Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Sputnik амчыбжь: Апрокуратура хада аколлегиа аилатәара, аимҳәа алаҵәара, аԥсыӡкцәа рыԥсра

© Sputnik / Томас ТхайцукГенеральная прокуратура
Генеральная прокуратура  - Sputnik Аҧсны, 1920, 19.02.2024
Анапаҵаҩра
Аинформациатә маҵзура Sputnik Аԥсны иазнархиеит жәабран 12-18 рыҩнуҵҟа иналукааша ахҭысқәа рыхҳәаа.
Ари амчыбжь азы имҩаԥысит атәыла ахада Аслан Бжьаниа дызлахәыз Аԥсны Апрокуратура хада аколлегиа реилатәара, аԥсыӡкыгаӷбаҟынтәи хҩык аԥсыӡкцәа Гагратәи ахәшәтәырҭаҿы рыԥсҭазаара иалҵит, ареспубликаҿ иазгәаҭоуп аимҳәа А алаҵәара. Абарҭи егьырҭ ажәабжьқәеи Sputnik аматериал аҟны.
Sputnik

Апрокуратура хада аколлегиа реилатәара

Жәабран 15 рзы имҩаԥысит Аԥсны Апрокуратура хада аколлегиа аилатәара, уи далахәын атәыла ахада Аслан Бжьаниа. Ажәахә хада ҟаиҵеит апрокурор хада Адгәыр Агрба.
Иара иҳәеит 2023 шықәсазы азинхьчаратә усбарҭақәа русзуҩцәа ашәҟәы ишҭаргалаз 665 цәгьоура, ари 130 цәгьоура рыла еиҵоуп 2022 шықәсазы аасҭа. Ацәгьоура ӷәӷәақәеи ацәгьоура ӷәӷәаӡақәеи 10 рыла еиҵоуп 2022 шықәсазы аасҭа – 225 хҭыс ма 33,8%.
Апрокуратура аусзуҩцәа рҿаԥхьа дықәгылеит атәыла ахада Аслан Бжьаниа. Иара иазгәеиҭеит Апрокуратуоа хада аусура ахәшьара шарҭо ауаажәларреи аҭоурыхи.
"Напхгарас иҟазаауа ҳидеиа хада аҳәынҭқарра арӷәӷәароуп, избанзар ҳҳәынҭқарра зегь еицаҳзеиԥшу ҳаҩн-ду ауп. Иҩныдоу длахьынҵадоуп. Зегьы еицыжәдыруазар акәхап иҩныдахаз ажәларқәа рлахьынҵақәа зеиԥшрахаз", - ҳәа иҳәеит атәыла ахада.
Иара убасгьы иазгәеиҭеит, аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы адунеи аҟны имҩаԥысуа ахҭысқәа аҳәынҭқаррақәа рҳәаақәа рҭагылазаашьақәа рыԥсахыр шрылшо.
"Ашьха-Ҟарабахтәи Ареспублика 30 шықәса рышьҭахь ахсаала ианыҵит. Сазааҭгыларц сҭахуп ҳҳәынҭқарра арӷәӷәараҿы Апрокуратура хада инанагӡо аҵак ҷыда", - ҳәа иҳәеит иара.
Атәыла ахада далацәажәеит азинхьчаратә усбарҭақәа акоррупциеи аимҵәареи ирҿагыланы русура дырӷәӷәар шакәу.

Аԥсыӡкцәа рыԥсра

Ҭырқәтәылатәи аԥсыӡкыгаӷба Пицунда иӡхыҵит ахәаша, жәабран 16 рзы. Аӷба иҭаз бааԥсыла акы рԥырхагаханы ахәшәтәырҭа ареанимациатә ҟәша ахь инагаз ҭырқәтәылатәи аԥсыӡкыҩцәа быжьҩык рҟынтәи ԥшьҩык ргәабзиара аҭагылазаашьа аҭышәныртәалара рылшеит, хҩык рыԥсҭазаара иалҵит.
Ачымазцәа зегьы арԥҳақәа рыҩныҵҟа иԥсабаратәым аҳауеиҭныԥсахлара аппаратқәа рхаргылан.
Аԥсны ақыҭанхамҩа аминистр Беслан Џьопуа иҳәоит аԥсыӡкыҩцәа аԥсры аҿы иԥхасҭахаз аԥсыӡ иахылҵыз агаз рԥырхагахазар ҟалоит ҳәа.
Иара иҳәеит аӷба аԥснытәи анаплакҩцәа қьырала иргаз аӷбақәа ишреиуоу, уи ԥхынҷкәынмзаахыс аԥснытәи аӡымҽхак аҟны аԥсыӡкра ишаҿу, аԥсры иҭаз аԥсыӡ акәзар, ҭырқәтәылатәи аӡымҽхак аҟны ианыҟаз иркыз шакәу.
Батал Джопуа  - Sputnik Аҧсны, 1920, 17.02.2024
Аԥсны
Беслан Џьопуа иҳәеит ҭырқәтәылатәи амшынуаа ирԥырхагахаз азы гәҩарас иҟоу

