Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Хра злоу ахҭысқәа: Какәбаа асовет аамҭазы аррамаҵзура ахысра иазкны

Хра злоу ахҭысқәа: Какәбаа асовет аамҭазы аррамаҵзура ахысра иазкны
Анапаҵаҩра
Асовет аамҭазы арра маҵзура иахысхьаз, иахьа аспорткомплекс "Агәыӡера" аиҳабы Мурман Какәбаа арадио Sputnik аефир аҿы игәалаиршәеит арра данахысуаз аамҭа атәы, уи инаҭаз, избан аррамаҵура ахысра зегьы ируалԥшьаны изиԥхьаӡо, насгьы аҭаацәа рроль уи азҵаараҿы.
Аррамаҵзура исынаҭаз рацәоуп, раԥхьа иргыланы аиҩызара ҳәа азгәеиҭеит аиҿцәажәараҿы Какәыбаа.
"Амилаҭ рацәа ҳаилаԥсан, аха ҳхықәкы акакәын, ҳаԥсадгьыл ахьчара. Ҳаԥсадгьыл ахьчара 18 шықәса анаҳхыҵуаз акәӡам ианаҳдырҵоз. Ҳаныхәыҷқәаз инаркны аԥсадгьыл бзиа ишбатәыз, ишыхьчатәыз ала ааӡара ҳаман усҟан. Даара сазыразуп уи", - ҳәа инаҵишьит иара.
Мурман Какәбаа еиҭеиҳәеит аҩнаҭаҿы аҷкәын арра данцоз аԥсуаа рҿы дшынаскьаргоз, данаалак ишиԥылоз.
"Асовет еидгыла аамҭазы аҷкәын арра ихганы данаалак акәын хаҵасгьы даныршьоз. Сара ацәаҳәа санықәгылоз, "схаҵоуп, сыԥсадгьыл сыхьчоит" ҳәа сгәы иҭысҳәаауан", - ҳәа игәалаиршәоит иара.
Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.
Ажәабжьқәа зегьы
0