Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Ҳаԥсуа поезиа ашаеҵәа: Иуа Коӷониа 120 шықәса ихыҵра иазкны

© Foto / apsnyteka.orgПочтовая марка Иуа Когония, 1996 год
Почтовая марка Иуа Когония, 1996 год - Sputnik Аҧсны, 1920, 13.03.2024
Анапаҵаҩра
Хәажәкыра 13 рзы 120 шықәса ҵуеит аԥсуа поет, дышқәыԥшӡаз зыԥсҭазаара иалҵыз, аха ԥсра зқәым апоезиатә рҿиамҭақәа аԥсуа сахьаркыратә литература иазынзыжьыз Иуа Абас-иԥа Коӷониа. Уи изку анҵамҭа ҳадигалоит апоет, ажурнал "Алашара" аредактор хада Анатоли Лагәлаа.
"Иуа Аҟәа данаарга раԥхьатәи амшқәа руак азы, сара ишсаҳауаз Кәышә Коӷониа диазҵааит: "Сышәҟәқәа абаҟоу?" Кәышә иааицәымыӷхан, - " Ушәҟәқәа ҳзаамгар ҳәа ушәома, хьаас ишԥаҟауҵои?!" - иҳәеит. Аха Иуа уи ацынхәрас, Кәышә иахь, - "Сара сырҳәазо суманы уааит, сыздыԥсылахьаз сҩымҭақәа уаҟа аҭаҭын денгь еиԥш иҿаҳәаны ишышьҭаз ааныжьны… Сара исзууаз сыздыԥсылоз кажьны уанаауаз!.."
Магәа Коӷониаԥҳа-Маан, апоет иаҳәшьа.
Ҳаԥсуа поезиаҿы ацәырҵра дуқәа рыӡбахә анаҳҳәо, Дырмит Гәлиа иаамышьҭахь хымԥада иӡбахә ҳәатәуп, дышқәыԥшӡаз ҳлитература иаалагылаз, аамҭа қьаҿӡак ала иааџьоушьаратәы акырӡа зылшаз, анцәа иҟынтәи иаашьҭыз, уи илԥха змаз, аха қәра кьаҿла имҩасыз Иуа Абас-иԥа Коӷониа. Ҳҵарауааи ҳашәҟәыҩҩцәеи ирацәаҩны иазгәарҭахьеит, апоет даҽа жәа-шықәса ирыдамзаргьы иԥсы ҭазҭгьы, уаҩ иимбац арҿиамҭақәа аԥиҵон ҳәа. Шәара шәазхәыц, ҩажәиԥшьба шықәса заҵәык нызҵыз апоет шаҟа дрыхьӡаз, шаҟа шедевр аԥиҵаз, еиҳараӡакгьы ипоемақәа. Насгьы, еиуеиԥшым агәалашәарақәа рҿы излаабо ала, иаԥиҵахьаз рыбжакы ҳара ҳҟынӡа имааиӡеит, ибжьаӡит, данчмазаҩха, Москвантәи данааргоз, ицаарымгаӡеит, иара иԥсы ҳзеиқәырхозар, нас урҭгьы ҳрыхьӡап ҳәа… Аха нас, уи аха аӡәгьы имоуӡагәышьеит, урҭ рзыҳәан Москва ицоз аӡәгьы дҟамлеит, аамҭа уадаҩгәышьан…
Иуа дшыҷкәынӡазгьы, убриаҟара Аԥсны деицырдыруа дҟалахьан, Москвантәи дычмазаҩыбааԥсны данааргоз, Нестор Аполлон-иԥа Лакоба иԥыларазы имаҵуратә машьына риҭеит.
Иаҳгәалаҳаршәап Аԥсны жәлар рпоет Баграт Шьынқәба уи рҿиаҩык иаҳасабала дышихцәажәо:
"Иуа Коӷониа иқәра ззымдыруа ипоемақәа аашьҭыхны данрыԥхьалак, арҭ зҩыз 21–22 шықәса ирҭагылаз иакәым, аԥсҭазаараҿы аԥышәа ду змоу, ашәҟәыҩҩраҿгьы знапы ԥҽхьоу аӡә иоуп ҳәа игәы иаанамгар залшом. Избан акәзар, убриаҟара иҩымҭақәа рҿы асахьаркыратә хаҿқәа нагӡоуп, убриаҟара рымҽхак ҭбаауп азҵаарақәа иқәиргылаз, убриаҟарагьы ибеиоуп апоет ибызшәа.
