Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Атәылауаҩи аиҳабыреи: Амҷба аԥсаатәқәа рчымазара иацу ашәарҭара атәы

Атәылауаҩи аиҳабыреи: Амҷба аԥсаатәқәа рчымазара иацу ашәарҭара атәы
Анапаҵаҩра
Аԥсаатә еимҳәа ахы шцәырнаго, акәтқәа нҵаны измоу уи ачымазара шрылалаз злеилыркаар рылшо, насгьы иҟоума агәыр ирыларҵаша, арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит Очамчыра араион аветеринартә маҵзура аиҳабы Ахра Амҷба.
Аветеринар иазгәеиҭеит иҳаҩсыз ашықәс анҵәамҭазы акәтқәа амырза чмазара шрыдбалаз, уи аанкылара ауеит алаҵа ала. Араион аҟны аусурақәа мҩаԥган ачымазара аԥырҟәҟәааразы ҳәа иҳәеит Амҷба. Аԥсаатә реимҳәа шыҟоу азы ааигәа ишьақәырӷәӷәан амшын агаҿа ихыжьлаз акәата хкқәа рбиоматериал Урыстәыла алабораториаҟны иҭҵааны аҭак анырзаарышьҭ иҳәеит аветеринар.
"Арҭ аштаммқәа рацәаны иҟоуп. Агәыӷра ҳамоуп аҩнатә ԥсааҭәқәа мҟьашьыкәа иҳахьчап ҳәа, ари аштамм еиҳараӡакгьы изыхьуа амшын иху аԥсаатәқәа роуп. Еиԥымлакәа, еизааигәаны еиқәымшәакәа ачымазара еимырдаӡом, аҳауала еиҭаҵӡом шамахамзар. Абнатә ԥсаатәқәеи, амшын ихуи, аҩнатә ԥсаатәқәеи еиқәшәар, еибаҟьашьыр алшоит. Анхацәа рыҩнатә ԥсаатәқәа рзыхьчар, ачымазара аанаҳкылоит", - иҳәеит Амҷба.
Иара еиҭеиҳәеит аԥсаатә еимҳәеи аԥсаатә мырзеи еиԥшымзаарас ирымоу.
"Ари (аԥсаатә еимҳәа (агрипп) азы - азгәаҭа) анерв системала еиҳараӡак ицәырҵуеит. Аԥсаатә ахы гьежьуа, иахьцо-иахьаауа азымдыруа, аныҟәара ацәыуадаҩны, амҵәыжәҩақәа рхаханы икны иҟазар, убри раԥхьатәи симптомқәоуп. Егьи амырза зыхьуа ус иҟаӡам, алахь еиқәуп, итәоуп мышк-ҩымш, иԥсыр ауеит, аха аиқәырхарагьы мариоуп, ачымазара лассы еиҭаҵӡом. Уажәы ауаҩы 20-30 цыра имазар( акәтқәа-азгәаҭа), хԥа-ԥшьба ирыхьны иԥсыр, ачымазара аанкылар ауеит. Ашәарҭара дуқәа зцу, ҳзыцәшәо, зегь ҳазҿагыланы ҳаззықәԥо аԥсаатә реимҳәа (агрипп) ауп уажә ҿыцны иҳазцәырҵыз", - иҳәеит Амҷба.
Иара иазгәеиҭеит агәҽанызаара ду шаарԥштәу, ичмазаҩу, мамзаргьы амшын аҟны иԥсны ирԥыхьашәало аԥсаатәқәа рҟынтәи аҽацәыхьчара шаҭаху. Анхацәа рахь ааԥхьара ҟаиҵеит даҽа аамҭанык еиԥшымкәа агәҽанызаара аадырԥшларц, рыҩнатә ԥсаатәқәа ирхылаԥшларц, ачымазара рыдырбалар, аветеринарә маҵзура иадҵааларц, уи аусзуҩцәа иахәҭоу амҩа ишықәырҵо.
Аицәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.
Ажәабжьқәа зегьы
0