Аимҳәа алаҵәара

Аҟәатәи аинфекциатә хәшәтәырҭа аҳақьым Гәдиса Шларба арадио Sputnik аефир аҿы иҳәеит аҵыхәтәантәи амшқәа рзы ахәшәтәырҭахь инеиуа ауааԥсыра рхыԥхьаӡара акырӡа ишацлаз аҿкы чымазара иахҟьаны. Есыҽны иҳадаҳкылоит 70-ҩык рҟынӡа ҳәа еиҭеиҳәеит иара. Уажәазы ахәшәтәырҭа иҭоуп 20-ҩык ахәыҷқәеи быжьҩык адуцәеи.
Аимҳәа зыхьуа ахәыҷқәа рхыԥхьаӡара иаҳа еиҳауп адуцәа раасҭа. Рымцашоура ҳаракуп, 39-40 градус рҟынӡа иҟоуп. Аковид зыдбалоугьы ыҟоуп. Ахәшәқәа анхәарҭамхалак ауаа ахәшәтәырҭахь идҵаалоит.
Ахалаҽыхәшәтәра шәарҭоуп. Аимҳәа А абронхити агәаҵәкыреи цәырнагар ахьалшо азы ахәшәтәырҭаҿ ушьҭалароуп.
Шларба иҳәеит ачымазара аҟазшьақәа шубалак аҳақьым иахь унеир шакәу.

Иԥсҭазаара далҵит Руслан Барцыц

63 шықәса дшырҭагылаз иԥсҭазаара далҵит аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа ркандидат, археолог, аетнолог, Леон иорден занашьоу Руслан Барцыц. Иара 1987 шықәса раахыс аус иуан абызшәеи, алитературеи, аҭоурыхи Аԥснытәи ринститут аҿы, Пицундатәи аҳәынҭқарратә аҭоурых-архитектуратә ҳәырԥсарра адиректорс дыҟан. Иԥсҭазаара зегьы аҭҵаарадырра иазкын.
Руслан Барцыц – аԥсуа ҵарауаҩ-археолог, аҭоурых ҭҵаарадыррақәа ркандидат, ихьчахьан адиссертациа “Акульттә комплексқәа рҟны аԥсуа синкретизм" 20 инареиҳаны аҭҵаарадырратә шәҟәқәа дравторуп.
Џьопуа Руслан Барцыц изы: аҭҵаарадырра аганахьала игәҭакқәа рацәан  - Sputnik Аҧсны, 1920, 16.02.2024
Арадио
Џьопуа Руслан Барцыц изы: аҭҵаарадырра аганахьала игәҭакқәа рацәан
Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра далахәын. Пицундатәи абаталион аштаб деиҳабын, Пицунда акомендантс дыҟан, 1992 шықәса абҵарамзазы Атәылахьчара аминистрра Атопографиатә маҵзура аиҳабы дихаҭыԥуаҩын, Аҟәеи Гагреи рхақәиҭтәра далахәын.

