Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Sputnik амчыбжь: Шоҭа Арсҭаа иԥсҭазаара далҵит, ахада Москва иҟазаара, аҭәаҵла ахәшәтәра

© Sputnik / Томас ТхайцукЛипа на Лыхнашта
Липа на Лыхнашта - Sputnik Аҧсны, 1920, 01.04.2024
Анапаҵаҩра
Аинформациатә маҵзура Sputnik Аԥсны иазнархиеит хәажәкыра 25-31 рзы ареспубликаҿы аҭыԥ змаз ажәабжьқәа инарылукааша рыхҳәаа.
Sputnik
Шоҭа Арсҭаа иԥсҭазаара далҵит
Аҵарауаҩ ду, абызшәаҭҵааҩы, афилологиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, апрофессор, академик, "Ахьӡ-Аԥша" аорден I аҩаӡара занашьоу Шоҭа Арсҭаа иԥсҭазаара далҵит 95 шықәса дшырҭагылаз.
Шоҭа Арсҭаа диит Гәдоуҭа араион Оҭҳара ақыҭан, 1929 шықәсазы, март 10 аҽны.
Ҳагԥҳа Шоҭа Арсҭаа изы: ҿыц еиҵагылоз аҵарауаа ҳхы агәра ҳиргон  - Sputnik Аҧсны, 1920, 29.03.2024
Арадио
Ҳагԥҳа Шоҭа Арсҭаа изы: ҿыц еиҵагылоз аҵарауаа ҳхы агәра ҳиргон
Шоҭа Арсҭаа – академик, афилологиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, Аԥсны Апарламент аҟны ауаажәларратә комиссиа алахәыла, Аԥсны агуманитартә ҭҵаарадыррақәа ринститут аусзуҩ иналукааша кавказҭҵааҩын. Аԥсуа бызшәа аҭҵаараҿы илагала шьардан. Иара Аԥсны аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа аԥхьатәи ахадас дыҟан, "Ахьӡ-Аԥша" аорден I аҩаӡара ианашьан.

Атәыла ахада иусуратә ныҟәара

Аԥсны Аҳәынҭкарра Ахада Аслан Бжьаниа Урыстәылатәи Афедерациаҟны иусуратә ныҟәара хиркәшеит. Аҳәынҭқарра Ахада Москва иусуратә ныҟәарақәа аҳәаақәа ирҭагӡаны аиԥыларақәа жәпакы мҩаԥигеит.
Аиԥыларақәа мҩаԥысит Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Иусбарҭаҟны, ҷыдала, Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа Анапхгаҩы Антон Ваинои уи ихаҭыԥуаҩ Дмитри Козаки дырԥылеит. Асоциал-економикатә аҿиара иадҳәалаз ҩ-ганктәи азҵаарақәа ирылацәажәеит.
Иара убас, имҩаԥысит Аслан Бжьаниеи Рашид Нургалиеви реиԥылара.
Аслан Бжьаниа иусуратә ныҟәара аҳәаақәа ирҭагӡаны даҭааит Урыстәылатәи Афедерациа адәныҟатәи аусқәа рминистрра, уаҟа агәаларшәагатә шәҟәаҿы "Крокус Сити Холл" иҟалаз атеракт иахҟьаны иҭахаз ргәалашәара ахьӡала анҵамҭа аанижьит.
Аслан Бжания  - Sputnik Аҧсны, 1920, 26.03.2024
Аԥсны
Аслан Бжьаниа Урыстәыла АдәАР аҟны агәаларшәаратә шәҟәаҿы анҵамҭа нижьит
Аслан Бжьаниа Аԥсныҟа даныхынҳә имҩаԥигеит аусутә еиԥылара. Уа ирылацәажәеит аҩнуҵҟатәии адәныҟатәии аполитика, асоциал-економикатә ҿиара, ашәарҭадара алыршареи, атәыла аԥсҭазаараҟны егьырҭ ахырхарҭақәеи ирыдҳәалоу азҵаарақәа.