Абаҩхатәра иаша заҵәык ауп ажәреи аҿареи усс имкыкәа убарҭ реиԥш аџьашьахәқәа зылшо. Иаразнак Аԥсны иалаҵәеит апоет раԥхьатәи ишәҟәы. Хҭыс дуны иҟалеит уи аҭыҵра. Иаԥхьон уи ашәҟәы, ашьха ахьшьцәа рҭыԥаҿы, иаԥхьон аҭаацәа анааилатәоз ахәылбыҽха ацәымза рыдырҷҷало, иаԥхьон ачымазаҩ дахьышьҭаз аҷаԥшьараҿы, нас, ишнеишнеиуаз, жәпаҩыкгьы ҿырҳәала ирҳәо иалагеит. Усҟан, аҿар иҩагылаз, дызусҭада уи ишәҟәы анырра знамҭаз?! Уи ҳлитература ашьаҭакҩы Д. И. Гәлиа иҩымҭақәа инрываргыланы алитература гьама ҳаранакит, ҳабацәа рышьҭамҭа иаҳагьы ҳазҿлымҳаны ҳҟанаҵеит, ҳмилаҭ хдырра шьҭнахит.
Иахьагьы, уаҵәгьы, наунагӡагьы ҳгәы иҭахәхәа иҭоуп, имҩашьаӡо ҳаԥхьа игылоуп Иуа Коӷониа ипоемақәа рфырхацәа рхаҿсахьақәа."
Ишԥаҟалеи Иуа дшыҷкәынӡаз ихьӡ поетк иаҳасабала ажәлар ирылаҵәартә, ишьҭырхыртә?!
Ари ҟалеит 1924 шықәса рзы, декабр анҵәамҭазы. Аҟәа, иахьа Аурыс театр ахыбра аҩнуҵҟа, имҩаԥысит инарҭбааз апоезиатә хәылԥазы. Уи ахәылԥаз еицымҩаԥыргон Аҟәатәи арҵаҩратә техникум иҭаз аҿари Лакоба ихьӡ зхыз Аҟәатәи ашьхаруаа ршкол арҵаҩцәеи.
Арахь иааԥхьан аԥсуа патриот ду С. М. Басариа, ашәҟәыҩҩы Мушьни Аҳашба, арҵаҩ ду Кондрат Ӡиӡариа, иара убасгьы даараӡа усҟан зыхьыӡ нагаз ауаа Николаи Патеиԥа, Симон Бжьаниа, Нестор Ҭаркьыл, Давлеҭ Чачба, Кәасҭа Инал-иԥа, Алықьса Шамба уҳәа азал дуӡӡа кәапеиашәа иҭәын.
© Foto / архив семьи Когония Иуа Коӷониа иҩызцәеи иареи
Иуа Коӷониа иҩызцәеи иареи - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.03.2024
Иуа Коӷониа иҩызцәеи иареи
Ари аҩыза алитературатә хәылԥазы Аԥсны раԥхьаӡа акәны имҩаԥысит! Атехникум аҵаҩы, апоет ҿа азал агәҭа игылаз астол ду дахатәаны ажәлар дрызрыԥхьон ипоема ссирқәа!.. Урҭ акы даԥхьан даналгалак, азал аҿы итәаз ауаа изҿырҭуан "егьырҭгьы урыԥхь, егьырҭгьы, зегьы урыԥхьаанӡа ҳаццакӡом" ҳәа. Абас мацара, уи аҽны Иуа дрыԥхьеит "Абаҭаа Беслан", "Хмыҷ шәарыцаҩ ныҟәаҩы", "Наҩеии Мзауҷи", "Мшәагә Кьаҿи Папба Рашьыҭи" уҳәа ипоемақәа зегьы.
