Зашәақәлацәа ирылагылоу апоет: Иуа Қоӷониа изы ажәа

© Foto / предоставил Анатолий ЛагулааИуа Когониа
Иуа Когониа - Sputnik Аҧсны, 1920, 13.03.2021
Анапаҵаҩра
Хәажәкыра 13, 1904 шықәсазы диит апоет Иуа Коӷониа. Апроект "Алашара ҳзырбо ауаа" аҳәаақәа ирҭагӡаны ашәҟәыҩҩы Анатоли Лагәлаа иахьатәи ианҵамҭа апоет гәлымҵәах игәалашәара иазикит.

Сымҩа маҷым, ихароуп,

Сгәы иҭақәоугьы крырҭахқәоуп.

Сыгәҭыхақәа рацәаӡоуп,

Саҟәыҵыргьы ԥхашьароуп.

Иуа Коӷониа

Иахьа 117 шықәса ҵит диижьҭеи апоет гәлымҵәах Иуа Коӷониа. Ҳаԥсуа литератураҿы ишыҷкәынӡаз иҳаԥхаз ҳпоетцәа гәыҿкаагақәа рыӡбахә анаҳгәалаҳаршәо, зегь раԥхьа дҳаргылоит иара. Уи дзыхьӡаз, аамҭа кьаҿӡала иаԥиҵаз иҩымҭақәа уанрыԥхьалак, агәра угоит, даҽа ԥыҭрак иааиаӡазҭгьы, даара акыр шыҟаиҵоз, ҳлитература ширбеиоз, иахьа гәадурыла ҳзыхцәажәо ирҿиамҭақәа раҵкысгьы еиҳаӡаны ишаԥиҵоз.

© Foto / архив семьи Когония Иуа Коӷониа иҩызцәеи иареи
Зашәақәлацәа ирылагылоу апоет: Иуа Қоӷониа изы ажәа - Sputnik Аҧсны, 1920, 13.03.2021
Иуа Коӷониа иҩызцәеи иареи

Анцәа ҳпоет илахь абаҩхатәра ҟаимаҭ ананиҵоз, ақәра бзиа анимҵеит, зынӡа иркьаҿит. Иара ицәа иалалаз ачымазара бааԥс заа иԥсҭазаара ахьыҿнахҵәаз аҟараҵәҟьа ихьаан иаҳзынхеит, уи ихи иԥси рықәҵаны ииҩуаз иҩымҭақәа Москвантәи данааргоз уа иахьырцәынхаз. Иахьа уажәраанӡагьы урҭ аӡәы цәаҳәак имԥыхьамшәакәа гәырӡ-шашәаӡ иӡит.

Еҳ, аамҭа, аамҭа,

Уабацои уԥырны!

Исцәуӡоит есымша,

Асааҭқәа жәпакы.

Уабацои амш,

Рҩашҵас уласны.

Уабацои, аҵх,

Уцәыҵашьшь уҽӡаны.

Ех, аамҭа, аамҭа,

Умгәаҟын уара,

Исцәумган асааҭқәа,

Лассы-ласы уара!

Иуа Коӷониа ихьӡ ԥсра-ӡра ақәымкәа иеиқәзырхақәаз иреиуоуп ипоемақәа, еиҳараӡакгьы "Хмыҷ шәарыцаҩ ныҟәаҩи" "Абаҭаа Беслани." Уи ипоемақәа раԥхьаӡа акәны данрыԥхьоз иазыӡҩрыз ашәҟәыҩҩы Мушьни Аҳашба иҩуан:

Аԥсны Жәлар рпоет Мушьни Лашәриа - Sputnik Аҧсны, 1920, 13.03.2019
Арадио
Лашәриа Иуа Коӷониа изы: аԥсуа поезиаҟны дцәырҵаанӡа "аԥсаатә шәаҳәомызт, ажәҩан еҵәадан"

"Аҽцәыргара захьӡук Ваниа иҭахӡамызт. Аизараҿы итәақәаз ари гәарҭан, иҳәауа иалаган иҩымҭақәа аки-ҩбеи дырзаԥхьеит. Даԥхьеит "Абаҭаа Беслан…" Сара, сара моу зегьы ари анҳаҳа… нахыс Ваниа ҳҩызцәа дахьрылаз мра-лашараҵас дрылыԥхаауа акәын дшаабауаз…"

Иаҳгәалаҳаршәап "Абаҭаа Беслан" аҟынтәи ҩашьара зқәым сахьақәак:

Хәыԥшӡак аҿы дышиацәажәоз лара,

Ажәаԥшӡала длыхәаччо ацк шиҳәоз иара.

