Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

"Аԥсны бзиа избо - сыԥсы рысҭоит": аескурсиамҩаԥгаҩ Нана Ашамԥҳа илызкны

© Foto / Саида ЖьиԥҳаНана Ашамба
Нана Ашамба - Sputnik Аҧсны, 1920, 21.02.2024
Анапаҵаҩра
Атурист дызҭаауазаалакгьы аҳәынҭқарра, раԥхьаӡакәны дабаирдыруеит аексурсиамҩаԥгаҩ. Иара изеиҭеиҳәо аҭоурых ала ауп асас атәылазы игәаанагара шышьақәгыло. Жәабран 21 азы иазгәарҭо аекскурсиамҩаԥгаҩ адунеизегьтәи имш инақәыршәаны, сара лыӡбахә шәзеиҭасҳәар сҭахуп 24 шықәса раахыс екскурсиамҩаԥгаҩс аус зухьо Нана Иаков-иԥҳа Ашамԥҳа. Лара лыбзоурала имаҷҩым Аԥсны бзиа ибаны шықәсы рацәала иаҭаауа.
Саида Жьиԥҳа, Sputnik
Нана Иаков-иԥҳа Ашамԥҳа лыԥсадгьыл ахь иҷыдоу агәыбылра лымоуп. Лара дрыцкаруп амҳаџьырра аамҭақәа раан зыԥсадгьыл иахцаз, анаҩс Баҭым нхара иалагаз Ашамбақәа. Нана лабду Шьаҳан, ихәыҷра шықәсқәа Аԥсны, Ешыра ақыҭан имҩасит.
"Сабду дхәыҷӡан, иҭаацәа Ҭырқәтәылантәи Баҭымҟа нхара ианаа. Усҟан дара алшара рмоуӡеит иаразнак рыԥсадгьыл ахь иӡхыҵырц, аҭырқәа ӷба Баҭым иаанҿасны, ахҵәацәа гәыԥҩык уа иннажьит. Аамҭа аҭаххеит Аԥсны инхаз ргәакьацәеи дареи реимадара ашьақәыргыларазы. Ҳара ҳҭаацәа Баҭым нхара иалагазаргьы, Аԥсны иадҳәалан. Саргьы ашкол саналга, сџьынџьдгьыл ахь сааит. Сҭалеит Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет, афилологиатә факультет. Ус ара аҭаацәара салалеит. Иахьа уажәраанӡагьы сыцәгьеи сыбзиеи араауп иахьыҟоу", - лҭаацәаратә ҭоурых дазааҭгылоит Нана Ашамԥҳа.
Нана Ашамԥҳа фышықәса лзанааҭ ала Борис Кьехьыриԥа ихьӡ зху Гагратәи агуманитартә ааглыхратә техникум аҟны аус луит. Уа дшыҟаз, арҵаҩреи аекскурсиамҩаԥгареи еилалгӡо далагеит. Аха ишдыру еиԥш, Аԥсны Аџьынџьтәылатәи аибашьра ашьҭахь ахныҟәгара уадаҩын, ахацәа реиҳарак усурҭада иҟан. Аҳәса ракәын аҭаацәара рныҟәгараҿы аҭакԥхықәра здыз. Усҟантәи аҭагылазаашьа иалҵшәахеит Нана Ашамԥҳа лзанааҭ хада ааныжьны, ахныҟәгаразы еиҳа ихәарҭаз аекскурсиамҩаԥгарахь лиасра.
"Ада Џьота-иԥҳа Оҭырԥҳа дызхагылаз Гагратәи аекскурсиақәеи аныҟәарақәеи рбиуро ахь аусура сиасит. Усҟантәи аамҭазы аекскурсиамҩаԥгаҩцәа азыҟаҵара иахысуан атурфирмақәа рҟны. Саргьы ҳбиуро аҟны иахәҭаз адыррақәа ансырҭа, аамҭак ашьҭахь методистсгьы аусура салагеит. Иазыҟасҵон аҿар", - лҳәоит Нана Ашамԥҳа.
Қаԥшь: ӡынгьы-ԥхынгьы аԥсшьаҩцәа иалырхуа, иблахкыгоу хырхарҭоуп Риҵа - Sputnik Аҧсны, 1920, 08.01.2024
Арадио
Қаԥшь: ӡынгьы-ԥхынгьы аԥсшьаҩцәа иалырхуа, иблахкыгоу хырхарҭоуп Риҵа
Аекскуриамҩаԥгаҩ иус аҭакԥхықәра дуӡӡа ацуп. Иара идыррақәеи насгьы урҭ рызнагашьеи ирылҵшәахоит асас атәылазы ишьақәгыло игәаанагара.
