Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

"Ақәаб ҭачара змамыз, иԥҳа анабзыҭ лыциҵон": аԥсуаа ргәырӷьа-ччара иагәылҳәааны

© Sputnik / Илья Питалев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАбхазский фестиваль "Апсны"
Абхазский фестиваль Апсны - Sputnik Аҧсны, 1920, 25.02.2024
Анапаҵаҩра
Аԥсуаа ргәырӷьа-ччара иазку аматериал ҳзеидылкылеит Аԥсуаҭҵааратә институт афольклортә лабораториа аусзуҩ Сусанна Ҭаниаԥҳа.
Ачара – зынасыԥ еилазҵарц, наунагӡа зыԥсҭазаараҿы еимҩалацәахарц азызыӡбаз арԥызбеи аԥҳәызбеи рзы акрызҵазкуа мшуп. Ачара аиҿкаара ианакәзаалакгьы хшыҩла иазнеитәуп, "уқәҵа дырны ушьапы аиҵыхра ахәҭоуп", ус анакәымха, зыӡбахә цәыраҳгаз агәырӷьаратә мшы узҵымӡаауа ауал узыннажьыр алшоит.
Ақәаб ҭачара змамыз, иԥҳа анабзыҭ лыциҵон
Ажәытәи аҿатәи реиҿыбаара иазҿлымҳау Наҭела Хәыҭа-иԥҳа Аргәын лыстатиа "Аԥсуаа рхымҩаԥгашьа аҷыдарақәак" аҟны ҳажәлар агәырӷьа-ччара шымҩаԥыргоз иазкны абас лыҩуеит:

"Ажәытәан иҳәаны итәаз аԥҳәызба лгәашә аҭацаагацәа аназааигәахалак, аҭаца лҭаацәа агәашә адыркуан, имхыскәа ашҭа иҭарыжьломызт. Аҭацаагацәа акрыфара иандыртәалакгьы, шаҟа аамҭа ирзаанкыло иашьҭалон лыуацәа, "ҳаԥҳа лцара ҳахыццакуашәа иҟалоит" ҳәа иԥхьаӡаны".

Зынасыԥ зыԥшааз аԥҳәызба лҭаацәа лыҩн ҿыц ахь илыцырҵон "аихраҵага" (урысшәала "приданое" ззырҳәо).
Жәлар рыԥсҭазаара идырҿиаз ажәаԥҟақәа рфонд ахьтә иуԥылоит абри аҩыза ажәаԥҟа: "Ақәаб ҭачара змамыз, иԥҳа анабзыҭ лыциҵон". Сгәанала, ари ажәаԥҟа дҳәаақәнаҵоит малла еихбаала инымхо аб, аха иԥҳа лҭаацәараԥҵара аамҭа анааи, илымшозгьы илиршеит, акгьы иҽаҵаимырхеит.
Сердце в руках  - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.02.2023
Агәқәа еибызҭо данаауа: Анымираҳ - ҩыџьа рынцәахәы
Анабзыҭ закәу
Аԥсуа бызшәа алексика иалоуп ажәа "а́ихраҵага". Амала уи ажәа иаанарԥшуа аҵакы аҩыза амоуп ажәа "анабзы́ҭ". "Аҭаца анабзыҭ лыцуп" рҳәон. Анабзыҭ – ажәытә хаҵа ицоз аԥҳәызба лҭаацәа илыцырҵоз малуп. Аҭаца иагьа дыссирзаргь, анабзыҭ лыцымзар ԥхашьаран.
Платон Бебиа имшынҵақәа еидызкылаз ашәҟәы "Агәы иалахаз аҵәымӷ" аҟны иҩуеит:
"Дынхон хҩык аԥҳацәа змаз хаҵак. Уи иԥҳацәа аӡә дубар аӡә духашҭуа иҭыԥҳацәа ԥшӡақәан. Аха иалухузеи, рани раби заа ирыԥхеит. Напы еибала изызҳаз аҭыԥҳацәа иссирқәаны иаақәгылеит, аха хаҵа изцараны иҟазма урҭ анабзыҭ рыцӡамкәа! Аха аиҭым имгьал былуам ҳәа баша иаурҳәахуа. Урҭ дрызкашәеит рхәыҷреи ргәаҟреи зегьы бзианы издыруаз аӡәы. Рҭынха рацәак мал шимамызгьы, еидикылаз ахәыҷы еизыркәкәаны, ахҩыкгьы анабзыҭ рыцҵаны хаҵа ишьҭит. Рхы-ргәы иақәгәырӷьаратәы анасыԥқәагьы роуит.
Убри инаркны, аҭыԥҳацәа хаҵа ианишьҭыз амш аҽны, аиҳәшьцәа зегьы уи дааԥхьаны ачара изыруа иалагеит".
Свадьба - Sputnik Аҧсны, 1920, 16.10.2022
Аԥсны
Аԥсуа чара иахьа: иҟаҵатәузеи иаԥсыуахарц азы
Ажәабжьқәа зегьы
0