Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

"Дыԥсны дыбзахеит": аибашьра Ду аветеран Џьота Џьапуа изкны

© Foto / из архива семьи Джопуа Аибашьра Ду аветеран Џьота Џьапуа
Аибашьра Ду аветеран Џьота Џьапуа - Sputnik Аҧсны, 1920, 03.05.2024
Анапаҵаҩра
Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡаҿ игаз Аиааира 79 шықәса ахыҵра аламҭалаз ажурналист Саида Жьиԥҳа ишәыдылгалоит аибашьра аветеранцәа рҭоурыхқәа.
Аџьынџьтәылатәи аибашьра Ду аан, Ҭхьынантәи хатәгәаԥхарала Асовет Еидгыла ахьчара иазгылаз дреиуан Џьота Шьаҳан-иԥа Џьапуа. Иара ӷәӷәала данырхә, "зны зыԥсы ҭоу алаҳгап, ари усгьы дшьуп" рҳәан, амедеиаҳәшьцәа уахыки-ҽнаки иааигәара анеиха рмоуӡеит. Аха, "уара иушьуа анцәа дишьуам". Џьота Шьаликәа-иԥа иԥсы еиқәхеит. Мчыла аԥсҭазаара даназыхынҳә, ҩаԥхьа афронт ахь дыршьҭуеит. Аибашьҩы иҭоурых анҵоуп иԥҳа Ҭали Џьапуаԥҳа лажәақәа рыла.
Очамчыра араион, Ҭхьына ақыҭа унеишь-уааишь ҳәа ззырҳәоз Шьаҳан Џьапуа иҭаацәаратә ԥсҭазаара лахьеиқәҵарала иалагеит. Иԥшәмаԥҳәыс Аргәынԥҳа (лыхьӡ ргәалашәом) ахшараиура дахԥсааит. Ҭарсхан зыхьӡырҵаз асаби ианшьцәа дыргоит. Акраамҭа анҵлак, Шьаҳан динасыԥхоит Дусиа Акабԥҳа. Зхатә џьабаала инхоз аҭаацәа ирааӡеит фҩык ахшара, хҩык аԥацәеи хҩык аԥҳацәеи. Аишьцәа иреиҳабыз Ӡаӡ 28 шықәса роуп иниҵаз, аха аҭоурых аҟны ишьҭа нижьит, арԥыс деицырдыруан иџьбараз, зыжәлар рзы згәы былуаз аӡә иакәны.
Аишьцәа Царгәышаа - Sputnik Аҧсны, 1920, 02.05.2024
Аԥсны
"Хә-лахьынҵак": Аџьынџьтәылатәи аибашьра Ду иалахәыз аишьцәа Царгәышаа рҭоурых
1941 шықәсазы Аџьынџьтәылатәи аибашьра Ду ианалага, 19 шықәса зхыҵуаз Џьота хатәгәаԥхарала аибашьра дцеит. Уи аамҭазы рықәра наӡамкәа рыдунеи рыԥсаххьан рани раби. Џьота дақәшәеит Керч.
"Керч ӷәӷәала аибашьра цон. Анемеццәа ашьа кадыршит уи ахырхарҭаҟны. Саб иҩызцәеи иареи рахьҽыԥхьаркуаз аҭабиа арҭҟәацга анҭарыжь, зегьы еилаҟәаҟәа иргеит. Сабгьы азныказы дҭахеит ҳәа дырԥхьаӡеит. Зегь раԥхьа аибашьра адәаҟнытә иаларго иалагеит ахәцәа, аԥсцәа макьаназы рааигәара анеиха рымамызт. Убри аҟнытә саб уахыки ҽнаки, ицәеижьи изнапык аҟны ихыҵәҵәаз инацәкьарақәа ҩбеи ашьа шрылҵуаз аҭабиаҿы дынхеит. Аԥсцәа рҭыгара аамҭа анааи, иԥсахәа шҭаз анеилыркаа агоспиталь ахь дыргеит", - еиҭалҳәоит аибашьҩы иԥҳа Ҭали Џьапуԥҳа.
Апалатаҟны Џьота дицшьҭан Азербаиџьантәи аибашьҩы. Уи ихәрақәа ирхырҟьаны убриаҟара ахьаа иман, аиара дахьамаз ихы иҵәыуон. Џьота арԥыс иҟәаҟра изхгомызт, илаӷырӡқәа иҿашы дицҵәыуон.
