"Арҵаҩра сгәаԥхаратәы аҿырԥштәы бзиа сыман": Софиа Дгебуаӡе лзанааҭ иазкны
17:27 08.03.2024 (ирҿыцуп: 17:29 08.03.2024)
© Foto / предоставила Софа ДгебуазеСофа Дгебуазе
© Foto / предоставила Софа Дгебуазе
Анапаҵаҩра
Арҵаҩы изанааҭ – зегь раасҭа аҭакԥхықәра зцу хырхарҭоуп уҳәар, ажәа умазкуа дҟаларым. Избанзар, арҵаҩы иоуп ахәыҷы аҵарадыррахь раԥхьатәи ишьаҿа анеихиго инаркны, аԥсҭазаара амҩа ду данылаанӡа мҩанызас имоу, анбанқәа рдунеи дабазырдыруа, аԥхьашьеи, аҩышьеи, ахәыцшьеи изырҵо. Иахьатәи санҵамҭаҿы, аԥхьаҩцәа, лыӡбахә шәзеиҭасҳәоит, Ҳ. Ҳ. Чамагәуа ихьӡ зху Гагратәи абжьаратә школ №1, аԥсуа бызшәеи алитературеи рыҵаҩыс аус зуа, иара убас асцена ду аҟынгьы зхы ԥызшәахьоу ашәаҳәаҩ қәыԥш Софиа Дгебуаӡе.
Софиа хышықәса лхыҵуан, лани лареи машәыршәа Гагра ақалақь акультура аҩнаҟны, Аԥсны Жәлар рартист Оҭар Гьаргь-иԥа Хәынҵариа иаԥиҵаз ахәыҷтәы ашәаҳәаратә гәыԥ аӡбахә анраҳа. Адәаны алаҳәара иахьынӡаԥхьоз иара ихаҭа дрыдгылан икабинеҭ ахь иааиԥхьеит. Убри аҽныцәҟьа игәыԥ ахь Софиа хәыҷы дидикылеит.
"Сара раԥхьатәи хәыҷхеит ари агәыԥ иаднакылаз. Анаҩс алаҳәара алаҵәара анаиу, ахәыҷқәа рацәаҩны иааит. Иахьа еицырдыруа аԥсуа-адыгатә гәыԥ "Мафа" ахкынагӡаҩ Сабрина Ԥкьынԥҳа, зхатә ашәақәа зыҩуа Аԥсни анҭыҵи зыӡбахә дыру Абзагә Ҵәыџьба иаҳәшьеи иареи иреиуоуп сара исықәланы агәыԥ иахәҭакхаз. Оҭар Хәынҵариа инапаҵаҟа ашәа сҳәон жәашықәса. Ари аамҭа схәыҷра зырлашаз, аԥшшәы ахазҵаз акәхеит. Ашәаҳәаратә гәыԥ анаҩс ҳарҵаҩ ду еиҿикааит атеатралтә гәыԥ "Мамзышьха". Убраҟагьы арольқәа наҳагӡон. Изныкымкәа агострольқәа ҳаманы Аԥсни Нхыҵ-Кавкази ҳақәгылахьан. Иахьа уажәраанӡагьы аиҩызара ҳабжьоуп усҟан ҳзабадыраз Адыгатәи ахәыҷтәы акәашаратә гәыԥ "Майкопчаночка" алахәцәеи ҳареи. "Ахьтәы мацәаз" (Золотое кольцо) ҳәа изышьҭоу Урыстәыла ақалақьқәа рҿы ҳақәгылахьан. Уахь изныкымкәагьы ҳаарыԥхьахьан", - лҟазаратә мҩа лгәалалыршәоит Софиа.
Софиа Дгебуаӡе бжьышықәса Гагратәи аҟазаратә школ афортепиано аҟәшаҿы аҵара лҵеит. Уи лалгареи ашкол аҟны лҵара ахыркәшареи еиқәшәеит. Зхәыҷаахыс амузыка иадҳәалаз аԥҳәызба, лаԥхьаҟа занааҭс иалылхуеит арҵаҩра. Уи азнык азы илзааигәаз ауаа иџьаршьеит, избанзар Софиа асцена акәын дыздырҳәалоз. Аха лара амузыка еиԥш ари азанааҭ ахьгьы агәыбылра лыман дшыхәыҷызнатә. Дызҿыԥшуаз лани ландуи рыԥсҭазаара абжеиҳан арҵаҩра иазкын азы.
© Foto / предоставила Софа ДгебуазеСофа Дгебуазе
Софа Дгебуазе
© Foto / предоставила Софа Дгебуазе
"Ажәеизатәи акласс аҿы сантәаз, Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҿы "Путь к вершинам" захьӡыз аолимпиада мҩаԥыргон. Уи ахәыҷқәа ирнаҭон алшара, афакультетқәа рзанааҭ хадақәа рыла амаҭәартә олимпиада иалахәны аԥхьахәқәа ргар, иреиҳау аҵараиурҭа хәыда-ԥсада аҭаларазы. Саргьы исҭаххеит схы ԥысшәарц. Аԥсшьарамшқәа раан, санду лахь сцон Мгәыӡырхәаҟа. Лара ақыҭа школ аҟны 45 шықәса инеиҳаны аԥсуа бызшәеи алитературеи рырҵаҩыс аус лухьан, аԥышәа ду лыман, насгьы уи аамҭазы тәанчара дцахьан аҟнытә, аҭагылазаашьа лыман ҷыдала сара аус сыдуларазы. Ажәакала, санду Клава Хәытԥҳа ашкол анҭыҵ исылҭаз адыррақәа ирылҵшәаны ари аолимпиада саиааин, ауниверситет сҭалеит", - еиҭалҳәоит арҵаҩ қәыԥш.