Аԥша ҟәанда хааӡа ишрысуаз дара,

Ашәаԥыџьаԥ мацара шырзыӡҩруаз убра.

Иуа Коӷониа данцәырҵ, традициа дук ыҟамызт ҳаԥсуа литератураҿы дызҿыԥшшаз. Апоет Мушьни Лашәриа иазгәеиҭоит: "Аԥсуа фольклор мацара акәӡам, Иуа Коӷониа шьаҟас иҵагылоу. Апоет имоуп дзықәгылаша даҽа уасхыр ӷәӷәак- Аԥсны жәлар рпоет Дырмит Гәлиа иҩымҭақәа. Тематикалеи, иҩышьа аформаҿи, Иуа Коӷониа иҩымҭақәа рҿы иубоит апоет ҿа еиҳабы имҩа дшану, апоетикатә ҟазара шиҿиҵаауа, дшихьыԥшу. Иуа Коӷониа иҩымҭақәа уанрыԥхьо, урҭ Дырмит Гәлиа иҩымҭақәа иҿырԥшшәа, иҿҵааны, итрадициала ишҩу иаразнак угәы азымҩарц, иузымдырырц залшом. Дырмит Гәлиа зқьи жәшәи жәаҩа шықәсазы иҭижьыз ашәҟәы излалаго ажәақәа: "Аҳы, сышәҟәы, уеиҵамхан, гәышьамхыла укамҳан!" Ара апоетцәа аҩыџьагьы ирҳәарц ирҭаху, еизааигәоуп, формала еиԥшуп, ражәақәаҵәҟьагьы акыр еиқәшәоит. Дырмит Гәлиа диҿыԥшуан, аха иара имҩа дықәын".

Қьафла дышԥаҟаз!" захьӡу Иуа Коӷониа иажәеинраалагьы Дырмит Гәлиа иҩымҭа "Хәаџьан- ду" даара еиԥшуп. Ҳхәыҷы аахыс иаҳдыруа Дырмит Гәлиа иажәеинраала замана "Ааԥынқәа" аҟынтә иаагап ҩ-куплетк:

Иуа Коӷониа иҩызцәеи иареи - Sputnik Аҧсны, 1920, 13.03.2019
"Аԥсуа Есенин": Иуа Коӷониа диижьҭеи 115 шықәса ҵит

Идыды-мацәысны,

Имцабз-лашараны,

Иқәаршҩы шәпаны,

Икаҭәеит ҵаҟа.

Дгьыл рыԥсаҳәаганы,

Ҳаскьын аагаганы,

Баҳча рыԥшӡаганы,

Иҟалеит иара."

Иуа Коӷониа дышқәыԥшӡаз иԥсҭазаара дшалҵызгьы, уи ибаҩхатәреи, игәыбылреи иаразнак ишьҭыркааит, ҳаҭыр ду ақәырҵеит уи иаамҭа иатәыз апоетцәа реиԥш, иара ишьҭахь игылаз апоетцәагьы. Убри азы акәзар ҟалап, ҳаԥсуа литератураҿы иара изку ажәеинраалақәа раҟара хыԥхьаӡарала ԥсуа поетк изкны ирацәаҩны изҩым. Абраҟа еиқәысыԥхьаӡар сҭахуп урҭ авторцәа рыхьыӡқәа: Леуарса Кәыҵниа, Оҭар Демырџь-иԥа, Баграт Шьынқәба, Алықьса Лашәриа, Шамил Ԥлиа, Мушьни Лашәриа, Џьота Тапаӷәуа, Мушьни Миқаиа, Платон Бебиа, Борис Гәыргәлиа, Витали Амаршьан, Рушьбеи Смыр, Рауль Лашәриа, Геннади Аламиа.

