Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Карчаа Аԥсны злахәу Аҿар адунеизегьтәи рфестиваль иазкны

Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Карчаа Аԥсны злахәу Аҿар адунеизегьтәи рфестиваль иазкны
Анапаҵаҩра
Шәҩык инареиҳаны Аԥснынтә аҿарацәа алахәхоит Сириус имҩаԥысуа Адунеизегьтәи аҿар рфестиваль. Уи аламҭалаз дара идикылеит атәыла ахада Аслан Бжьаниа. Аҿар рхыԥхьаӡараҿы иҟан убасгьы Адунеизегьтәи аиҩызаратә хәмаррақәеи, БРИКС-и ирылахәхо аспортсменцәагьы. Ас еиԥш иҟоу апроект дуқәа рылахәхара шымҩаԥысуа, иахьынӡахадоу далацәажәеит арадио Sputnik аефир аҟны Аҿари аспорти русқәа рзы аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Беслан Карчаа.
Аицәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.
Аԥснынтә аделегациа аҿар рфестиваль ахь ицеит жәабран 28 рзы. Афестиваль мҩаԥысуеит хәажәкыра 1 инаркны 8-нӡа Шәача Сириус ҳәа иахьашьҭоу адгьылҵакыраҿы. Аҿар рфестиваль рхы аладырхәраны иҟоуп 20 нызқьҩык инарзынаԥшуа. Афорум анаҩс уи алахәцәа Урыстәыла ақалақьқәа ирҭаар рылшоит апрограмма "Урыстәыла арегионқәа" аҳәаа иҭагӡаны.
Ажәабжьқәа зегьы
0