Сынтәа ҩышықәсоуп Софиа Ҳ. Ҳ. Чамагәуа ихьӡ зху Гагратәи абжьаратә аԥсуа школ №1 аҟны аус луеижьҭеи. Ари ашкол Софиа дзылгаз ауп аҟнытә, иахьа аколлектив реиҳараҩык илдыруа роуп. Арҵаҩцәа, еиҳаби еиҵби ҭаацәак иалҵызшәа реизыҟазаашьақәа аԥхарра рыҵоуп. Софиа лан Лиана Дбарԥҳагьы араҟа 30 шықәса инеиҳаны аиҵбыратәи аклассқәа рырҵаҩыс аус луеит.
© Foto / предоставила Софа ДгебуазеСофа Дгебуаӡеи лан Лиана Дбарԥҳаи
Софа Дгебуаӡеи лан Лиана Дбарԥҳаи
© Foto / предоставила Софа Дгебуазе
Софиа иахьагьы илгәалашәоит раԥхьаӡакәны рҵаҩык лаҳасабала акласс даныҩналаз. Лгәы хыҭхыҭуа ахәыҷқәа сышԥарыдыркылои ҳәа лшьаҿа ашәхымс ианахылга, рыблақәа ирхылбаалеит ацқьареи аразреи. Ианеибадыр ашьҭахь зынӡа еиҩызцәахеит. Софиа макьаназы ахәбатәи аклассқәа роуп илымоу. Шықәсык иалагӡаны лҵаҩцәеи лареи еишьцылоит, абзиабара рыбжьалоит аҟнытә аиԥырҵра алаӷырӡқәа ацлоит.
"Снапаҿы иааихьоу ахәыҷқәа рахьтә, макьаназы аҵараҵара зҭахым дсықәымшәацт. Ииашоуп, иҟоуп ахатәы бызшәазы ихьысҳау, аха аурок иалагӡаны зны аԥсышәала, нас урыс бызшәала ирзеиҭаганы атема деилсыркаауеит. Анаҩс, аҩны, ма ихарҭәаау аҽазыҟаҵарақәа рҿы ироуа ацхыраара иалҵшәаны ажәеинраалақәа роума, аԥҟарақәа роума ишахәҭоу еиԥш иҵаны иаауеит. Сара рҵаҩык лаҳасабала аԥышәа ду сымамзаргьы, игәасҭеит еиҳа агәцаракра зҭаху аԥсшәа здыруа ахәыҷқәа шракәу. Урҭ рхыԥхьаӡара зламаҷу ала, рыкәша-мыкәша аурысшәа ада ззымҳәо ауаа ирхадыршҭуеит. Ахатәы бызшәа змаҳауа хымԥада иахьынӡаҳалшо иҳарҵоит, аха уеизгьы шаҟаҩы ус аԥсшәа мҵакәа ашкол иалгахьада. Убри аҟнытә, аԥсуа бызшәа здыруа ахәыҷқәа ҷыдала ацхыраара рыҭатәуп, ирзыҳахьчароуп рхатәы бызшәа", - инаҵылшьит арҵаҩы.
© Foto / предоставила Софа ДгебуазеСофа Дгебуазе
Софа Дгебуазе
© Foto / предоставила Софа Дгебуазе
Софиа Дгебуаӡе лыстуденттә шықәсқәагьы иссирыз аамҭан. Лара лҟазара ауниверситет аҿы аҿиара аиуит. Изныкымкәа дрылахәын аҿар рыбжьара имҩаԥысуаз ақәгыларақәа. Алекторцәеи астудентцәеи злахәыз аделегациақәа дрыцны Аԥсны ӡырылгахьан аҳәаанхыҵтәи аиԥыларақәеи, аконференциақәеи раан.
Аԥҳәызба лгәы иҭоуп ашкол аҟны аус шылуц аура, ари азанааҭ гәыкала дыззыҟоу ауп. Амузыкахь илымоу абзиабара лырӡӡом, уи ашкол аҩнуҵҟагьы ахархәара алҭоит.
Софиа аҭагылазаашьа лхы иархәаны, жәларбжьаратәи аҳәса рымш инамаданы адныҳәалара ҟалҵеит. Аԥсны иқәынхо аҳәса зегьы ирзеиӷьалшьеит агәабзиара, ақәранҵыра, еснагь ирыцзарц аԥшӡара, рнапы злаку аус аҟны ақәҿиарақәа.
Саргьы сыхәҭаахьала Софиа иахьатәи аныҳәа инаваргыланы, Март 8 иақәшәаз лирамш лыдысныҳәалоит. Лнапы злалкуазаалак аусқәа зегьы лықәманшәалахарц лзеиӷьасшьоит!