Урыстәыла АдәАР аҳәамҭа

Жәабран 16 рзы Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистрра агәынамӡара аанарԥшит Едгар Абыхәба, 2019 шықәса рзы урыстәылатәи атуристка лганахьала ацәгьоура хьанҭа ҟазҵаз, ихы дахьақәиҭыртәыз азы. Иара доурыжьит Аԥсны Иреиҳаӡоу аӡбарҭа аӡбамҭа андырԥсыҽ ашьҭахь.
Аминистрра аҳәамҭа ҟанаҵеит аԥсуа зинеиҿкаара абас ацәгьоурақәа гәхьаамкрала иахьырзыҟоу иахҟьаны "Аԥсны акурортқәа рахь аҳәаанырцәынтәи есышықәса хыԥхьаӡара рацәала иаауа аԥсшьаҩцәа ашәарҭара ишҭагыло". Урыстәыла АдәАР абри азы ҳауаажәлар ргәырҽанаҳҵароуп рҳәеит.
Абыхәба 2021 шықәса рзы ахара идҵан Урыстәыла атәылауаҩԥҳәыс лцәаԥҽра, лырҳәра, лгәабзиара ааха ӷәӷәа аҭара рзы, иара Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭа хараԥсада жә-шықәса азеиԥш режим ала аҭакра иқәнаҵеит.
Анаҩс Иреиҳаӡоу аӡбарҭа Ахашшааратә коллегиа ихарадҵа рыԥсахит – Абыхәба иқәырҵеит жә-шықәса иџьбароу арежим ала ихигарц, 10 000 мааҭ ахараԥса ишәарц. ⠀ Аколлегиа ас заӡбаз Абыхәба ацәгьоура аниуаз иқәра намӡацызт, аха ахарадҵара амч анаиуаз, иара 18 шықәса ихыҵхьан азы.
Жәабран 18 рзы Аԥсны Иреиҳаӡоу аӡбарҭа аҳәамҭа ахҳәаа азнауит ахарадҵа зырԥсыҽыз иалацәажәо.
"Абыхәба ацәгьа аниуаз 18 шықәса ихымҵыцызт. Ихара ырԥсыҽуа Иреиҳаӡоу Аӡбарҭа Апрезидиум шьаҭаны иагеит Аԥсны Аконституциа (ахәҭаҷ 11), еицазхаҵоу жәларбжьаратәи азинтә актқәа, Аԥсны ашьауӷатә Закәанеидкыла (ахәҭаҷқәа 3, 4, 6, 82), иара убасгьы Аԥсны Аконституциатә ӡбарҭа апозициа", - ҳәа аҳәоит атекст аҿы.

Афырхацәа рзы аҳамҭақәа

Украина имҩаԥысуа арратә операциа ҷыда Аԥснынтәи хатәгәаԥхарала зҽалазырхәыз, фырхаҵарыла иҭахаз Давид Сабекьиа, Дмитри Алпатов, Ҭемури Хараишьвили, Марзаҟан Ачба, Шамил Дасаниа рҭаацәа рнапы иадыркит актәи аҩаӡара змоу Гьаргь Ацқьа иџьарқәа.
Арратә операциа ҷыдаҿы анапынҵа ҷыда амҩаԥгараан иҭахаз Владимир Харабуа иволонтиортәи иуаажәларратәи џьа азы данҭаха ашьҭахь ианашьахеит Афырхаҵа иеҵәа.
Ауснагӡатә еиҿнакааит ауаажәларратә еиҿкаара "Доброволец".

Цхинвал ақалақь аҿы агәыҳалалратә концерт

Цхинвал ақалақь аҿы агәыҳалалратә концерт мҩаԥыргеит Аԥсны Амилаҭтә галереиа ацхырааразы.
Аҳәынҭқарратә жәлар ринструментқәа роркестр "Айзаелд" 20 инареиҳаны музыкатә номер нарыгӡеит. Аконцерт аҿы еизыргаз аԥарақәа зегьы Аԥсны акультура аминистрра аԥхьаӡамҭа ҷыдахь инашьҭуп.
Аԥсны Амилаҭтә сахьатә галереиа аҿы иҟалаз амцакра иахҟьаны иблит афонд аиҳара. Аахыҵ Уаԥстәыла акультура аминистрра атәылауаа рахь аҳәара ҟанаҵеит аԥсуа сахьаҭыхыҩцәа рырҿиамҭақәа змоу ареспублика ҳамҭас иарҭарц.

Sputnik Pro ацҵа

Апроект Sputnik Pro амодуль ҿыц "Акамереи асмартфони рыла аҭыхра: ахықәкқәеи аусдҵақәеи" мҩаԥысит Sputnik апресс-центр аҿы жәабран 15 рзы.
Амедиагәыԥ "Россия сегодня" аинформациатә технологиақәа рдирекциа аҟазауаҩ Игор Мазунин адронқәеи асмартфонқәеи рыла аҭыхшьа атәы далацәажәеит Урыстәыла, Ирак, Шьамтәыла, Донбасс иоуз аԥышәа ахархәарала.
Аҟазауаҩ инарҭбааны дазааҭгылеит асмартфонқәа рыла аҭыхра, иҳәеит АИХқәа ҳаамҭазтәи рыҿиара шыцхыраагӡа дуу. Мазунин далацәажәеит апрофессионалтә хархәагақәа рыла аҭыхреи адронқәеи асмартфонқәеи рыла аҭыхреи реиԥшымзаара, дазааҭгылеит амонтаж амаӡақәа.
Игор Мазунин уаанӡагьы аԥснытәи ажурналистцәа рзы аҟазаратә-классқәа мҩаԥигахьан. Усҟан Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет астудентцәа идирдырит аԥырҩы дызҭам ахархәага афотои-авидеои ҭыхрақәа раан ииашаны ахы ишархәатәу.
Ажәабжьқәа зегьы
0