Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Идырым шьоукы Пицунда-Мысратәи аҳәырԥсарраҿы ишәарыцон

© Foto / Пицундо-Мюссерский заповедникПоследствия шторма в Пицундо-Мюссерском заповеднике
Последствия шторма в Пицундо-Мюссерском заповеднике - Sputnik Аҧсны, 1920, 20.03.2024
Анапаҵаҩра
Аҳәырԥсарраҿы ашәарыцара азин ыҟаӡам.
АҞӘА, хәажәкыра 20 – Sputnik, Бадри Есиава. Идырым шьоукы Пицунда-Мысратәи аҳәырԥсарраҿы ишәарыцон. Амзара агәаҭараан амҩахәасҭақәа рҿы аџьазцәа каԥсаны ирбеит ҳәа Sputnik иазеиҭалҳәеит аҳәырԥсарра аиҳабы аҭҵаарадырразы ихаҭыԥуаҩ Сабина Лобода.
Аҳәырԥсарраҿы ашәарыцара азин ыҟаӡам, аха аҵакыра ахьдуу азы ахылаԥшра уадаҩуп. Аҵыхәтәантәи шықәсыбжак аҩнуҵҟа аџьазцәа хәыџьара икаԥсаны ирбахьеит лҳәеит Лобода.
Аҳәырԥсарра аусзуҩцәа асоциалтә ҳақәа рҿы аҳәара ҟарҵеит ара имшәарыцаларц.
"Макьана џьаргьы ашшра ҳҭахым, асоциалтә ҳақәа рыла ауаа ргәы рҽанаҳҵар ҳҭахуп. Иҟазаап ауаа, аҳәырԥсарраҿы ашәарыцара шыҟамло ззымдыруа. Ҳкьыԥхьымҭақәа ахҳәаақәа рырҭон ргәы иалырсны. Шәарыцаҩык аҭел дасны дҵаауан – ашәарыцара зыҟамлозеи ҳәа. Ҳара уи зыҟамло изеиҭаҳҳәеит. Анцәа иџьшьаны, ҳаиликааит, ииашаны идикылеит", – лҳәеит Лобода.
Лара иара убасгьы илҳәеит аҳәырԥсарра абнахьчаҩцәа азинеилагара шыҟоу азы ашшыԥхьыӡ рҩыр шрылшо, аха уи азы еилазгаз изку адыррақәа умазароуп, уи ашьҭахь ауп апрофильтә усбарҭақәа, аԥсабарахьчаратә прокуратура рахь адырра ҟауҵар анауа ҳәа.
Ажәабжьқәа зегьы
0