Убри аҽны инаркны, Иуа Коӷониа ихьӡ Аԥсны иахыҵәеит, игәырӷьаҵәа аӡәи-аӡәи еибырҳәон, даҽа поетк дҳазгылеит ҳәа.
Зегьы рқьышәқәа ирықәкын усҟан ҿырҳәала игәныркылаз апоет қәыԥш ипоема аҟынтәи ацәаҳәақәа:
Са соуп Абаҭаа,
Хратәыла иаԥоу,
Бысцәымшәан сара,
Бацәымшәан аԥсра!..
Мамзаргьы ипоема "Наҩеии Мзауҷи" аҟынтәи:
"Аи, сышԥоушьи, сышԥоушьи,
Мзауҷ, сҭынха ду.
Сызбада, сзаҳада,
Сурҭынчит цәгьаӡа.
Усшәаџьҳәаҩха, аԥшатлакә,
Иахьа ма уара!
© Foto / apsnyteka.orgИуа Коӷониа
Иуа Когония - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.03.2024
Иуа Коӷониа
Уажәшьҭа иаҳгәалаҳаршәап абас қәрахьымӡала имҩасыз апоет ишықәсқәа ирылагӡаны дызнысыз инысымҩа:
Аԥсуа поет, ажурналист Коӷониа Иуа Абас-иԥа диит хәажәкыра 13 1904 шықәсазы Аҟәатәи аокруг Кәыдрытәи аучастка (иахьатәи Очамчыра араион) Кәтол ақыҭан. Иԥсҭазаара далҵит ԥхынгәы 14 1928 шықәсазы. Дыҩуан аԥсышәала.
Дырмит Иасыф-иԥа Гәлиа иаԥшьгарала еиҿкааз Кәтол ақыҭантәи ашкол даналга, 1919 ш. инаркны аҵара иҵон Аҟәатәи арҵаҩратә семинариаҿы (ашьҭахь – арҵаҩратә техникум). Араҟа аԥсуа бызшәа дирҵон Дырмит Гәлиа. Асеминариаҿы алитературатә кружок аусуреи анапылаҩыратә журнал "Ашарԥыеҵәа" аҭыжьреи дрылахәын. 1924-1925 шш. рзы Аҟәа еиҿикааит алитературатәи адраматәи кружокқәа. Инапхгарала иҭрыжьуан анапылаҩыратә журнал "Аҿар рыбжьы". Акружокқәа хықәкы хадас ирыман ақалақьи ақыҭеи рҟны акультура-рккаратә усура амҩаԥгара, ахатәы бызшәа аиқәырхареи уи арҿиареи, ауааԥсыра рыҩнуҵҟатәи аҵарадара аԥыхра, алитераторцәа ҿарацәа ралԥшаара.
1925-1928 шш. раан И. Коӷониа аҵара иҵон Москватәи аҳәынҭқарратә ажурналистикатә институт аҟны. Москва уи аԥсуа газеҭқәа ркорреспондентс дыҟан, Аҟәаҟа иааишьҭуан акультуратә ҵакы змаз аматериалқәа. Хара имгакәа иаби, иани, иаҳәшьа Камеи рыԥсҭазаара иалҵит. Аҭаацәара ду ныҟәызгоз дрымамкәа иаанхеит. Аӡын И. Коӷониа ашкол ахь данзымцоз ҟалалон иахәҭаз ашьаҵатәы амамзаара иахҟьаны. Абри иахҟьазгьы ыҟоуп игәабзиара ауашәшәырахараҿы. Аинститут далгаанӡа, ӷәӷәала дычмазаҩны Аҟәаҟа дааргеит. Иԥсҭазаара аҵыхәтәантәи амшқәа рзы иара дышьҭан Ахәҵа аҳаблан, Ҳаџьараҭ Аӡынба иҩнаҭаҿы. Араҟа ауп иԥсҭазаара дахьалҵызгьы. Ашьҭахь иԥсыбаҩ Кәтолҟа ииаган.