Урҭ рахьтә абра иаазгоит даара гәыблыла иҩу, деиқәхазҭгьы, ҳаԥсуа литературазы зымҽхак аҭбаареи, аҵаулареи здырхьаз апоетцәа ражәеинраалақәа рцыԥҵәахақәа: Иаҳҳәап, Леуарса Кәыҵниа шаҟа игәы кылнаблаазеи асеиԥш иҟоу апоет ицәыӡра:

Икыдшәеит ҳаеҵәа, уаҳа иԥхаӡауам,

Алашара ацәыӡит, наӡаӡа иаабаӡауам,

Аԥсуа литература шәҭык ахшәеит,

Аԥсуа литература еҵәак ацәҭашәеит…

Мамзаргьы, иара Иуа Коӷониа ипоезиа даара зырҿиараҿы мҵәыжәҩа бзиас изауз, ишьҭнаԥааз, Аԥсны жәлар рпоет иашаҵәҟьа Баграт Шьынқәба:

Валентин Коӷониа - Sputnik Аҧсны, 1920, 13.02.2019
Арадио
Валентин Коӷониа: сыԥсҭазаараҿы Иуа Коӷониа идоуҳа иаӡбаз рацәоуп

Ҳгәыла исеиҳәон: - дад уаҳҭаа,

Дад, уаҳзаԥхьап "Абаҭаа",

"Хмыҷ шәарыцаҩ ныҟәаҩы"

Иаднагалоит аӡәырҩы.

Урҭ сырзаԥхьарц "Абаҭаа",

Сҽазыҟасҵоит сара заа.

Сышәҟәы ҭызгоит еиқәырҷаб,

Афҭил сҩахоит акәаҷаб.

Иуа ипоезиа убриаҟара ажәлар ирзааигәан, убриаҟара ирласны ирылаҵәеит, ирцәыӡны иҟаз дара ртәык рзыхынҳәызшәа игәырӷьан ирыдыркылеит. Насгьы иазгәаҭатәуп, усҟан ҳажәлар апоезиазы, алитературазы ишӡышоз, ҿыцбарах ишырбоз, рызхара еигәырӷьан ишырымбацыз. Насгьы, ажәлар рҟынтәи ишԥха-ԥхаз ишаагаз уи ипоемақәа зегьы шамахамзар, рсиужет дара ишыртәыз, иара апоезиатә цәа шахеиҵаз, амҵәыжәҩақәа шеиҭаз! Убри азоуп, урҭ рыбзиабара иара ипоезиаҿ мацара изырзаанымкылоз, иара апоет ихаҭарахьы изиасуаз… Иаҳгәалаҳаршәап, иара иеиԥш зыжәлар бзиа ирбоз, ргәы ирзалымхуаз апоет Алықьса Лашәриа Иуа изкны ииҩыз ажәеинраала аҟынтәи цәаҳәақәак. Уи ажәеинраала иахьӡуп "Апоети сареи ҳаицәажәара."

Гыцба: Иуа Коӷониа ирҿиамҭақәа рбызшәа, ижәлар рбызшәа иазааигәуп

Зны цхыбжьонынӡа ҳқыҭа салан,

Ахи аҵыхәеи еимдо…

Цәыӡ? Мап!

Сара споетуп, игәасҭон ҳқыҭа ишазҳаз,

Аԥша хаа сындо…

Ус сшааиуаз снадгылт,

Иуа иҳаҭгәын,

Ажәабжьқәак наиасҳәарц,

Сара исҭахын…

Иуа Коӷониа ипоезиа аҷараҳәа ашә аанартит ауаа рыгәқәа рҿы, еиҳараӡакгьы уи даара диқәгәыӷуан, сус хьанҭаҿы дсывагылап ҳәа дхәыцуан Дырмит Гәлиа. Убри азоуп уи иԥсра игәы зимнаҟьаз, иагьзиҩыз усҟан иҭыҵуаз агазеҭ "Еҵәаџьаа" аҟны абарҭ реиԥш ацәаҳәақәа: "Далгоит иҵара, ҳаԥсуа литература ирҿыхоит ҳәа ҳашиеигәырӷьоз, иҟалазеи?! Иҟалазеи, дычмазаҩуп ӷәӷәала рҳәоит. Ари иара дыздыруаз зегьы дыдбжьны ирылаҩит, ргәы канажьит, рнапқәа рываҳаит, еиҳарак аԥсуа литература амҩаԥгара знапы алакыз. Уажәы иҳаҳаит дыԥсит ҳәа, ари зынӡа агәкажьга."