"Аекскурсиамҩаԥгаҩцәа рыбжьара лафны ирҳәоит, "аекскурсиамҩаԥгаҩ қәыԥш иидыруа зегь еиҭеиҳәоит, аԥышәа змоу – иахәҭоу, ибыргу – игәалашәо" ҳәа, аха сара, атурист Аԥсны гәыкала дшазыҟоу, бзиа ишибо снырыр, апрограмма аҳәаақәа сырҭысны аҭоурыхқәа изеиҭасҳәоит. Аекскурсиамҩаԥгаҩ иажәахә, иахьцо ахырхарҭа азганк аан ауп атуристцәа ианрызнаиго. Ианыгьежьуа, асасцәа алшара рырҭоит рыԥсы шьауа ирбаз, ираҳаз азхәыцра, азҵаара рымазар ақәыргылара. Сара даара бзиа избоит азҵаарақәа ансырҭо. Сажәахәгьы убас ишьақәсыргылоит атуристцәа азҵаарақәа рызцәырнагаратәы", - лҳәоит аекскурсиамҩаԥгаҩ.
Нана Ашамԥҳа иахьа Аԥсны ахьынӡанаӡааӡо иҟоу атуристтә хырхарҭақәа рахь аныҟәарақәа мҩаԥылгартә еиԥш алшарақәеи адыррақәеи лымоуп. Аха лара зегь раасҭа аԥсшьаҩцәа аԥсабарахь ианылго бзиа илбоит. Иара убас агәахәара лнаҭоит иԥшьоу аҭыԥқәа рҭаарагьы.
"Аԥснытәи ауахәамақәа иԥшьоу рымч аӡбахә заҳахьоу атуристцәа ԥсшьара ианаҳзаауа, хымԥада хықәкы хадас ирымоуп урҭ рҭаара. Исгәалашәоит зны Афонҟа агәыԥ сыманы санца, асасцәа руаӡәы аҳаԥы аҭалара мап ацәкны, легендала Симон Кантәи дахьҭадырхаз Ԥсрыцха аиҩхааҟны аӡиас дҭаларц азы азин исҭарц дышсыҳәаз. "Сыԥсҭазаара цәаҳәеиқәаҵәала имҩасуеит, сҩызцәа исабжьаргеит убра хынтә сыҽӡаасшьар – сманшәалахоит" ҳәа аниҳәа, мап ицәысымкӡеит. Уахь ацара сыпрограмма ишаламызгьы, егьырҭ аҳаԥы иҭаҵаны дызгеит игәахәтәы анагӡарахь. Шықәсқәак рышьҭахь иара ҩаԥхьа Аԥсныҟа данаа, машәыршәа ныҟәарак аҟны ҳаиқәшәан "сыжәдырма" ҳәа дсыдгылеит. Аиашазы курорттә сезонк иалагӡаны шәҩыла ауаа ҳрылагылоуп, аха иара иҭагылазаашьа ала дысгәалашәеит. Даара сгәы азҳаит аӡиас иҽӡаашьрала иҭагылазаашьа абзиарахь аҽахьаԥсахыз", - еиҭалҳәоит Нана Иаков-иԥҳа.
Цкәиаԥҳа апостол Симон Кананит иҳаԥы азы: иубарҭоуп ауаа гәыкала ишазыҟоу - Sputnik Аҧсны, 1920, 23.05.2023
Арадио
Цкәуаԥҳа ацҳаражәҳәаҩ Симон Канатәи иҳаԥы азы: иубарҭоуп ауаа гәыкала ишазыҟоу
Аекскурсиамҩаԥгаҩ лажәа иалаҵаны илҳәеит, ахшараиура иазгәышьуа аҭаацәарақәа жәпакы, Аԥснытәи ауахәамақәа рҭаара аҵыхәтәантәи гәыӷраны ишырԥхьаӡо. Ус Лыхнытәи ауахәамаҟны иааны иматанеиз ԥҳәыск хҩык еициз ахәыҷқәа лыхшеит. Ари ахҭыс уаналацәажәо, илакәушәа убоит, аха ишаноу лабҿабоуп.
Нана Ашамԥҳа ҳтәыла иԥшьоу аҭыԥқәа рымч далацәажәо еиҭалҳәеит, урыс бизнесменк аԥсреи абзареи иҭагылаз иԥҳа хәыҷы лгәы ԥырҟараны ишыҟаз, аха аҳақьымцәа лыԥсҭазааразы агәыӷра маҷны ирҭон. Ус ишыҟаз, идырцәа рабжьгарақәа рыла Каман дааганы, Иԥшьоу Василиск иӡха есыҽны дӡааишьуа, устәи Камантәи ауахәамаҿы Иоанн Ахьҿа идамрачаԥа дҭаирио далагеит. Убасҟан иара агәаԥхара изцәырҵит аԥҟара ақәшаҳаҭхаразы. Мчык иҵанаҳәеит зегь шыманшәалахоз. Ус иагьыҟалеит. Зыԥҳа деиқәхаз аурыс хаҵа Иԥшьоу Василиск иаҳаҭыр азы иҳаҭгәын авара иргылеит амҿтәы уахәама хәыҷ. Каман иааганы ауаа ирзишеит Иаса Қьырсеи Иоанн Ахьҿеи рныхачаԥақәа зқьы-зқьы цыра. Абас ирацәаӡоуп ҳадгьыл аҟны агәыӷра зауны зыԥсҭазаара абзиарахь иааҳәыз атуристцәа.
