Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Агәабзиарахьчара аминистрраҟны иалацәажәеит ахәыҷтәы психиатриатә ҟәша аартра

© Foto / Минздрав АбхазииОткрытие детского психиатрического отделения обсудили в Минздраве Абхазии
Открытие детского психиатрического отделения обсудили в Минздраве Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 26.02.2024
Анапаҵаҩра
Аиԥылараҟны Агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба идикылеит ахәыҷтәы омбудсмен Мактина Џьынџьалԥҳа, ахәыҷқәеи ахбыџқәеи рҳақьым-психиатр Оксана Мельникова, аҳақьым-психиатр Гванца Маҷавариани.
АҞӘА, жәабран 26 - Sputnik. Аԥсны ахәыҷқәа рпсихикатә ҭагылазаашьа аҭҵаареи ахәыҷтәы психиатриатә ҟәша аартра аларшареи ртәы иалацәажәеит Агәабзиарахьчара аминистрраҟны. Абри атәы аанацҳауеит аусбарҭа апресс-маҵзура.

Хышықәса зхыҵуа инаиркны 18 шықәса зхыҵуа иҟынӡа ахәыҷқәа ргәаҭара актәи ахәҭа мҩаԥган иаҳхысыз ашықәс абҵарамза 21 инаркны ԥхынҷкәын 2 рҟынӡа. Аҟазацәа 69-ҩык ахәыҷқәа ирацәажәеит, урҭ рахьынтә иҟоуп рышықәс иаҵанамкуа аиҵахарақәа змоу, аҽшьра згәаԥхо.

"Ҳара еилаҳкаауеит ахәыҷқәа зыԥсихика еилагоу ацхыраара рыҭара шхадоу. Аха макьана азҵаара аанхоит астционар аиҿкаара еиҳа иахьыманшәалоу ҳәа. Ахәыҷтәы хәшәтәырҭа акәзар зыӡбахә ҳамоу, уи сынтәа аргылара иалагоит, сгәаныла ари азҵаара иаарласны иӡбатәуп", - ҳәа иҳәеит Едуард Быҭәба.
Аминистр иазгәеиҭеит астационар аҟны рыхәшәтәра аиҿкаара шыӡбахо, агәаҭарақәа аҩбатәи ахәҭа анхыркәшалак ашьҭахь.
Ахәыҷтәы омбудсмен Мактина Џьынџьалԥҳа Sputnik иазеиҭалҳәеит, Аԥсны Агәабзиарахьчара аминистрра ацхыраарала иахьа инаркы хәажәкыра 2-нӡа ахәыҷқәа ргәаҭара аҩбатәи ахәҭа ишалаго.
Аҟазацәа ирҭаарц зҭаху Тҟәарчал араион ада Аԥсны араионқәа зегь рыҟны ирыдыркылоит. Тҟәарчалынтәи аӡәыр иҭахызар, ирыдыркылоит Очамчыратәи Араионтә хәшәтәырҭаҿы. Аҳақьымцәа ҽнакала 12-ҩык ахәыҷқәа рыдыркылоит.
Ажәабжьқәа зегьы
0