Шәара шәазхәыц, усҟан уажәеиԥш еимадара дук злаҟамыз ала, ираҳаз ажәабжь бааԥс шаҟа ргәы ҿнаҟьаз, шаҟа иқәгәыӷуаз аӡәы ҳәа иҩаҵхахаз апоет қәрахьымӡа.

"Иуа инышәынҭраҿ" захьӡу апоет Мушьни Лашәриа иажәеинраалагьы абас, ажәлар рахь ихы нарханы агәра диргоит, иара иахьа дҳалагылагәышьам аха, ипоезиа шҳацзаауа…

О, сшәыкәыхшоуп араҟа иааиуа,

Ицо уи изқәа ҭыԥ баны.

Дшәыԥшаала, дхароума Иуа?

Уи дыҟоуп ҳажәлар рыгәҭаны!..

Апоет иахь ирымоу агәбылра, абзиабара, ус мариала ирзыҵәахӡом апоетцәа. Урҭ ипоезиаҿы ирыԥшаауеит ҳажәлар ргәаӷь, рфырхаҵара, ргәымшәара, раԥсуара, иссиру рбызшәа ахаара-бзаара, ҳажәлар иреиӷьӡоу рҟазшьа хазынақәа, ргәамч, иҿымцәаауа рхәышҭаара. Иаҳгәалаҳаршәап апоет Мушьни Миқаиа уи изикыз ажәеинраала "Апоет ибжьы" аҵыхәтәантәи акуплетқәа:

Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла аиҳабы Вахтанг Аԥҳазоу - Sputnik Аҧсны, 1920, 18.02.2017
Арадио
Аԥҳазоу: арҿиаразы амч сызҭаз Иуа Коӷониа иҩымҭақәа роуп

Уажәшьҭа убжьы нҭыганы усзаԥхьа жәеинраалак,

Уҿара абжьы хаа акаҩҳәа исырҳа!..

Еилыхха, ашьха рҩаш еиԥ еинҭәалан,

Са сгәы инықәхаҽап шәаамҭа ашәахәа…

Сқыҭа ашаеҵәа, исызгәакьоу хаҭала,

Ақәра хьымӡа дсацәажәоит ибжьы гәыкӡа…

Апоет инышәынҭраҿ стәоуп сара схала,

Ахәылԥаз аԥсымра каԥхоит иҭааӡа…

Насыԥ дууп апоет иажәа ижәлар рҿы ианынхо, урҭ егьа аамҭа бааԥс иҭагыларгьы, егьа еибашьреи хҵәареи ирылаԥшыргьы, иҭахо ирыцҭахо, ииуа ирыциуа, рбызшәа иаланы, рқьышә иқәкны, уи ахаара иазгәыҳәуа, есымша ианрыцу, иаарцыршәар, иангәхьаарго, ианамыртәо, ианамырҭынчуа.

Аҵыхәтәан, исгәаласыршәар сҭахуп, апоет-атрибун, зыԥсҭазаара зегьы цәқәырԥа- ӷьыкеиԥш изхызгаз, зҭахашьагьы гәыҿкаагахаз Борис Гәыргәылиа Иуа изикыз иажәеинраала анҵәамҭа:

Издыруада, иужәша аӡыхьгьы,

Ахы ыҵнамхызар зынӡа…

Аха иаанхеит уажәа ӡыхьны,

Угәҭыха адгьыл иахьыгӡа…

Иуа Коӷониа ипоезиа зцу, иаԥхьо, ҿырҳәала издыруа, згәы шьҭнахуа, амҵәыжәҩақәа знаҭо, шаҟа ирацәаҩхо аҟара, убриаҟара аԥсҭазаарагьы агьама аиуеит, ацәыха-цәыфарақәа ирцәыхарахоит, уарыцқьоит, уарлахҿыхуеит, агәашьамх узҭанаҵоит, ашьабысҭа ашьамхы уҵанаҵоит, ахьшьыцба алаԥш уханаҵоит, ашьха кьышәкьышәрақәа урзааигәанатәуеит!

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0