"Саб ицшьҭаз аибашьҩы зынӡа имчқәа анкәадаха, апалата иааҩналеит гәыԥҩык ахалаҭ шкәакәақәа зшәыз. Дара абаҭлыкақәа ихадыргылан ишьа илырхит. Ашьҭахь дындәылганы дыргеит. Игьежьны ианааи, саб иааихагылеит. "Сара сыԥсы ҭоуп, шәсыламкьысын" ҳәа дыҳәҳәеит. "Умшәан, Џьапуа, уҩыза усгьы дыԥсуан, иара ишьала уара уеиқәҳархоит" рҳәан, азербаиџьан ҷкәын ишьа иара иларҵеит. Ажәакала саб дыԥсны дыбзахеит. Аԥсҭазаарахь ихынҳәра зыбзоураз аибашьҩы ахаан игәы дҭыҵуамызт, идунеи иԥсахаанӡа иӡбахә иҳәон", - ажәабжь иацылҵоит аибашьҩы иԥҳа.
Џьота агоспиталь аҟынтә данылырҩаа, ҩаԥхьа Керчҟа дыршьҭуеит. Уи аамҭазы Ҭхьынаҟа ашәҟәы ааит "Џьота Шьаҳан-иԥа Џьапуа" дҭахеит ҳәа. Ауа, аҭынха зегьы аибашьҩы имаҭәа кҿаҵаны аҵәыуара мҩаԥыргеит. Ус 40 мшы ааҵуаны, аԥсхәра аҽны ақыҭсовет ашә даалагылеит Џьота.
Уаҳаид Чуаз - Sputnik Аҧсны, 1920, 26.02.2022
Аԥсны
"Аамҭа иаӡрыжәыз аибашьҩы": Уаҳаид Чуаз изкны
"Ақыҭсовет ашҭаҿы игылаз саб иҩызцәа данырба азныказы ишанхеит. Нас рхаҿы иааит иҟалацәҟьаз. Аха иара идмырдырӡеит дшырҵәыуахьаз, иахьа 40 мшы шышьҭырхыз. Еилагылаз аҷкәынцәа рахьтә рауаӡәы Милтон Дашьелиа ҳәа иҟаз даарылҵын, "сара угәакьацәа гәырӷьаҿҳәаша рзызгоит" иҳәан иҿынеихеит. Агәашә аԥхьа данааи "агәырӷьаҿҳәаша аазгеит, шәдәылҵ" ҳәа ҿааиҭеит. Саб иаҳәшьцәа "Џьота иаамышьҭахь ҳзыргәырӷьо иҟоузеи" ҳәа ашҭахь ианнеи "иԥсы ҭоуп, насыԥ иман" ҳәа раиҳәеит. Џьота иаҳәшьцәа ираҳаз ажәабжь рыԥсы рыланаршәшәеит. Рымч анааи, ашҭаҿы Милтони дареи шеидтәалаз аусҳәарҭаҟнытә Џьота иҩызцәа дрыгәҭылакны ашәа ҳәо ашҭа иааҭалеит", - лаб аибашьрантә дшааз атәы лҳәоит аԥҳа.
Џьота дшыхәыҷызнатә ихшыҩ ҵарын. Усҟан арҵага шәҟәқәа маҷын аҟнытә, еиҳа аҵара зықәманшәалахоз ракәын знапаҟны инаргоз. Џьота урҭ рыгәҭа дыҟан. Аибашьра иԥырхагамхазтгьы, аҵарадырра аганахьала арԥыс аԥеиԥш бзиа изыԥшызаауан.
Афронт ашьҭахь, Џьота аусура далагоит иқыҭаҟны. Инапы ианҵан аколнхаратә шәырҭра ахылаԥшра. Џьота 44 шықәса анихыҵуаз ауп аҭаацәара даналалаз. Иара динасыԥхеит хьӡи-ԥшеи змаз, Отаԥ ақыҭа еицырдыруаз Кәасҭа Қәҭалиа иԥҳа, 19 шықәса зхыҵуаз Зина (Ҭина).
Џьотеи Зинеи хҩык ахшара рхылҵит, ҩыџьа аԥацәеи аԥҳаи.
© Foto / из архива семьи Джопуа Аибашьра Ду аветеран Џьота Џьапуа
Аибашьра Ду аветеран Џьота Џьапуа - Sputnik Аҧсны, 1920, 02.05.2024
Аибашьра Ду аветеран Џьота Џьапуа
"Ҳаб аибашьраҟны иибаз аџьабаақәа заа ихьӡеит. Ҳара зынӡа ҳқәыԥшқәан иара идунеи аниԥсахуаз. Ахаҵа изы 63 шықәса акыр аҵанакуама, аха… Ҳан, абарҭ раб дыҟам ҳәа, аӡә иашьҭахь ҳалмыргылеит, ак ҳагмыжькәа ҳшьапы ҳақәлыргылеит", - ҳәа азгәалҭеит Ҭали Џьапуаԥҳа.
Аҩбатәи агәыԥ аинвалид Џьота Шьаҳан-иԥа Џьапуа, аибашьра адәаҟны иааирԥшыз агәаӷьразы ианашьоуп хыԥхьаӡара рацәала амедалқәеи аорденқәеи.
Ажәабжьқәа зегьы
0