Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Ашәба ақьырсиа дин иадҳәалоу ашәҟәқәа аԥсшәахь реиҭагара атәы

Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Ашәба ақьырсиа дин иадҳәалоу ашәҟәқәа аԥсшәахь реиҭагара атәы
00:00
1
  • 0,8
  • 1
  • 1,5
  • 2
iАҭыжьра иазкны
Арадио
Sputnik Аԥсны асаит аҿы арадио азыӡырҩра алшара ыҟоуп
Аепизодқәа зегьы рыхәаԥшра
Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Ашәба ақьырсиа дин иадҳәалоу ашәҟәқәа аԥсшәахь реиҭагара атәы
Анапаҵаҩра
Аԥсуаҭҵааратә институт аиҳабы Арда Ашәба арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит аԥшьаҩыра иадҳәалоу ашәҟәқәа ҩба аԥсшәахь ишеиҭеигаз, шаҟа аамҭа аҭаххаз уи.
Ақьырсиандинхаҵара иадҳәалоу аԥсшәахь еиҭагоу ҩ-шәҟәык рӡыргара мҩаԥысит Дырмит Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт аҿы. Руак "Аевангелие Лука иҟынтә ажәамаанақәа ԥшьба аԥсышәала", егьи "Аԥааимбар Иона ишәҟәы". Ашәҟәқәа ҭыжьуп Москва Абиблиа аиҭагара аинститут аҟны. Атираж зқьы-зқьы цыра ыҟоуп. Дара еиҭеигеит аҵарауаҩ Арда Ашәба.
Аԥшьаҩыра ашәҟәқәа аԥсышәала реиҭагара нап аркын 1865 шықәсазы ҳәа азгәеиҭеит Ашәба. 1866 шықәсазы иҭыжьын "Иаазыркьаҿу аԥшьаҩыра аҭоурых". 1912 шықәсазы иҭыжьын Аевангелие аԥсышәала.
Ашәба иҳәеит ҿыц аԥсшәахь еиҭагоу аԥшьаҩыра иадҳәалоу ашәҟәқәа руак хышықәса инацны аиҭагара шаҭаххаз, избанзар аурысшәа аҟынтә акәымкәа, иара злаҩу ауриа бызшәа иазхьаԥшын. Ашәҟәқәа атеологиатә редакторс дрымоуп Џьеимс Хамԥсон.
"Мрагыларатәи ажәларқәа рхәыцшьеи ргьамеи, аԥсабара асахьа шҭырхои, реиҿартәышьа иаҳа иазааигәоуп (ауриа бызшәа аҟынтәи аиҭага азы-азгәаҭа). Жәытә жәларны ҳахьынхо амра ахьгыло, амра иаанагаз аԥхареи, акультуреи, аҿиареи рҟны иаҳа ҳаиқәшәоит", - иҳәеит Ашәба.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.
Ажәабжьқәа зегьы
0