҭара иҭагылар шауа.

"Ҷыдала ауаа азҿлымҳара азырурц ҳҭахуп - ас еиԥш иҟоу агәҽанҵарақәа официалтәӡам, "Урыстәылатәи Афедерациаҿы атуристтә усура ашьаҭақәа" рзы Афедералтә закәан 14 инақәыршәаны атәылауаа ршәарҭадареи ргәабзиареи ашәарҭара ишҭагылоу атәы аҳәом", – ҳәа азгәарҭеит АТОР аҿы.

МИД Абхазии  - Sputnik Аҧсны, 1920, 17.02.2024
Аԥсны
АдәАР: Аԥсни Урыстәылеи рыбжьара аиҩызаратә еизыҟазаашьақәа реиҭахәаԥшра ҟалом
Ажәабжьқәа зегьы
0