Ҳаиҿцәажәара иацҵо, Нана Ашамԥҳа дазааҭгылеит дзыргәамҵуа ахҭысгьы. Аҵыхәтәантәи аамҭазы лассы-лассы закәан шьаҭада Урыстәылатәи аекскурсиамҩаԥгаҩцәа атуристцәа мҩаԥырго иалагеит. Дара Аԥсны аҭоурых рҩашьаны ауп асасцәа ишрызнарго, уи азымхошәа аԥсуаа ҳхаҭагьы ҳларҟәны ицәажәоит. Уимоу ҳабнақәеи ҳҭыԥ ԥшӡарақәеи рҿы рҽыхтны афотосессиақәа еиҿыркаауеит.
"Ари аҭагылазаашьа Аԥснытәи аекскурсиамҩаԥгаҩцәа зегьы ҳзыргәамҵуа ауп. Илегалтәым аекскурсиамҩаԥгаҩцәа рганахь иџьбароу ахара шьақәыргылахар, аҽанкылара аадырԥшуазар акәхап. Ииашоуп, аԥхынтәи аамҭа иалагӡаны доусы аԥара ирҳар иҭахуп, аха ирызҭада дара азин иаҳхыччаны ицәажәаратәы. Ҳаԥсабараҟны ран ишаалыхшаз имҩаԥырго афотосессиақәа зынӡа угәы ԥыржәоит. Ҳаԥсабареи ҳареи иҷыдоу енергетикала ҳаимадоуп. Аԥсуа жәытәнатә аахыс абнахь дцома, ашьхарахь дхалома қәнагала ихы мҩаԥигон, ибжьыцәҟьа ҭыганы дцәажәомызт. Ҳара иаҳҳәаӡом атуристцәа ҳаԥсабарахь имныҟәааит ҳәа. Ҳара иаҳҭаху аҭыԥантәи амҩаԥгаҩ дрыцзар ауп. Усҟан асас еиликаауан шаҟа иԥшьоу ишьапы ахьықәгылоу адгьыл, шаҟа иҳараку аԥсуа ҵасқәа, ақьабзқәа, акультура", - лҳәоит Нана Иаков-иԥҳа.
Хра злоу ахҭысқәа: Малиеи Шьергьелиеи зинда аус зуа аекскурсиа амҩаԥгаҩцәа ирызкны - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.01.2024
Арадио
Хра злоу ахҭысқәа: Малиеи Шьергьелиеи зинда аус зуа аекскурсиа амҩаԥгаҩцәа ирызкны
Нана Ашамԥҳа акырӡа аџьабаа лбахьеит аекскурсиақәа рымҩаԥгараан. Ашарԥазы асааҭ ԥшьба рзы дгыланы, аҳәаа дахысны, аикарус ала ана-ара ауаа рҽахьеизыргоз ишьҭыхны, ҩба-хԥа сааҭ ҩаԥхьа аҳәааҟны агәаран дықәгыланы, нас длахҿыхӡа аныҟәарақәа мҩаԥганы, доусы дахьышьҭылхыз доулыжьуан.
"Аамҭа рацәа агәаран аҟны иаҳцәымцарц азы, аус зцаҳуа аурыс турфирмақәеи ҳареи ҳаицәажәеит, иаарышьҭуа атуристцәа рхала аҳәаа иахысырц. Уантәи ҳара еидкыланы автобусла ныҟәара иаҳгоит. Аҭыԥантәи аԥсшьаҩцәа хымԥада Гагра еизаҳгоит", - лҳәоит аекскурсиамҩаԥгаҩ.
Нана Ашамԥҳа иазгәалҭеит, Аԥснытәи аекскурсиамҩаԥгаҩцәа ҿарацәа есышықәса акурорттә сезон аламҭалазы атуризм аминистрраҟны аԥышәарақәа шарҭо. Еиҳа аџьашықәс змоу хышықәса рахьтә знык иарҭоит. 15-20 шықәса атуризм ахырхарҭала иааԥсахьоу аԥышәарақәа рҟнытә рхы иақәиҭтәуп.
Нана Иаков-иԥҳа иахьа аус луеит ахатә турфирма "Мамзышьха" аҟны. Дара, ахныҟәгара мацара акәымкәа, ҳтәыла аҳаҭыргьы иазхәыцуеит. Аԥышәа змоу аметодистцәеи, здыррақәа ҳараку аекскурсиамҩаԥгаҩцәеи, амашьынаныҟәцаҩцәа азҟазацәа адыԥхьаланы, ҳасасцәа ҽазны Аԥсныҟа аара ргәаԥхаратәы рныҟәарақәа еиҿыркаауеит.
Ажәабжьқәа зегьы
0