Виолетта Маанԥҳа лиубилеи

Аԥсны Жәлар рартистка Виолетта Маанԥҳа 85-шықәса лхыҵра аиубилеи азгәалҭеит. Ари амш лыдырныҳәалеит Аԥсны акультура аминистр и.н. Динара Смырԥҳаи Аԥсуа драматә театр адиректор хада Алхас Ҷолокәуеи.
Аԥсны Жәлар рартистка Виолетта Маанԥҳа диит хәажәкыра 26, 1939 шықәсазы. Шоҭа Русҭавели ихьӡ зху Қарҭтәи атеатртә институт даналга Самсон Ҷанба ихьӡ зху Аԥсуа драматә театр атруппа далалеит.
Виолетта Маанԥҳа - қәҿиарала аԥсуа сценаҿ иналыгӡеит абас еиԥш иҟоу арольқәа: Ҳанифа ("Анаурқәа", Д.Гәлиа, 1961), Апринцесса ("Аҳәынҭқар кьантаз", Е. Шварц, 1962), Дездемона ("Оттело" У. Шекспир, 1964), Лика ("Сара с Марат рыцҳа" А. Арбузов, 1965), Нуца ("Уаҟа – ишышәҭаху" Б. Шьынқәба, 1977), Адица ("Аӡыхь абжьы" Шь. Аџьынџьал, 1977), Роза ("Брисбенантәи ахҵәаҩы") уҳәа егьырҭгьы. Иара убас акинофильмқәа рыҟны "Хҭарԥа шкәакәа", "Иԥшьоу ажьирҭа асаркьал", "Амзаҿа ангыло".
Виолетта Маанԥҳа иланашьоуп "Ахьӡ-Апша" аордена III аҩаӡара, "Аџьа аветеран" амедал.

Лыхнашҭатәи аҭәаҵла ахәшәтәра

Лыхнашҭатәи аҭәаҵла адацқәа арҵәыра рырҭоит аԥснытәии китаитәии агрономцәа ааԥынразы ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит аекологиаз Аԥсны Аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩы Савели Ҷыҭанаа.
"Актәи ахәҭазы иахәҭаны иԥхьаӡаз аусқәа зегьы ҟаҵоуп. Уи аҵла иахәеит. Ҭагалан амшцәгьақәа, аҳауаҽыԥсахрақәа аԥырхагамхеит. Абӷькаԥсара акәзар, ишахәҭаз имҩаԥысит. Иахьатәи аамҭаз аҵла еиҭашьақәгыланы иаабоит", - ҳәа иҳәеит иара.
Ҷыҭанаа иҳәеит аҵла адацқәа рырҵәра шымҩаԥгахо Китаи иҭрыжьуа ахәшә ала.
Многовековое дерево повредили на исторической поляне в селе Лыхны - Sputnik Аҧсны, 1920, 26.03.2024
Аԥсны
Лыхнашҭатәи аҭәаҵла арҵәыра арҭоит аԥснытәии китаитәии агрономцәа

Аԥсны афинанстә цхыраара

5,6 миллиард мааҭ афинанстә цхыраара аиуеит Аԥсны 2024 шықәсазы ҳәа иҳәеит Урыстәыла аекономикатә ҿиара аминистр ихаҭыԥуаҩ Дмитри Вольвач.
Аиҳабырабжьаратә еиқәшаҳаҭрақәа инарықәыршәаны аԥарақәа атәыла асоциал-економикатә ҿиареи абиуџьеттә инвестициақәеи ирзырхахоит.
Вольвач иҳәеит сынтәа ареспублика аҿиара ишацхраауа аинвестициатә капиталгьы. Аиҭашьақәыргылара иалагахьеит 12 миллиард мааҭ зыхҭынҵахо аҳаирбаӷәаза ҳәа иҳәеит иара.

Аҟәеи Дамаски аиқәшаҳаҭра рнапы аҵарыҩуеит

Шьамтәыла аҳҭнықалақь агубернатор Мохаммад Тарек Кришати Шьамтәыла иҟоу Аԥсны ацҳаражәҳәаҩ Мухаммад Алии еиԥылеит.
Аиԥылараан иалацәажәан Аҟәеи Дамаски аусеицуразы аиқәшаҳаҭра анапаҵаҩра азҵаара. Аиқәышаҳаҭра азырхиоуп аԥснытәии шьамтәылатәии аганқәа реицусурала.
Иара убасгьы иазааҭгылан аекономика, атуризм, амаҵзура русхкқәа рҟны ҩ-ганктәи аусеицура арҭбаара азҵаара.
Уи адагьы Шьамтәыла иҟоу Аԥсны ацҳаражәҳәаҩ Мухаммад Алии Шьамтәыла Абанк хада аиҳабы Мохаммад Ессам Хазмехи еиԥылеит. Урҭ абанктә усхки ахәаахәҭра-економикатә еимдара аусхки рҟны аинырра иалацәажәеит.
Ажәабжьқәа зегьы
0