"Ашышкамс аусушьа дазхәыцыр, абзамыҟәгьы ахшыҩ иоуеит": ашышкамси ауаҩи реиҿырԥшрахьтә
© Sputnik / Илья ТиминМуравей на ромашке
© Sputnik / Илья Тимин
Анапаҵаҩра
Ашышкамси ауаҩи реиҿырԥшра аазырԥшуа аматериал ҳадылгалоит Аԥсуаҭҵааратә институт афольклортә лабораториа аусзуҩ Сусанна Ҭаниаԥҳа.
Ааԥын ауапа иаҵәа илаҳәоуп. Аҳауа цқьаӡа, амаҷар иаҩызаха, иҿыхааӡа иасуеит. Ақыҭан, ана-ара амхқәа ирҭыҩуа иалагоит анхацәа рыбжьқәа. Ааԥын - ԥсы зхоу зегьы анҿыхоу, аус рҽаназыркуа ашықәс аамҭоуп.
Амра аҳра анагалак, аусура иазыҳаҵаҳаҵо иаацәырҵуеит ашышкамсқәа. Дара ишырҟазшьоу ала еимгеицарак итәаны иубаӡом.
Ауаҩи ашышкамси реиҿырԥшрахьтә
Аџьа ауаҩы дааӡоит, ипату, иуаҩра шьҭнахуеит. Ауаҩы еснагь иҽазишәоит, инхара аиҿкаара, акрура, уи дзыхандеиуа ихазы мацара акәым, иуа-иҭынха даниҭаауа дыԥхамшьарц, исас гәашә аартызарц азоуп.
Анхара иацәаашьо, зхатә џьабаала инхо дырҿыԥшыр акы илҵыргьы ҟалоит ҳәа агәыӷра аарԥшуа, алабжьаратә ҵакы зныԥшуа ажәлар идырҿиаз ажәаԥҟақәоуп: "Ашышкамс аусушьа дазхәыцыр, абзамыҟәгьы ахшыҩ иоуеит", "Ашышкамси ашьхыци русура дазхәыцыр, абзамыҟәгьы ахшыҩ инарҵоит".
Ашышкамси ауаҩи рҟазшьа аганқәа ахьеиқәҿырҭуа рацәаӡоуп.
Иаагозар:
"Ашышкамс еиԥш аус иуеит" - зыбаҩ иацәымаашьоу ауаҩы ихҳәаауп.
"Ашышкамс амч имоуп" - иара иаасҭа акырынтә еиҳау амаҭәарқәа рышьҭыхра зылшо изкны ирҳәоит.
"Ашышкамс аҷаҷа ахькыду идыруеит" ҳәа изырҳәоит ажәлар рыгәҭа ацәажәара зылшо, ауаа реинраалара иазҟазоу.
"Ашышкамс еиԥш л(и) ӡара поуп" - аҭыԥҳа ма арԥыс рҭеиҭыԥш аарԥшра иазкуп.
"Ашышкамс даӷрагылом" - зхатә џьала инхо, аӡәгьы ԥырхага изымҭо ауаҩы ҳалал ихҳәаауп.
Аԥсуа бызшәа иалоуп арацәа хыԥхьаӡара азырбо ажәа "апыла". Иаагозар, ицәажәо дзацәажәо ирзеиҭеиҳәо ахҭыс агәра диргарц, аԥсы ахаҵаны иҳәоит: "Ашышкамс еиԥш ар пыланы идәықәлеит еибашьра", "Ауаа планы иааит", "Ашышкамс пыланы ашьақар иақәтәеит" уҳәа. Ажәа "апыла" азы даҽакала "ипылыпылуа" рҳәоит.
Ашышкамсқәеи азгәаҭарақәеи
Амш аныбзиоу ашышкамс анцәырымҵ – амшцәгьа иазҳәоуп.
Ашышкамс адгьылаҿ ианырацәоу ашықәсан, насгьы иахьырацәоу аҭыԥ аҿы аарыхра ҟалоит.
Аҩны аргылара згәы иҭазкыз аԥшәмацәа иалырхыз аҭыԥ ԥхьаҟа рӷьацаразы иаԥсоу иаԥсаму аилкаараҟны ахыз рхы иадырхәон абасала: ахаҳә ду наганы ишьҭарҵон, нас иҩышьҭыхны ахыз аҵарҭәон. Ҩаха-ҩымш рышьҭахь инеины иаҵаԥшуан. Ахаҳә рацәак идуум ашышкамс еиқәаҵәа аҵазар, аҩны ургылар ҟалоит, уа иҭыԥ мшуп рҳәон.
Аҩны аргылара ишаҿу, иаалырҟьаны ашышкамсқәа афатә рҿыҵакны, уаантәи еиханы ацара иалагар, аҭыԥ амшьҭа цәгьоуп ҳәа аусура ааныркылон. Ус акәымкәан, ашышкамсқәа рыфатә рыманы аргылара ахьцо аҭыԥ ахь ааира иалагазар, аҿыцынхацәа ргәы шьҭнахуан, иахьҭыԥ маншәалоу азы.
Аиҿкаа змоу
Ашышкамсқәа "реиҿкаа бзиоуп". Дара-дара еицхыраауеит, рыӡын хәы еиқәдыршәоит. Аусура зҭахым аашьацәа рацәак ирыладыргылом, ус иҟоуп рдунеи азакәанқәа.
Баграт Шьынқәба иҭоурыхтә роман "Ацынҵәарах" иагәылоу алакә абра иаазгар сҭахуп. Ари алакә ибзианы ианыԥшуеит ашышкамсқәа шаҟа еиҿкаау:
"... Дыҟазаарын аӡәы, адунеи аҿы ԥсы зхоу зегьы рыбызшәақәа здыруаз. Зны дышнеиуаз, изгәамҭаӡакәа шышкамск днаӷрагылт.
– Уабатәи уаҩагоу, ушьапы ахьургыло узымдыруа амҩа иану! - агәы нырханы ицәажәеит ашышкамс. Ани абызшәақәа зегьы имаҳауази, ашышкамс аашьҭихын, днахәаԥшит.
– Мшәан, арахь ухәыҷны, ухы заҟа иҟәазузеи? - иҳәеит иара.
– Иҟоуп, нас, уи зырҭәыша ахшыҩгьы! – аҭак ҟанаҵеит ашышкамс.
– Уӡарагьы заҟа ипоузеи, мшәан, акрыфара уаҟәыҵма зынӡас?
– Исфозаргьы, сызхара ауп исфо, зымгәацәажәқәа еиҵызҳәо среиуам!
– Ус акәзааит, аха шықәсык заҟа узыфарызеи усгьы?
– Иага сҽысшәаргьы, чарыц заҵәык ада сзыфом шықәсык!
– Иаабап, нас, ус акәзар! - иҳәан, ани ауаҩ ашышкамс чарыцк намҵаршәны, кәалаԥк инҭахиҩеит.
Шықәсык ниасит, аха ани ауаҩ ашышкамс ихашҭит. Ус зны иааигәалашәан, акәалаԥ аартны дылҭаԥшызар, ашышкамс чарыцбжак ауп иафаз, егьи ус иҟан.
– Уаҳа шԥоузымфеи? - дҵааит ани ауаҩ.
– Сҽааиҿысымкаар ԥсыхәа ҟамлеит, - иаацәажәеит ашышкамс.
– Избанда, шықәсынаҟьак харадабарада абахҭа лашьцара сҭаршәын, сагьугәаламшәеит, иара убас даҽа шықәсыкгьы сугәаламшәар ҟалон, усҟан азы иаансыжьит егьи азбжа".