Иуа Когониа - Sputnik Аҧсны, 1920, 13.03.2021
Зашәақәлацәа ирылагылоу апоет: Иуа Қоӷониа изы ажәа
И. Коӷониа данхәыҷыз инаркны жәлар рҿаԥыц рҿиамҭақәа, алакәқәа, афырхаҵаратә ҳамҭақәа, жәлар рпоезиа, ажәаԥҟақәеи ажәарццакқәеи дрызҿлымҳан. Рыҩнаҭа лассы-лассы иаҭаалон Чагә Чаҵә иеиԥш иҟаз еицырдыруаз ажәабжьҳәаҩцәа. Ишнеи-шнеиуаз афольклортә материалқәа шьаҭас иаиуит ипоезиа, еиҳаракгьы ипоемақәа.
Агәаанагара злаҟоу ала, ажәеинраалақәа рыҩра далагеит арҵаҩратә семинариа данҭаз. Аха, ифольклортә анҵамҭақәа реиԥш, урҭ иҩымҭақәа акьыԥхь рбо иалагеит 1920 ш. инаркны. Раԥхьатәи истатиа "Аҵара шаҟа хәарҭара алоу!" анылеит агазеҭ "Аԥсны" (1920, №8), раԥхьатәи иажәеинрала "Аӷьыч рыцҳа" акәзаргьы, ари агазеҭ ианылеит (1920, №9).
И. Коӷониа авторс дрымоуп апоемақәа ааба ("Абаҭаа Беслан", "Наҩеи Мзауҷи", "Хмыҷ шәарыцаҩ", "Маршьанаа шықәибахыз" "Зосҳан Ачбеи Жанаа Беслан иԥацәеи", "Мшәагә кьаҿи Папба Рашьыҭи", "Ашәаныуа Мырзаҟан", "Ашәба Данаҟаи аҟарач Баҟәыҟәи"). Апоемақәа ҩуп 1924-1925 шш. раан, насгьы Кәтол. Урҭ апоет ихаҭа дызхааныз аԥсуаа ажәытәтәи рыԥсҭазаара иазкуп. Убри аҟнытә, апоет дықәгылоит хьӡыртәҩык иаҳасабала, аобиективтә-епикатә форма змоу ажәабжь еиҭаҳәаҩык иакәны. Урҭ ртема хадақәас иҟоуп – аиҩызара, агәрагара, ачарҳәара, афырхаҵара, аҳаҭыр, ашьаура. Апоемақәа ҩуп жәлар рҳәамҭақәеи ражәабжьқәеи рышьаҭала. Апоет ҟазарала ихы иаирхәоит афольклортә сиужетқәа, бызшәа лыԥшаахлагьы ицәыригоит. Апоемақәа зегьы рҟны апоет ихшыҩзышьҭра хадаҿы иҟоуп Аԥсуара, амилаҭтә етика, уи аныҟәгашьа.
Аԥсны Жәлар рпоет Мушьни Лашәриа - Sputnik Аҧсны, 1920, 13.03.2019
Арадио
Лашәриа Иуа Коӷониа изы: аԥсуа поезиаҟны дцәырҵаанӡа "аԥсаатә шәаҳәомызт, ажәҩан еҵәадан"
И. Коӷониа иԥсы ҭанаҵы иҭыҵит ипоемақәа рышәҟәы "Апоемақәа. Ажәытә ажәабжьқәа" (Аҟәа, 1925). Ашьҭахь иҩымҭақәа реизгақәа зныкымкәа иҭыжьын. Иажәеинраалақәеи ипоемақәеи рнылон ажурналқәа: "Алашара", "Амцабз", "Аҟәа-Сухум", агазеҭқәа: "Аԥсны ҟаԥшь", "Еҵәаџьаа", рыхәҭак агәылалеит "Аԥсуа поезиа антологиа. ХХ ашә." (Аҟәа-Москва, 2001; аиҭаҭыжьра – Аҟәа–Москва, 2009) уҳәа егьырҭгьы.
И. Коӷониа иажәеинраалақәа аурысшәахь еиҭаргеит Б. Брик, Д. Голубков, И. Левитански, Р. Казакова, Д. Чачхалиа. Аиҭагақәа кьыԥхьын "Аԥсуа поезиа антологиа" (урысшәала, М., 1958), агазеҭ "Советская Абхазия" уҳәа рҟны, хазы шәҟәқәангьы иҭыҵхьеит.
Аҭыжьымҭақәа: аԥсышәала: Апоемақәа, Ажәытә жәабжьқәа. Аҟәа, 1925; Ажәытә жәабжьқәа. (Апоемақәеи ажәеинраалақәеи аԥсуаа рыбзазашьа аҟнытә). Аҟәа, 1934: Ажәеинраалақәеи апоемақәеи. Аҟәа, 1955; Ажәеинраалақәа. Аҟәа, 1969; Иҩымҭақәа. Ажәеинраалақәа. Апоемақәа. Астатиақәа. Асалам шәҟәқәа. Аҟәа, 1974; Иҩымҭақәа. Аҟәа, 2015; аурысшәахь аиҭагақәа: Избранное. Стихи и поэмы. М., 1971; Стихи и поэмы. Сухуми, 1972.
Аурыс критик дуӡӡа В. Белински аурыс поезиа агеницәа руаӡәк Васили Жуковски изкны иҩуан, уи дыҟамызҭгьы, ҳара Пушкингьы дҳауӡомызт ҳәа. Убас еиԥш, Коӷониа дыҟамызҭгьы, ҳаргьы иаҳмоур ҟалон уи инаишьҭарххны зҿаазхаз ҳашәҟәыҩҩцәа - Миха Лакрбеи, Мушьни Аҳашбеи, Леуарса Кәыҵниеи, Леонти Лабахәуеи.
Коӷониа ицәырҵра, ари ҳлитература иаҭоурыхуп, аԥсуа поезиа аеволиуциа аетап дуқәа ируакуп, апоет дызлагылаз аԥсҭазаара ажәытә-аҿатә зырлашаз, изырцәажәаз аамҭоуп. Иуҳәар ауеит, уи ҳпоезиа зегьы аҿы даарылукаартә дцәырҵит, цлабҩы димаӡамызт ҳәа, афольклор ихы иаирхәеит, аха амыцхә иҽеимҭеит, апоезиатә закәанқәа рахь диасит, арифмеи аритми рзиԥшааит ицәаҳәақәа, иҩымҭақәа ириҭеит аидеиа, аҵакы, ахықәкы, ахара ирԥшит, ирҵаулеит…
© Foto / Из книги "Сухуми.Практический справочник туриста" издательства "Алашара" 1966 годИуа Коӷониа ибаҟа. Аҟәа, 1966 шықәса
Памятник поэту Иуа Когония у гостиницы Тбилиси в Сухуме, 1966 год - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.03.2024
Иуа Коӷониа ибаҟа. Аҟәа, 1966 шықәса
Иҟалап, Иуа ипоезиа аепика аганахьала еиҳа изааигәаз егьырҭ ҳпоетцәа дуӡӡақәа дреиуазҭгьы Баграт Шьынқәба. Уи дшыҷкәынӡаз инырит уи ирҿиамҭақәа, абар, 16 шықәса анихыҵуаз усҟан Баграт ииҩуаз:
Ҳгәыла исеиҳәон: - Дад уаҳҭаа,
Дад, уаҳзаԥхьап "Абаҭаа",
"Хмыҷ шәарыцаҩ ныҟәаҩы"
Иаднагалоит аӡәырҩы.
Иуа даара изааигәаӡаз, ара Аԥсынгьы, Москва ажурналистикатә институт аҿгьы аҵара ицызҵоз ашәҟәыҩҩцәа дреиуоуп Мушьни Аҳашба. Уи игәалашәарақәа руак аҿы иҳәоит:
"Москва аинститут аҟны ҳаиқәшәеит Иуа Коӷониеи, Мышьа Гадлиеи, сареи. Дара заа инеихьан, рҭыԥқәагьы ылырххьан. Ҳуадақәа хаз-хазын, аха зегьы ҭыԥкаҟны ҳаҩнан. Алекциақәеи асеминарқәеи анҳамамыз, шамахамзар, есымшагьы ҳаицныҟәалон. Иуагьы саргьы ҳкабақәеи ҳкәымжәқәеи ҳашәҵаны, ҳхылԥарчқәа ҳхаҵаны, ҳҟамақәа ӷьазӷьазуа, ҳтапанчақәа ааҳадҳалауа, еизарак ҳҽагҳархомызт, екскурсиак џьара имҩаԥыргауазар, зегь раԥхьа ҳара ҳнеиуан…"
Ҳаԥсуа литератураҿы дыҟаӡам даҿа аԥсыуа поетк Иуа Коӷониа иаҟара хыԥхьаӡарала ирацәаҩны апоетцәа ражәеинраалақәа ззыркхьоу. Иҟалап, уи иара даара абаҩхатәра бзиа ахьимаз анаҩсангьы, дышқәыԥшӡаз иԥсҭазаара дахьалҵыз азы акәзар. Урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп Аԥсны даара ибзиаӡан еицырдыруа апоетцәа: Леуарса Кәыҵниа, Оҭар Демерџьиԥа, Баграт Шьынқәба, Алықьса Лашәриа, Шамил Ԥлиа, Мушьни Лашәриа, Џьота Тапаӷәуа, Мушьни Миқаиа, Платон Бебиа, Борис Гәыргәлиа, Витали Амаршьан, Рушьбеи Смыр, Рауль Лашәриа, Геннади Аламиа.
Ҳашәҟәыҩҩцәа зегьы рынцәахәы, усҟан иааиҵагылаз аҿар ирыхӡыӡаауа ирыхәаԥшуаз, иахьынӡаилшоз амҩа иаша иқәызҵоз Дырмит Гәлиа 1929 шықәсазы, усҟан иҭыҵуаз алитературатә журнал "Еҵәаџьаа" аҿы Иуа иԥсра игәы ҿнакааны иҩуан:
"Далгоит иҵара, ҳаԥсуа литература ирҿыхоит ҳәа ҳашихәаԥшуаз, иҟалазеи?! Иҟалазеи, дычмазҩуп ӷәӷәала… рҳәоит. Ари иара дыздыруаз зегьы дыдбжьны ирылаҩит, рнапқәа рываҳаит, еиҳарак аԥсуа литература амҩаԥгара знапы алакыз, уажәы иҳаҳаит дыԥсит ҳәа, ари зынӡа агәкажьга…"
Иуа Коӷониа иҩызцәеи иареи - Sputnik Аҧсны, 1920, 14.06.2018
Аԥсуа поезиа наунагӡа зышьҭра анызҵаз: Иуа Коӷониа игәаларшәара
Абас зынӡа заа дшыҷкәынӡаз иҿахҵәеит ҳпоет ссир Иуа Коӷониа иԥсҭазаара. Аха иҟалап, анцәа усеиԥш иҟоу ауаа аниуа, абаҩхатәра ду анрылеиҵо, аԥсҭазаара кьаҿӡаны рылахь ианиҵозар, уи аҩыза абаҩхатәра ду ԥсҭазаарак иазышьҭыхӡом ҳәа… Иҟалап Иуагьы уи ицәа иалашәахьазҭгьы, убри азакәзаргьы, ҩышықәса рыла иреиӷьӡоу ипоемақәа аабагьы зиҩыз… Аха арахь ихьаа иҩызцәа аӡәгьы иирбаӡомызт, уи аҿҳәара шааигәахоз шибозгьы, урҭгьы ргәы ирыӷәӷәон, иара ихаҭагьы игәы ирӷәӷәон:
Са сзыцәшәози, хьаа сымам,
Сықәлеи сҩызцәеи рацәаҩӡоуп.
Са сзыгәдуу саԥхьа игылоуп,
Сымҩа иаша ԥхьаҟа игоуп.
Са сыздыруа сҩызцәа сымоуп,
Сгәы аздырхаҵоит цәгьа дара.
Са саԥсыуоуп, са сгәы еицакуам,
Сазгәыдууп Аԥсынра!
Ажәабжьқәа зегьы
0